АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2024

Ҷлоу акоманда аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» азы атурнир аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, астадион «Динамо» аҿы имҩаԥысит аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» азы атурнир аҿы аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара иазкыз ацеремониа.  

Атурнир афинал аҿы Ҷлоу ақыҭа акомандеи Ҭырқәтәылантәи аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵышьҭрақәа ркомандеи еиԥылеит. Уи асчиот  8:6 ала аиааира агеит, убри ала актәи аҭыԥгьы ааннакылеит.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҭырқәтәылатәи ақыҭа Балбала (Калдахәара) аҟынтәи аԥсуа диаспора акоманда. Ахԥатәи аҭыԥ еиҩыршеит Афон Ҿыц акомандеи аҟәатәи ашкол №5 акомандеи.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа амҩаԥгаҩ Адгәыр Гәынба ахәмарра «Аимцакьачара» алахәхара азы  маха-шьахала аҽазыҟаҵара бзиа,  аҽазҵәылхра, аилқьа-еилӷәыцәра реиԥш иҟоу аҟазшьақәа умазар ахәҭоуп, ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Афиналтә хәмарра аҿы аиааира ргеит зегьы реиҳа иазыҟаҵаз аспортсменцәа. Ҷлоуаа – ари абар шьҭа фы-шықәса инарзынаԥшуа ихәмаруа, аԥышәа змоу акоманда ауп. Сара сгәаанагарала, урҭ убасгьы ари аицлабрақәа рықәҿиеит, аманшәалара рыцын», - ҳәа иҳәеит иара

Атурнир аҿы аиааира згаз акоманда иҷыдоу ахраҿа ранаршьеит.

Аиааира згази аԥхьахәқәа згази амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьахеит.

Зынӡа атурнир рхы аладырхәит 9 командак.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит – Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс (ВААК), Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.  


Read 69 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.