АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2024

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит. Кудсиа араион аҿы аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы, алагарҭатәи аҽазыҟаҵаратәи аклассқәа рҿы итәоу 150-ҩык ахәыҷқәа ашколтә маҭәахәқәа рыҭан. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ахәыҷқәа рҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәеи еиԥылеит Дамаск, Ачерқьес гәыҳалалратә еилазаара аштаб-квартираҿ. Аиԥылара далахәын еицырдыруа артистка, ЕАР ацҳаражәҳәаҩ Муна Вассеф.

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ачерқьес гәыҳалалратә еилазаара ахантәаҩы адоктор Гассан Шора, адиректорцәа Рхеилак алахәылацәа.

Ауснагӡатә еиҿкаан Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммада Алии Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Гаиса Аль-Харки раԥшьгамҭала.

Аусмҩаԥгатә хыркәшан адиаспора аҟынтәи астудентцәа рықәгыларала, урҭ амилаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит.

 


Read 24 times - Ахаша, 11 Цәыббра 2024 08:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.