Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, уи инамаданы, жәаҳәарада аԥсшьаҩцәа здызкыло аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азҵаара ықәгылоит. «Иаҳзаауада, ҳара аԥсшьаразы зегьы рыла иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳамҵар? Ҳаппонентцәа лассы-лассы ирационалданы адгьылқәа рхархәаразы аҽԥныҳәақәа ҳарҭоит. Иаагозар, зҵакыра 300 нызықь гектар инарзынаԥшуа Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа – Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа. Иарбоу апроект анагӡара азы иаҭаххоит 100 - 150 гектар адгьыл. Аппозициа ахаҭарнакцәа ажәлар рыхәҭак ари апроект хәарҭа алам, уимоу иаҳԥырхагоуп ҳәа агәра ддыргеит. Аха аус аҿы уи хара злоу проектны иҟоуп. Ари еиҭамҵуа амазара аазхәало ауаа, ҳара ҳахь иааны ҳекономика аҿиара иацхраалоит, ҳбиуџьет ахь ашәахтә шәатәқәа аларгалалоит. Арҭ ахашәалахәқәа ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи, ҳхәыҷқәа рыкрыфареи реилаҳәареи рырҿиареи, уҳәа рзы ҳҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ианыԥшуеит. Аинвестициақәа аҳәынҭқарра ахашәалахәқәа ныррас иамоу убаратәы иҟоуп идуу ашәахтәшәаҩцәа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахь иаларгало ашәатәқәа рыла, убри аан урҭ изеиԥшразаалак аполитикатә зинқәа роуӡом. Апартаментқәа раахәара аԥснытәи атәылауаҩра акала иадҳәаланы иҟам», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара адгьыл, мамзаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар иузаҟәымҭхо амазара аҭира аанагаӡом ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит. «Сара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас сыҟанаҵы уи Аконституциа ахьчара ҭакԥхықәрас исыднаҵы, адгьыл аҭира аганахьала изакәызаалак алацәажәарақәа залыршахом. Сусура зегьы ҳхәыҷқәа иахьрызҳаша, иахьынхаша Ҳаԥсадгьыл аҿиара, уи аԥеиԥш бзиа ашьақәыргылара иазкуп. Уаҳа даҽа мҩакгьы ҳамаӡам!» - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа агәра ганы дыҟоуп апартаментқәа Аԥсны гәахәарыла ишаархәало Урыстәыла иқәынхо аԥсуаа ирзааигәоу ажәларқәа рхаҭарнакцәа – адыгаа, ачерқьесцәа, аҟабардақәа, ауаԥсаа. «Шәгәы ишԥаанаго, уи аиашьаратә жәларқәа реизааигәара иацымхрааӡои? Ҳара урҭ еиҳа лассы-лассы иаҳбалоит. Уахьгьы-анахьгьы аҭаацәарақәа аԥырҵар, ҳаиниалар, аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьалар, уи хра злоу усӡами нас? Ҳкультуреи ҳмилаҭтә хаҭашьара иазеиӷьӡами уи?» – ҳәа ахәҭакахьала азҵаарақәа ықәиргылеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.