Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара иадәҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иаҳнарбеит ҳаԥхьаҟа иалкаау аидгыларақәа раԥҵара акыр аҵакы шаиуо.
«Ари адунеи аҿы хазы аҟазаареи хазхаҭала аполитика амҩаԥгареи зылшо аҳәынҭқаррақәа зынӡа имаҷхоит. Ахатә политика амҩаԥгаразы иазхо аресурсқәа аҳәынҭқаррақәа зегьы ироурым. Уажәы имҩаԥысуеит, ус иуҳәар ҟалозар, изаамҭанытәиу аихшара. Иҟоуп авропауаа, зхатә хәдуқәеи зхатә хәыцшьеи, зхатә хықәкқәеи змоу. Ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит европатәи акультура, аӡәырҩы уи ибзианы ирдыруеит, аха уажәы зыӡбахә ҳамоу аклассикатә европатәи акультура акәӡам. Уажәы ҳазлацәажәо, Европеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Урыстәылеи уи иадгыло атәылақәеи ргәаанагареи рҭаххрақәеи ақәыӷәӷәаратә ҟазшьа аманы рыдцалара азы имҩаԥырго аҽазышәарақәа ртәы ауп», – ҳәа адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Атәылақәа жәпакы Аԥсны ахьыԥшымра шазхарымҵогьы, Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиҩызаратәи аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо, насгьы уи Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылареи аекономикеи рырӷәӷәара ишацхраауа азы агәра ганы дыҟоуп. способствовать дальнейшему развитию государственности и экономики Абхазии.