АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Мшаҧы.2024

Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад 6 шықәса ахыҵуеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит. Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад иахьа иахыҵуеит фы-шықәса. Ари мыцхәы идуцәам аамҭахәҭа аҩныҵҟа Иҷыдоу аотриад ахатәы еилазаара изныкымкәа профессионалла ахы аанарԥшхьеит.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Идҵа инақәыршәаны, изаамҭанытәиу аҷыдалкаатә абжьаранапхгаратә хьӡқәа ранашьахеит Иракли Паҷкориеи Алан Џьарсалиеи. Амедал «Аԥсны амилициа 100-шықәса ахыҵра» ранашьахеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, амилициа аполковник   Рашь Ҵәыџьбеи  Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад акомандаҟаҵаҩ, амилициа аполковник еиҵбы  Дадын Чачхалиеи.

«Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриадқәа рҿы баша иқәнагалаз ауаа зыҟалаӡом, араҟа амаҵзура назыгӡо афицарцәа зегьы иҷыдоу аҟазшьақәа рымоуп. Аотриад ахь аусзуҩцәа маха-шьахалатәи ацәаҩашәа-мчхаратәи аҟазшьақәа рыла иалԥшааны иалххоит, урҭ зегьы реиҳа иуадаҩу, аҭакԥхықәра зду ахыдҵақәа нарыгӡоит. Урҭ ириуоуп – атерроризми аекстремизми рҿагылара, ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рҿагылареи аҭҟәацәа рхақәиҭтәреи иазку аоперациа ҷыдақәа. 

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа  рзы шәара аихьӡара бзиақәа аашәырԥшуеит, шәганахьала аҽԥынкылара ҳәа акгьы ыҟаӡам, аринахысгьы еиҳа ишеиӷьхо азы агәра ганы сыҟоуп»,– ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Киут.

Иахьа азинхьчаратә усбарҭақәа имҩаԥырго зымҽхак ҭбаау аоперациақәа шамахамзар Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа рыда имҩаԥысӡом. Иҷыдоу аотриад ас еиԥш аусура аҿы аԥышәа ду амоуп. Ирласны аҭакҟаҵаразы аотриадқәа Ахылаԥшырҭа асистема аҿы урҭ иҷыдоу рыстатус алызкааз атрадициақәеи апринципқәеи ирықәныҟоит, руалԥшьақәа хьыӡла-ԥшала инарыгӡоит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы.


Read 231 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.