АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан дидикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит. «Бзиала шәаабеит Аԥсынтәыла, шәбара сеигәырӷьоит. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп Шәара ҷыдала инашәыгӡо амиссиа. Уи иаанаго ҳара иҳабжьаҳҵаз аимабзиаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара шамоу, уи жәаҳәарада алҵшәа бзиақәа аанарԥшраны иҟоуп ҳаԥхьаҟа», –  ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада аделегациа ахаҭарнакцәа рыла Архангельсктәи аобласт ахада ихьӡала Аԥсныҟа ааԥхьара ишьҭит. Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа традицианы ишыҟалаз.

«Аиашазы, ҳаиԥыларақәа ибзиоу традицианы иҟалеит. Саацыԥхьаӡа избоит Аҟәа еиҳа-еиҳа ишҿио, аҽшаԥсахуа. Еиҳа-еиҳа имаҷхоит 30 шықәса раԥхьа аҭыԥ змаз арыцҳара ашьаҭақәа. Агәахәара унаҭоит ареспублика аҿиара», - ҳәа иҳәеит иара.

«Ҳара мҩабжара аанкылара ҳаздырӡом, ҳаиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит, аусеицура амҽхак ессааира аҽарҭбаауеит. Иҟоуп аихьӡарақәа, убас, 2023 шықәса рзы  Архангельсктәи аобласти Аԥсни ирыбжьаз адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар жәантә еиҳахеит. Иҟоуп апотенциал бзиеи аперспективақәеи маҷымкәа», –  ҳәа иҳәеит Ваге Петросиан. Иара  иааиуа иҭааразы аҳаиреимадара «Аҟәа-Архангельск» ахархәара шаиуо азы агәыӷра шимоу иҳәеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Архангельсктәи аобласт аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Морозова Екатерина Николаи-иԥҳа – Архангельсктәи аобласт Агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ иреферент, Опрышко Андреи Иван-иԥа –  апкаанҵа адепартамент жәларбжьаратәии арегионбжьаратәи аимадарақәеи   Архангельсктәи аобласт Анапхгареи Архангельсктәи аобласт Агубернатор  Иусбарҭеи жәларбжьаратәи аимадарақәа  рыҟәша  аиҳабы.

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ-абжьгаҩ Максим Литвинов.


Read 195 times - Асабша, 27 Мшаҧы 2024 08:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.