Аҳәынҭқарра Ахада еизаз иргәалаиршәеит, Жәларбжьаратәи атәылауаҩратә авиациа аиҿкаара (ICAO) Қырҭтәыла абжьгарала ари апроект ишаҿагыло. «Уи зысҳәо, ҳтәылауаа Аԥсны аганахьала европатәи аҳәынҭқаррақәа разыҟазаареи Аԥсны адгылара азҭо Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаареи реиԥшымзаара рбарц азы ауп. Уи ҳара ҳахь иԥырло авиаеилахәырақәа рганахьала иназыцҵоу асанкциақәа цәырнагар алшоит. Аха ус шакугьы, аусура иацҵахоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, аҳаирбаӷәаза аусура аларгара иаку апроект уаанӡагьы инагӡазар алшон, Қырҭтәыла, Жәларбжьаратәи ауаажәларратә авиациа Аиҿкаара (ИКАО), егьырҭ мрагыларатәи атәылақәа рҟынтәи иҟаз аҿагыларақәа аԥырхагамызҭгьы. «Иҟан егьырҭ аспектқәагьы, урҭ аиҳарак афинансқәа ирыдҳәалан», - ҳәа иҳәеит иара. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы ҳаамҭа иақәшәо, насгьы зхаҭабзиара ҳараку ауснагӡатәқәа шымҩаԥгатәу.
Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада атуристцәа рыдкылара аобиектқәа рыргылара азҵаарагьы ахшыҩзышьҭра аиҭеит. «Асасааирҭатә бизнес аҿы иалагалаз аԥарақәа рырхынҳәара азы 10 -15 шықәса инарзынаԥшуа иаҭаххоит. Ас еиԥш иҟоу афинанстә модель зегьы ирнаалаӡом. Ҳара иарбоу ахырхарҭала активла аус ҳамур, усҟан ҳтәылаҿы ӷәӷәала аҿиара иаҿу атуристтә усхкы ҳауӡом. Аҵыхәтәантәи аамҭазы адинамика акыр еиӷьхеит, уи угәы иаамыхәар залшаӡом», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.