АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2024

Гагра араион аҿы аус зуа анотариалтә конторақәа рҿы уаанӡа иазԥхьагәаҭамыз агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәа русура ахылаԥшреи агәаҭареи рсистема аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Еснаҭ Лакербаиеи анотариати АҬАРи русбарҭақәа ахылаԥшра рыҭара аҟәша аиҳабы Саида Оҭырбеи аџьатә еиҿкаара аԥҟарақәа рықәныҟәара алыршара азы Гагра араион аҿы аус зуа анотариалтә конторақәа уаанӡа иазԥхьагәаҭамыз ргәаҭара мҩаԥыргеит.

«Аиустициа Аминистрра ахь аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылауаа рҟынтәи лассы-лассы иаауа иалагеит аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәак рҿы аџьамш аԥҟарақәа реилагара азы азашшрақәа. Аиустициа Аминистрра ахь иаауа ааԥхьарақәеи арзаҳалқәеи зегьы аоперативла азхьаԥшра аиуоит. Убри инамаданы, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ианаамҭоу, ишахәҭоу ала рынагӡара алыршара хықәкыс иҟаҵаны планла иазԥхьагәаҭам агәаҭарақәа еиҿкаахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.

Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла аџьатә ԥҟарақәа еилазгаз аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәа  ҩба рнотариусқәа рганахьала алеишәатә хьырхәра ауснагӡатәқәа ахархәара роуит.

Иара убас аинспекциа амҩаԥгара иалагӡаны анотариалтә конторақәа рзеиԥш усура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Ас еиԥш агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара егьырҭ Аԥсны араионқәа рыҿгьы иазԥхьагәаҭоуп.  

 

 

 


Read 101 times - Аԥшьаша, 25 Мшаҧы 2024 19:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.