Иара убас аилатәара аҿы атәыла аенергосистема аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазааҭгылеит, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҿы аӡеизакырҭатә тоннель аҿы иҟалаз аҭӡы аилабгара иахҟьаны имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа иалацәажәеит. Аобиект еилабгаз абетонтә ҭӡы аԥҽыхақәа рықәгара хыркәшоуп. Аспециалистцәа уаанӡа иарбаз аҽҳәарақәа рыҽҭагӡареи астанциа уаанӡатәи аусура арежим аиҭашьақәыргылареи рылшап ҳәа иақәгәыӷуеит.
11.Мшаҧы.2024
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихаҭыԥуаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә биуџьет ахь ааимҭақәеи абиуџьеттә ҭакԥхықәарақәа рынагӡареи иазкын иахьа, аԥшьаша, мшаԥымза 11 рзы Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, абиуџьет азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Аԥыза-министр абиуџьеттә процесс аиҿкаараҿы азакәанԥҵаратә усбарҭақәа еиҳа еффективла аус рыцура шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.