pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент 70-шықәса ихыҵра иазкны еиҿкааз, хымш-имҩаԥысуаз ашахматқәа рзы атурнир.

Атурнир хада рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык  ашахматистцәа.  

Актәи аҭыԥ ааникылеит Кәарацхьелиа Ҭрисҭан (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Табариан Артиом (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Карапетиан Альберт (ақ. Гәдоуҭа).

Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Миносиан Сергеи (ақ. Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ - Наҟоԥиа Борис (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Пак Леонид ( ақ. Гагра).

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациа азуреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа иаҳасабырба идикылеит.

«2023 шықәсазтәи аихшьалақәа рзы адырра шәысҭаанӡа абри ахырхарҭала иахьа иҟоу аҭагылазаашьа аԥхьатәи рбагақәак аазгар сҭахуп», - ҳәа иҳәеит Беслан Кәыбраа. Аԥсны априватизациа апроцесс 2004 шықәса раахыс ишхацырку азгәаҭаны, иҳәеит усҟан иахәҭоу азакәанԥҵаратә база шрыдыркылаз, арҭ азҵаарақәа знапы алакыз аилазаарагьы шышьақәыргылаз. Априватизациа апроцесс қәҿиарала аҿиара иаҿуп.

Абри аамҭа аҩныҵҟала апривтизациа рызуп 239 обиект 1 млрдки 56 млн мааҭи рыхә.

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 5 инаркны Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵара-штабтә зыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.
Арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – акризистә ҭагылазаашьақәа раан архәҭақәа рырратә хыдҵақәа рынагӡараан реиқәшәазаареи рырратә занааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхреи.

Ашәахьа, 11 Хәажәкыр 2024 12:26

Хәаԥ ақыҭан ахатәы ҩны блит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза  10 ауха еихагылак змоу ахатәы ҩны блит Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.

Амцакра шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә хәҭа ахь иҟалеит 19 сааҭи 57 минуҭи рзы. Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, амца еимга-еимцарак ала амҽхакра зыхҟьаз ахыбра ахьажәхьази, иара убас уи зегьы амҿымаҭәахә иахьалхызи ауп.  Иҟалаз амцакра иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аканал  НТВ аҭыхратә гәыԥ ақьафурҭа «Нарҭаа» аҿы еицырдыруа ачашә «лодочка» аӡра апроцесс ҭырхуеит.

Аҭыхрақәа ԥшьымш имҩаԥыслоит. Апрограмма аепизодқәа руак  Бзыԥ ақыҭан, асаркьа иалху ацҳа ахьыҟоу «Аԥсуа ашҭа» аҿы иҭыххоит.  

Апрограмма «Поедем поедим» апродиусер Екатерина Григолевич, адырраҭара аҿы атуристцәа макьаназы цқьа ирзымдыруа,  аҭыԥқәа -  «Аҩхааҭшәа иаҵәа», («Зелёный каньон»), «Х-чуанк» («Три котла»), аӡхыҽҽа «Адау» (водопад «Великан») дырбара шазԥхьагәаҭоу азы адырра ҟалҵеит.

«Ҳара иҳаӡбеит Риҵа, Пицунда, Сталин идача ахәаԥшцәа дырбара уажәазы мап ацәаҳкырц, избан акәзар арҭ аҭыԥқәа акырынтә ирбахьоу, ирдыруа ауп, уи амыцхәрас иҿыцу, аинтерес зцу аҭыԥқәа дырбара ҳгәы иҭоуп»,  - ҳәа илҳәеит лара.

Апрограмма  аефир ахь ицәырҵуеит мшаԥымза 27 рзы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба 70-шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ашахматтә турнир аҩбатәи амш, хәажәкырамза  9  рзы еицлабуан Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык 12-шықәса зхымҵыц ашахматист ҿарацәа.

12-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ – Мықәба Руслан (ақ. Пицунда), ахԥатәи  аҭыԥ  – Жирков Герман (ақ. Аҟәа).

12-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакоба Сариа (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ – Смыр Мирра (ақ. Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥ –  Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа).

10 – шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Аҩардан Сандро (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ – Тос-оглы Кемаль (ақ.Гагра), ахԥатәи аҭыԥ –  Бганба Даниель (ақ. Аҟәа).

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашахматтә спорт аҿиара аҿы илагала дууи иҳараку изанааҭдырра аҩаӡареи рзы Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Андреи-иԥа Ҭыжәба ианашьоуп «Аԥсны абаҩарҵәыреи аспорти Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Альбина Иаруллина авторсгьы анапхгаҩыси дызмоу  акультура-рккаратә проект «Абхазский берег», иара убас  К. В. Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы аҟазара ашкол ахәыҷқәа амоноспектакль «Клоун Авабука» ахь ааԥхьара рырҭоит.

Аспектакль «Клоун Авабука»  –  ари иччарху, иара убри аамҭазы игәырԥшаагоу асценақәа рыла ишьақәгылоуп. Араҟа абжьааԥнытәи ахҭысқәа роума, амаҭәарқәа роума, зегьы анашанатә цәаҩа рыҟәнылоит: еикәаԥсоу аурашәага аиаҵәа алҵуеит, ақьаад иану асалам шәҟәы иӷбаны иаақәгылоит, аиалаҳәара хәыҷы акәзар - ахәыҷы.   Ара имҩаԥысуа зегьы –аинтерактивтә хәмарраны иҟоуп, уи ара иҟоу зегьы рҽаладырхәуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» аполитхеилак аџьынџьуаа рахь Урыстәыла Ахада иалхрақәа активла рҽыладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

«Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны азы ихадоу астратегиатә партнир, ҳтәыла ашәарҭадара агарантс  иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа. Алхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсныгьы иаартхоит.   Аполитикатә партиа «Аиҭаира» аполитхеилак Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ҳџьынџьуаа рахь алхрақәа активла рыҽрыладырхәыц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. Ари амш аҽны Урыстәыла анаҩстәи аҿиара акурс шьақәырӷәӷәахоит, уи ҳаамҭазтәи адунеи аҿы аҭыԥ ҩаԥхьа иалкаахоит.  Уи иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳара ҳтәылагьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш», - ҳәа иаҳәоит ааԥхьара атекст аҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 8 инаркны хәажәкырамза 10-нӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба  70-шықәса ихыҵра иазку ашахматқәа ртурнир. Атурнир актәи амш азы аицлабра рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 70-ҩык 9-шықәса зхымҵыц ашахматист ҿарацәа.

9-шықәса зхымҵыц  аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Хьынҭәба Глеб (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ - Бганба Даниель (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Шалин Иван (ақ. Аҟәа).  

9-шықәса зхымҵыц  аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Ԥалаванӡиа Анна (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Агрба Амира (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ- Гәылариа Емили (ақ. Гәдоуҭа).

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.