pressadmin-2
Аслан Бжьаниа: «Ҳара ахааназ аџьшьара раҳҭоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи ҳаиашьаратә жәлар, зхамеигӡара ҳҳәынҭқарра арӷәӷәара иацхрааз».
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Алан Гаглоев иахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Қырҭтәыла агрессиа 16 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахеит зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, аха Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рхаҵара, Урыстәыла анапхгара иаарласӡаны рыӡбра ашьакаҭәара аԥдырҟәҟәааит ҳәа иҳәоит иара.
Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак аколлектив амаӡаныҟәгаҩ ҿыц Рауль Лолуа дыдирдырит.
Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Ахада хантәаҩра ззиуаз Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара
Аилатәараҟны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Шамба иҭабуп ҳәа еиҳәеит имҩаԥигаз аусуразы, аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит амаҵзура ҿыц аҟны.
Анаҩс Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак аколлектив Рауль Лолуа дыдирдырит. Аҳәынҭқарра Ахада уи гәацԥыҳәарала аусура дазкны изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа. «Шәара ҩыџьа ахаҭыԥуаҩцәа шәымоуп: аӡәы зиндырҩуп – профессионалуп; егьи- оперативтә усуҩуп – ԥышәауаҩуп. Ихадароуп ари аус аҟны иахьатәи аҭагылазаашьаан амилаҭтә шәарҭадараҟны иҟалар зуа ашәарҭарақәа анализ рзуразы аусура амҩаԥгара, урҭ рганахьала агәҽанҵара иазку ауснагӡатәқәа разырхиара», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Б. Гәынба Сергеи Шамба ААР аколлектив дыдирдырит.
Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2024 шықәса. Аԥ)сныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Б. Гәынба Сергеи Шамба ААР аколлектив дыдирдырит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала нанҳәамза 6 рзы Сергеи Шамба Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩыс даҭоуп.
«Сергеи Мирон-иԥа ирдырра аҭахны иҟаӡам, избанзар 13 шықәса инареиҳаны абри аусбарҭа напхгара аиҭон. Ҳара зегьы ибзианы иаҳдыруеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара даналахәыз, иара убас аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы Сергеи Мирон-иԥа ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рус аҟны илагаламҭа шдуу. Иара иааирԥшуа адипломатиатәра, ипрофессионализм, иԥышәа есқьынгьы ихәарҭан, хархәарагьы рыман ҳҳәынҭқарразы.», – иҳәеит Бадра Гәынба.
16 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 8 рзы 16 шықәса ҵуеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар арыцҳара ду рхыргеижьҭеи. Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымштәи аибашьра».
2008 шықәса, нанҳәамза 8 ауха икаххаа ацәа иалаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын: ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара.
Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа зегьы адҵа шриҭаз Цхинвалтәи арегион аҿы аҭак хымца аадмыртырц. «Исҭахуп абыржәы ақырҭуа полициаа иреихсуа рахь схы сырхарц. Ҭакԥхықәра дула исҳәарц сҭахуп сааҭқәак уажәаԥхьа даара иуадаҩыз аӡбамҭа шсыдыскылаз – хымцала аҭак аҟамҵара», – иаҵишьит Қырҭтәыла апрезидент гьангьаш. Х-сааҭк ааҵуан Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеит.
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ркурсантцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгареи реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ркурсантцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгареи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо аподполковник Дмитри Кәычбериа акурсантцәа абжьгарақәа риҭеит, рҵара аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит, иара убас раԥхьаҟа ртәыла ашәарҭадара ахьчараҿы ирыхәаша адыррақәеи алшарақәеи шроуа азы агәыӷра ааирԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара ахымԥадатәразы агәҽанызаара рнаҭоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Автоҳәынҭинспекциа анапхгара амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа Автоҳәынҭаинспекциа амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа ирацәажәеит амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азы ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба ишазгәеиҭаз ала, Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ас еиԥш апрофилактикатә ҟазшьа змоу аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа инарыгӡалоит.
Еиҳа лассы-лассы ауааԥсыра иаргәамҵуеит аҳәааҟынӡа инагоу амаршрут ала аус зуа амашьынарнҟәцаҩцәа рхымҩаԥгашьа. Убарҭ роуп аԥхьанатә зацәажәара мҩаԥгаз. Иара убас Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩцәа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа, ахәҭакахьала, Аџьармыкьа–Кьалашәыр, Аџьармыкьа – Аҳабла Ҿыц амаршрутқәа рыла апассаџьырцәа риагара мҩаԥызго амашьынарныҟәцаҩцәагьы ирацәажәеит.
Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аҳәынҭқарратә хылаԥшыҩ хада изыӡырҩуаз зегьы ирызнеигеит аҵыхәтәантәи аамҭа аҩныҵҟа иҟалаз авариақәа, иҭахази еиуеиԥшым ахәрақәа заузи рхыԥхьаӡара, амашьынарныҟәцаҩцәеи ашьаҟауааи еиҳа лассы-лассы еиларго амҩатә ԥҟарақәа, уҳәа рзы адыррақәа.
Аԥсны Автоҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Дамеи Аҩӡба иҳәеит аԥҟара аилагаҩцәа рмашьынақәа рымхны аргыларҭа ҭыԥқәа рахь инаргар шауа, дара рхаҭақәа амашьынарныҟәаразы аԥышәарақәа шыддырҭиуа. Аԥсны Автоҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа агәҽанызаара рырҭеит амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз рмашьынақәа рымхны ахараԥсатә ргыларҭахь ишнарго азы.
«190 машьына иахьатәи аамҭазы ахараԥсатә ргыларҭаҿы игылоуп. Аԥсҟы зкыз арыжәтә ыжәны ма анаркотикқәа рыдкыланы иҟан. Агәҽанызаара шәысҭоит шәмашьынақәагьы уахь ишнагахо мамзаргьы аграждантә цәамаҭәа зшәу амилициа аусзуҩцәа шәмашьынақәа ишрықәҳартәало аилагарақәа азгәарҭаларц", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Дамеи Аҩӡба.
Серге Шамба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Шамба ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаиҵеит.
Уи азы Аусԥҟақәа рнапаҵыҩра мҩаԥысит нанҳәамза 6 рзы.
Шамба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дыҟан 2020 шықәса раахыс.
Раԥхьаӡа акәны иара адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадас дҟалеит лаҵарамза, 1997 шықәсазы, ԥхынгәымза, 2004 рҟынӡа ари амаҵура дахагылан. Аҩынтә раан аминистрс дыҟан 06.08.2004 – жәабранмза, 2010 шықәсқәа рзы.
Рауль Лолуа Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2004 шықәса. Аԥсныпресс. Рауль Лолуа Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.
Уи азы нанҳәамза 6 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Лолуа Рауль Валери-иԥа Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵазааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.
Аԥснытәи аделегациа Москватәи апионерцәа Рхан аҿы имҩаԥысраны иҟоу III Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура Аминистрра Урыстәыла акультура Аминистрра аԥснытәи аҿар III Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум алахәхаразы ирынаҭаз алшара азы иҭабуп аҳәоит.
Ари акультура-ркаратә проект, жәаҳәарада, аҟыбаҩ злоу, зхықәкынаӡара иашьҭоу ахәыҷқәа рпотенциал аартра азы хра злоу плошьаданы иҟалоит, рықәлацәеи дареи арҿиаратә идеиақәа рыла аимадара, иара убас адиалог рыбжьаҵара азы зеиӷьаҟам лшараны иҟалоит. Зынӡа афорум аҿы арҿиаратә хырхарҭақәа фба ҟалоит, зегьы рхатәы кураторцәа амоуп.
Ахәыҷтәы культуратә форум аусура рхы аладырхәуеит аԥснытәи аделегациагьы. Уи аилазаараҿы иҟоуп ф-ҩык ауаа. Уи А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа астудентцәа Елизавета Хишбеи Расим Ашәбеи, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа астудентцәа – Салли Ӷәынџьиеи Рада Ашәԥҳаи, А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа – Салима Шьоуеии Арина Џьонуеи роуп.
«Аделегациа дацны дцоит Аԥсны акультура Аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Милана Хоџьаа», – ҳәа иазгәалҭеит Аԥсны акультура Аминистрра жәларбжьаратәи аусеицуреи амассатә информациа ахархәагақәа рымадареи рзы аҟәша аиҳабы Сариа Маршьан.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу зықәра наӡам ркибершәаҭадара аганахьала агәҭынчымра аалырԥшуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылаз аҟәатәи аҵаҩы иганахьала ашьауӷатә ус ахацыркразы ахҳәаа ҟалҵеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура 01.08.24 шықәсазы абжьаратәи ашкол № 6 аҵаҩы иаанкылареи, уи иганахьала ашьаус ахацыркреи рзы официалла иҟанаҵаз адырра инамаданы, сара, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лаҳасабала, еиҵагыло ҳабиԥара ркибершәарҭадара аганахьала ӷәӷәала агәҭынчымра аасырԥшуеит», - ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит лара.
Мактина Џьынџьалԥҳа Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат зықәра наӡам асоциалтә ҳақәеи амессенџьерқәеи рҿы ишәарҭоу онлаин-ресурсқәа ралагалара аԥхьырҟәҟәаара азы активла арккара-рдырратә усура шымҩаԥнаго атәы азгәалҭеит. Аҵарашықәс ҿыц алагара инаркны ари аусура еиҳагьы ирӷәӷәахоит.
Ишәарҭоу аонлаин ресурсқәа ҿыцны рактуализациа инамаданы, ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы, Азинмчы змоу аҭаацәа рахь аҳәара ҟалҵоит доусы рхәыҷқәа макьаназы иӷәӷәам рыпсихика ишакәым ала анырра азҭарц зылшо атәымуаа рҳәатәы иақәныҟәаны азакәан иаҿагыло ахымҩаԥгашьа рацәыхьчаразы иахәҭоу ахылаԥшра рырҭаларц.








