
pressadmin-2
Дмитри Осиа: «Агәра згоит Аҟәа инхо ауааԥсыра зегьы хәажәкырамза 17 рзы ртәылауаҩратә позициа ҭакԥхықәала ишаадырԥшуа».
Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аизара адепутатцәеи хаҭала иара ихьӡалеи аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рыҽрыладырхәырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ааԥхьара атекст аҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу аҳҭнықалақь ауааԥсыра! Аҟәа ақалақьтә Еизара ахьӡала шәара шәахь акыр зҵазкуа ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп! Хәажәкырамза 17 рзы имҩаԥгахоит ҳара ҳастратегиатә портниор хада, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа. Сара Аҟәаа зегьы шәахь аҳәара ду ҟасҵоит алхрақәа шәыҽрылашәырхәырц азы.
Урыстәылатәи Афедерациа – Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз раԥхьатәи тәылоуп, асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараҿы есымша адгылара ҳазҭо, ҳҳәаақәа рыхьчараҿы хәызмаӡам ацхыраара ҳазҭо ҳәынҭқарроуп. Иахьа, «Аколлективтә Мраҭашәара» ҳәа изышьҭоу амчқәа зегьы ҳастратегиатә партниор иҿагылара ианазырхо аамҭазы, ҳара даҽа аамҭанык еиԥшымкәа акзаара ааҳарԥшыроуп. Иҟоу аҭагылазаашьақәа раан акзаара – ари ҳастратегиатә партниор дуӡӡа адгылара шиаҳҭо аарԥшразы иҳалшо ахәыҷы ауп. Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала, аимабзиаратә, апартниортә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара мацарала ауп ҳара аҭынчреи аҭышәынтәалареи, ҳхәыҷқәа рзы аԥеиԥш бзиеи ҳақәгәыӷыр шалшо».
Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр изаамҭанытәиу аҳасабырбатә концерт азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр изаамҭанытәиу аҳасабырбатә концерт азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.
Аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы, акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Денис Арухаа аоркестр амилаҭтә музыкатә традициақәа реиқәырхара, амилаҭтә инструментқәеи ашәақәеи рҳәара ахықәкы хаданы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Апрограмма асасцәаны иқәгылоит ашәаҳәаҩцәа Алиас Абыхәба, Џьими Шәманиа, Сариа Аиба.
Аԥсны анефҭаалыҵқәа рзы иҿыцу анаӡаратә ахәаахәҭратә цҵақәа шьақәдыргылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны абылтәы џьамыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ареспублика аҿы абылтәы азымхара аԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны, аминистрцәа Реилазаара аҿы «Ареспублика абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәалара азы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.
«Ақәҵарала уажәтәи аамҭазы Аԥсныҟа абылтәы аимпорт амҩаԥгара азы алшара змоу анаплакқәак рыла анефҭаалыҵ ахкқәак рыҭираан иҿыцу анаӡаратә ахәаахәҭратә цҵақәа шьақәнаргылоит. Иарбоу Ақәҵара адкылара ахымԥадатәра ҳазҭоу 2024 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа аус зуа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Урыстәылантәи Аԥсныҟа абылтәы аагара хазхаҭалатәи азин зауа аагаҩ иалкааразы иаднакылаз аӡбамҭа иадҳәалахеит. Убри инамаданы, атәыла Анапхгара аӡбамҭа анормақәа аамҭалатәи аҟазшьа рымоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Аминисрцәа Реилазаара Аппарат аекономикатә Усбарҭа анапхгаҩы Давид Арӡынба.
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театри М. Гафури ихьӡ зху Башкортосҭантәи адраматә театри рнапхгаҩцәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акультуратә форум «Арт-Курултай» аҳәаақәа ирҭагӡаны С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр адиректор Хада Алхас Ҷолокуеи М. Гафури ихьӡ зху Башкортосҭантәи аҳәынҭқарратә академиатә театр адиректор Хада Иршаҭ Фаизулини аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр адиректор Хада Алхас Ҷолокуа IV акультуратә форум «АРТ-Курултай» атеатрал-концертә напхгаҩцәа рыплошьадка аҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.
«АРТ-Курултай» есышықәса Урыстәыла имҩаԥысуа акультуратә форум дуқәа ируакуп.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы аҵарадырра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа гәыԥҩыки Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Наур Нарманиеи идикылеит. Урҭ аԥыза-министр жәабранмза 8, 2024 шықәсазы Аԥсны аҵара Аминистрра иҭнажьыз Адҵа № 21 инамаданы Аԥсны арҵаҩратә еилазаара, абжьаратәи ашколқәа рырҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, еицҿакны рзанааҭтә гәаанагара ахьаадырԥшыз аҳәамҭа ирҭеит.
Иарбоу Адҵа ала, аҵара Аминистрра «амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас амаҭәар «Аматематика: алгебреи анализ алагареи, агеометриа 11-тәи акласс аҿы» ала иҩны аԥышәара аҭаразы» Аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит. Арҵаҩратә еилазаара аҳәамҭа аҿы урҭ ас еиԥш аӡбамҭа рақәшаҳаҭымра Аминистрра аҟынтәи зҭак рмоуз азҵаарақәа жәпакы ишадҳәалоу арбоуп. Ахәҭакахьала, аматематика арҵаҩцәа, аметодистцәа аҩратә ԥышәарақәа рымҩаԥгареи аҵаҩцәа рыкритери ахәшьара аҭареи аԥҟарақәа ас еиԥш шьҭанкыла аиҭакра ралагалара хықәкыс иамоу азы азҵаара ықәдыргылоит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ас еиԥш иҿыцу алагалақәа ралагалара иаамҭаӡам, избан акәзар, уи ихадоу ашколтә ԥышәарақәа рымҩаԥгара аҟынӡа хымз-заҵәык шыбжьоу имҩаԥысит, урҭ аметодистцәа, дара арҵаҩцәагьы алархәны рылацәажәара мҩаԥгамызт, аесперименталтә ҭҵаарақәа раҳасабала агәаҭарақәа (апробациақәа) мҩаԥгамызт, иҟаҵамызт иарбоу аексперимент аихшьаалақәа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Ареспублика Аԥсны иҟоу аџьынџьуаа реиҿкаарақәа рзы агрантқәа рконкурс мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкыамза 1 инаркны иалагеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра агрантқәа раиуразы аконкурс алахәхара азы Ареспублика Аԥсны иҟоу аџьынџьуаа реиҿкаарақәа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара акампаниа.
Аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭа алаҵара иазыԥҵәоу аҽҳәарақәа: хәажәкырамза 1 инаркны хәажәкырамза 19 аҟынӡа (асааҭ 24:00 рҟынӡа).
Азыҳәамҭақәа аелектронтә формала Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аелектронтә ԥошьҭа Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ахь анашьҭра ахәҭоуп.
Аспектакль «Аншьа Иуана» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза 26-27 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Антон Чехов еихьӡылоу ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Аншьа Иуана» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы хәажәкыраза 26 -27 рзы.
Ақәыргыламҭа ашьаҭаҿы иҟоуп –аԥсҭазаара баша имҩасит ҳәа угәы иаанаго иалага иҟаҵатәузеи?, - ҳәа азҵаара аҭак аԥшаара аҽазышәара. Убри ауп изызхәыцуа арежиссиор қәыԥш Бенар Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль афырхацәа, ҳәа иаҳәоит аспектакль апресс-релиз аҿы.
Аиншьа Иуана араҟа ихадоу фырхаҵаны дықәгылаӡом, аиҳарак ахшыҩзышьҭра зауа егьырҭ зегьы роуп. Ԥхьатәара иҟоу апрофессор Серебриаков икариера ахыркәшара иахҟьаны ӷәӷәала агәкаҳара иоуит, уи инамаданы адипрессиа ҳәа ачымазара изцәырҵит. Уи иԥшәмаԥҳәыс Елена Андреи-иԥҳа лыԥшәма хаҵа дицхраарц лҭахуп, аха уи адоктор Астров иахь илызцәырҵыз ацәанырра датәнатәны дамоуп. Убри аамҭазы адоктор Астров ҳәа иҟоу абар шьҭа акыр аамҭа аҩныҵҟа лыԥсы дылзалымхо бзиа дылбозаап иара апрофессор иԥҳа Сониа. Иара адоктор Астров ихаҭа иакәзар Елена Андреи-иԥҳа ӷәӷәала игәы лзыбылуеит, уимоу Елена Андреи-иԥҳа иара убас даара дигәаԥхоит аиншьа Иуана ҳәа иҟоугьы.
Хәажәкырамза 11 рзы иалагеит аԥсылманцәа зегь рзы иԥшьоу амза Рамадан.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа анапхгараҭара иҟанаҵо адыррақәа рыла, хәажәкырамза 11, 2024 шықәса рзы аԥсылманцәа зегь рзы иԥшьоу амза Рамадан алагоит.
«Алаҳәара аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Аԥсылманцәа, Аԥсны атәылауаа зегьы рырдырразы. Ҿыц игылаз амза абара алыршарала, иара убас ҿыц игылаз амзаҿа абарала егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ироуз адырра иақәныҟәаны, Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа анапхгараҭара ареспублика иқәынхо аԥсылманцәа иԥшьоу Рамадан амыз алагара арыцхә рыланаҳәоит. Сынтәа аԥсылмантә мзар амзақәа ируаку, иԥшьоу Рамадан амза алагоит хәажәкырамза 11 рзы», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа анапхгараҭара апресс-маҵзура.
Ари иԥшьоу амза алагара актәи амш азы Загь зымчу Аллаҳ иԥшьоу Рамадан амыз азы Ачгара адкылареи анагӡареи Иаҳхылаԥшхәу иганахьала амҵахырхәареи рзы алшара ҳаиҭарц, ҳаԥсҭазааратә мҩа ҳақәнаҵы иҟаҳҵахьоу ҳагәнаҳарақәа ҳанажьреи рзы ҳиҳәоит.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҭыӡҭыԥқәа ԥсаххеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ицәырҵыз атехникатә уадаҩрақәак ирыхҟьаны хәажәкырамза 17, 2024 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы иалхыз алхырҭатә ҭыԥқәа рыԥсахит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа.
Аусура иалагеит Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль арегионалтә программа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс Аԥснынтәи 13-ҩык алахәылацәа Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль арегионалтә программа аусура рхы аладырхәуеит. Урҭ арегионқәа рҭоурых-культуратә ҭынха, рыԥсабара, рекономикатә потенциал, иқәынхо ажәларқәа рмилаҭтә хкырацәара, уҳәа еиҳа еиӷьны еилыркаарц азы Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рахь амҩа иқәлеит. Убас:
- Валери Берзениеи Викториа Прусенковеи - Волгоградтәи аобласть иаҭаараны иҟоуп,
- Жанна Аиба – Челиабинсктәи аобласть даҭаараны дыҟоуп,
- Беслан Аршба – Ставропольтәи атәылаҿацә даҭаараны дыҟоуп,
- Игнат Копылов – Белгородтәи аобласть даҭаараны дыҟоуп,
- Херсон Симониеи Мрана Блабԥҳаи – Курсктәи аобласть иаҭаараны иҟоуп,
- Ҭенгиз Оҭырба – ЛЖәР даҭаараны дыҟоуп,
- Инал Адлеибеи Арина Чагәааԥҳаи – Ҟрым иаҭаараны иҟоуп,
- Гьаргь Џьопуеи Дариа Хорошихи – Севастополь иаҭаараны иҟоуп,
- Алиона Заикина – ақалақь Санкт-Петербург даҭаараны дыҟоуп.