Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. С.Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра амузеи аҿы Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш иазкны иаатит архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵа даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аекспозициа иалалеит 304 фотосахьа, урҭ рыхьынтә 108 раԥхьаӡа акәны ицәыргақәҵахоит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рфотосахьақәа амузеи иарҭеит Фаина Матуа, Гәыли Кьычба, Емма Ермолова, Алина Ачба, Иавуз Кәаӡба, Лиалиа Чамагәуа, Валери Аршба.
Ацәыргақәҵа мҩаԥыслоит нанҳәамза анҵәамҭанӡа.
Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит амузеи иаиҭаз 5 млн. мааҭ инарзынаԥшуа афинанстә цхыраара азы. Урҭ рыла амузеи азалқәа 8 аҩнымаҭәала еиқәыршәан. Лара иара убас илҳәеит амузеи аҿы ишырҭаху атематикатә фатоцәыргақәҵақәа реиҿкаара азы афоторамкақәа.