Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснынтәи Донсбасҟа идәықәҵаз агуманитартә еидара Курсктәи аоблат ахь, аинтермилаҭтә баталион «Пиатнашка» ахьыҟоу аҭыԥ ахь ирышьҭит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр, Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа иажәқәа рыла, ас еиԥш аӡбамҭа адкылара агуманитартә еидара амҩа иқәнаҵы аоперативтә режим ала имҩаԥгахеит.
Курсктәи аобласт ахь дышнеизҵәҟьа еиԥш Лев Кәыҵниа дидикылеит Курсктәи аобласт агубернатор аамҭала инапыҵақәа назыгӡо Алексеи Смирнов. Аиԥылараҿы ирылацәажәеит аобласти Ареспублика Аԥсни агуманитартә усхкы аганахьала русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа.
Анаҩс Лев Кәыҵниа ДЖәР ахь амҩа дықәлеит. Уаҟа иара арратә хәышәтәырҭақәа руак аҿы хатәгәаԥхаралатәи арратә хәҭақәа реилазаараҿы Донбасс еибашьуа ҳџьынџьуаа дырҭааит.