АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2024

24 шықәса раԥхьа дҭадырхеит иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ Зураб Ачба.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 24 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 15, 2000 шықәса рзы, ахәылбыҽха, асааҭ жәеиза рыбжа инарзынаԥшуа, аҟәатәи 14-тәи ашкол азааигәара иашьҭахь ала иеихсны дыршьит иалукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, азиндырҩы, азинхьчаҩ Зураб Ачба. Ауашьра ҟазҵази уи еиҿызкаази рхаҭарақәа макьана ишьақәыргылам. Есышықәса, ари амш аҽны, ахәылбыҽха, 22 сааҭи 30 минуҭи рзы Зураб Ачба дахьҭархаз аҭыԥ аҿы еизоит уи иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, даздыруаз, дызгәалашәо зегьы. Урҭ Зураб Ачба игәалашәара аҳаҭыр азы ацәашьқәа адыркуеит, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ачба Зураб Константин-иԥа (жәабранмза 23, 1950 шықәса – нанҳәамза 15 2000 шықәса) Аԥсны ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Апарламент адепутат  (1991-1996 шш.). Зураб Ачба диит жәабранмза 23, 1950 шықәсазы, Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, далгеит Н. Лакоба ихьӡ зху аҟәатәи ажәабатәи абжьаратәи ашкол, анаҩс 1967 шықәсазы азиндырратә ҵара иоуит Москватәи аҳәынҭқарратә Университет (МГУ) аҟны.

Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет (МГУ) даналга ашьҭахь Аԥсны екиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҿы аиуристконсулс аус иуан. 1989 шықәса инаркы Зураб Ачба Аԥсны Жәлар Рфорум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 1991-1996 шықәсақәа рзы Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дыҟан. Аԥсны аҭоурых аҿы ираԥхьатәииз, наҟ-наҟ «ахьтәы» Парламент ҳәа ахьӡ зхылаз абри ааԥхьара адепутатцәа Аԥсны аҳәынҭқарра шьаҭас иаиуз, илахьынҵаӡбагаз адокументқәа акыр рыдыркылеит.  Аоратор хазына, аполемист,  Зураб Ачба 1992-1993 шш. аибашьра  ҟалаанӡа  аԥсуа-қырҭуатә диалог активла ихы алаирхәан.  1991-1996 шш. – Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет-Апарламент адепутат.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Зураб Ачба ҳтәыла ахаҭарнакыс аус иуан. Урыстәылтәи ақалақьқәа дырҭаауан, уаҟа аполитикцәеи ажурналистцәеи дырԥылон, Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рзы иҵабыргу аинформациа аларҵәара иҽазишәон, Аԥсны иахаԥаны иҟаз аинформациатә блокада аԥихырц.

Аибашьра ашьҭахь, 1993 шықәса инаркны Зураб Ачба Ареспубликабжьаратәи адукатцәа рколлегиа  алахәылас дыҟан. Нас Москваҟа диасын шықәсқәак аус иуит аиуристтә консультациа №24 аиҳабыс.

1999 шықәсазы иара  иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит. 1999 шықәса инаркны – нанҳәамза 15, 2000 шықәсанӡа,  ишьра шықәсык шагыз аус иуан ауаҩы изинқәа ирызкны Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаареи (ООН), Европа Ахеилак Ашәарҭадара Аиҿкаареи  (ОБСЕ) иртәыз Аҟәатәи аофис аҟны, Аԥсны ауааԥсыра азинхьчара аганахьала ацхыраара риҭон. Зураб Ачба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәс азы ихы ааирԥшит абаҩхатәра злоу, шәарак зцым публицистк иаҳасабалагьы. Иахьагьы, дыршьиижьҭеи ҩажәи ԥшьба шықәса шыҵхьоугьы, иара истатиақәеи иқәгыларақәеи ауаа ирхамшҭӡацт, цитатас иааргоит. Иара истатисқәа ихьыԥшым агазеҭ «Нужная газеты» (ақ. Аҟәа) адаҟьақәа ирнылон. Аполитик, азиндырҩы Зураб Ачба Аԥсны омбудсмен аинститут аԥҵаразы дықәгылон, ауааԥсыра рзинқәа реилагара дацәшәаны, иара убасгьы аграждантә уаажәларра рыҿиареи аоппозициа аҟазаареи дазықәԥон, иарада аполитикатә система хаҭәааны изыҟалом ҳәа ԥхьаӡаны.

Дыршьит нанҳәамза 15, 2000 шықәса рзы. Зураб Ачба ишьра ҟазҵаз иахьа уажәраанӡа иԥшаам, иахьырхәым. Азиндырҩы иҩызцәеи иуацәеи ишырԥхьаӡо ала, ишьра зыхҟьаз иполитикатә гәымшәароуп, иара акы дацәшәомызт, игәы иҭаз аартны иҳәон, акриминалтә ҟазшьа змаз афактқәагьы рцәыргара дацәшәомызт.

 

 

 

 

 

 


Read 209 times - Ахәаша, 16 Нанҳәа 2024 19:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.