Олег Бӷажәба 1972 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчеит «Абжьарашәышықәсазтәи Аԥсны аматериалтә культура. VI–XIII ашә.» атемала, 1995 шықәсазы - адоктортә диссертациа «Мраҭашәаратәи Алада Кавказ аихааглыхра аҭоурых I азқь. алагамҭа ҳ.ҟ. – II азқь. азбжанӡа ҳ.ҳ.» атемала Москва Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Археологиа аинститут аҿы.
Олег Хәыхәыҭ-иԥа Аԥсны иахьаҵанакуа ажәытәӡатәи аиланхарҭақәеи аԥсыжырҭақәеи, ақыҭақәа Мықә, Бедиа рҿы иҟоу ажәытәтәи аныхабаақәа, иара убас Симон Ҟанттәи иныхабаа, ажәытәӡатәии ашәышықәсабжьаратәии Аԥсны архитектуратә комплексқәа (Ачапара, Герзеул, Баграҭ Ибааш, Ҵабалтәи акультура абаҟақәа, уҳәа) рҿы имҩаԥигоз ажрақәа раан иԥшааз амаҭәарқәеи Дамасктәи аихатә ҟамақәеи аамҭа рацәала рыҭҵаара еихьӡара дуны иҟалеит аҵарауаҩ инаукатә ԥсҭазаара аҿы. Уи аԥсуа еибашьцәа абас еиԥш иҟоу абџьарқәа рхы архәара мацара акәымкәан, иара аџыр ахаҭагьы Аԥсны ишыҟарҵоз ашьақәырӷәӷәара илшеит.
Олег Хәыхәыҭ-иԥа Бӷажәба ҩынттәи аҭыжьра (1991, 1993) змаз арҵагашәҟәы «Аԥсны аҭоурых» («История Абхазии») аҩра ихы алаирхәуан. Иара 2006 шықәса рзы иҭыжьыз арҵагашәҟәы «Аԥсны аҭоурых» («История Абхазии»), иара убас 2007 шықәсазы иҭыжьыз «Ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс Аԥсны аҭоурых» («История Абхазии с древнейших времен») авторцәа дреиуоуп.
Олег Бӷажәба авторс дрымоуп 150 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 15 монографиа, Аԥсны аҭоурых азы арҵагашәҟәқәа. Аԥсуа наука аҿиара аҿы илагала ду азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа ала 2011 шықәса рзы Олег Бӷажәба Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа ахьӡ ихҵан.
Олег Бӷажәба – аҭоурыхтә дисциплинақәа рзы адиссертациатә Хеилак ахантәаҩыс, Аҳәынҭқарратә археологиатә Комиссиа ахантәаҩыс дыҟан, «Аԥсуа аҭоурыхтә Еилазаара» аԥҵаҩцәа дреиуоуп.