Ахатә лагала иартәеит 57 млн 783 нызқьи 107 мааҭ, аплан аҟны иарбаз - 49 млн 805 нызқьи 800 мааҭ раан, мамзаргьы 116%. Ҵыԥх уажәааны иадкыланы ҳахәаԥшуазар, ахатә лагала еизҳаит 14 млн 649 нызқьи 204 мааҭ рыла, мамзаргьы 34%.
Ашықәс актәи азбжазы ареспубликатә биуџьет аҟынтә араион иаланагалаза адотациа 28 млн 285 нызқьи 607 мааҭ артәеит (98,9%), асубсидиақәа - 51 млн 700 нызқьи 174 мааҭ (123.35).
Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд аҟынтә араион иахыԥхьаӡалан 950 ныз. мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада идгалаз арбагақәа изларҳәо ала, Гәылрыԥшь Ашықәс актәи азбжазы абиуџьет аныхтә хәҭа нагӡан 98,9%. Аплан аҟны иарбаз 151 млн.727 нызқьи 500 мааҭ рахьтә фактла ахарџь иартәеит 150 млн 107нызқьи 466 мааҭ. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар 23,8% рыла еиҳауп.