АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2024

Лаша Ашәба: «Хашҭра рықәӡам Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи ҳаибашьцәа. Ҳхырхәоит урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи рҿаԥхьа».

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы   Ашәба                                           Лаша  Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа - 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! 

 

Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш – аԥсуа дгьыл аӷа данақәлаз иарӷьажәҩаны иҳадгылаз ҳашьцәа, ҳҩызцәа рыхьӡала иаԥҵоу, ҳара ҳзы ҷыдала аҵак ду амоуп. 

1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы  – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥхьатәи амшқәа инадыркны Аҩада Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааит раԥхьатәи аибашьцәа. Убарҭ рышьҭахь иара убас еиуеиԥшым ареспубликақәа рыҟнытә аара иалагеит егьырҭ, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәагьы. Урҭ аиашьа иҟаиҵоз ҟарҵеит Ҳаԥсадгьыл азы иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы игылаз Аԥсны ахьчаҩцәа ианрывагыла. Аиашьа, аҩыза изы ахамеигӡара, агәымшәара, агәаӷьра реиԥш иҟоу аҟазшьа аҷыдарақәа рныԥшуеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. 

Хашҭра рықәӡам Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи ҳаибашьцәа. Ҳхырхәоит урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи рҿаԥхьа.   

Акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәа - хатәгәаԥхаралатәи ҳаибашьцәа!  Шәара иҟашәҵаз ацхыраара Аԥсны Аҳәынҭқарра аиааираҟны ахә ашьара уадаҩуп. Ҳара агәра ҳгоит иаашәырԥшыз афырхаҵара аԥхьаҟагьы Аԥсны игыло абиԥара ҿыцқәа рызгьы ҿырԥшыганы, гәадураны ишыҟало». 

 


Read 179 times - Аԥшьаша, 15 Нанҳәа 2024 19:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.