АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2024

32 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14 рзы иалагеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟақәеи рҳаҭгәынқәеи ирҭаауеит, урҭ рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит. 32 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы, Аԥсны атерриториа иалалеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа.

Қарҭ ирыӡбеит Аԥсныҟа архәҭақәа аларгаларц. Официалтә мзызқәас иарбан Звиади идгылаҩцәа рыла иаанкылаз Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Роман Гвенцаӡе ихы ақәиҭтәреи, азвидистцәа рҟынтә аихамҩа ахьчареи. Усҟан ари аихамҩа мацарала акәын Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аидара амҩангара зламҩаԥысуаз. Нанҳәа 11, 1992 шықәсазы азвиадистцәа Жәыргьыҭҟа аиҿцәажәарақәа рзы иааз даҽа жәаҩаҩык Қырҭтәыла аполитикатә усзуҩцәа ҭҟәаны иргоит. Усҟан ажәабжь гәарарҵеит урҭ Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иаанкыланы ирымоуп ҳәа, аха уи ҵабыргымызт. Уи анаҩс Аԥсны аганахьала бџьаршьҭыхлатәи агрессиа ахь икылнагеит. Қарҭ хықәкыс иаман Аԥсны ҩаԥхьа анапаҿы аагара, убри аан Аԥсны аиҳабыра азықәԥон Қырҭтәылатәи ССР иаланаҵы  Аԥсны автономиатә зинқәа рырҭбаара.

Аибашьра аналагоз аҽны, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы иазԥхьагәаҭаны иҟан аҩ-республикак рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азҵаара алацәажәара. Азиндырратә наукақәа рдоктор Тарас Шамба еиқәиршәаз «Ареспублика Аԥсни Ареспублика Қырҭтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа рзы Аиқәшаҳаҭра» апроект алацәажәара азԥхьагәаҭан.  Аха уи зыҟамлаӡеит, ари асессиа еиԥырҟьан ақырҭқәа атәыла ралалара иахҟьаны. Қырҭтәыла анапхгара Қырҭтәылеи Аԥсни  рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыпроблема аӡбаразы арратә мҩа алнахит.   Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет имҩаԥнагоз ауснагӡатәқәа «азыҟаҵара бзиа змоу, Аԥсны атерриториа ампыҵахара хықәкыс измоу аоперациа» аҳасабала иаднакылеит. Аԥсны аоккупациа рхы аладырхәит ҩ-нызықь-ҩык инарзынаԥшуа «агвардеиццәа», 58 цыра рҟынӡа акәалӡтәы техника, хыԥхьаӡара рацәала артиллериатә шьақәгылагақәа (ареактивтә агәыцә рацәа змоу ашьақәгылагақәа «Град», «Ураган» уахь иналаҵаны). «Меч» ҳәа акодтә хьӡы змаз Аԥсны аоккупациа иазкыз аплан  Қырҭтәыла Еиду Амилаҭқәа Реиҩызара ахь ианрыдыркыла ашьҭахь ҩымчыбжь ааҵуаны имҩаԥган. Е. Шеварднаӡе  ишьақәиргылаз ари аплан атәы рдыруан Борис Ельцин дызхагылаз Урыстәыла иреиҳаӡру анапхгара алахәылацәа, урҭ роуп заанаҵы уи азы аквотақәа азоужьрала Қырҭтәыла бџьарла аиқәыршәара алзыршаз.  

Аибашьра раԥхьатәи амш Азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба ателехәаԥшрала аԥсуа жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӷацәа аҿагылара рыҭатәуп ҳәа. Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала атәылаҿы азеиԥш мобилизациа рылаҳәан, 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара, абџьар Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы адҵа ҟаҵан.

** Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара

 «Атәылаҿы 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара азеиԥш мобилизациа рылаҳәареи абџьар Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы» Ақәҵара.   Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа Аԥсны атерриториа алалареи, Ареспублика Аԥсны асуверенитети Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаареи  ашәарҭара аҭаргылареи инарымаданы,  Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум атәылаҿы 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара азеиԥш мобилизациа рылаҳәареи абџьар Аԥсны Аҩныҵҟатәи Архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы азыӡба аднакылеит. Аҩныҵҟатәи Архәҭақәа рполк акомандаҟаҵаҩ адҵа иҭоуп аполк аҩныҵҟа  хәышә-хәышә ҩык рыла ишьақәгылоу абаталионқәа хәба реиҿкаара.   Нанҳәамза 14, 1992 шықәса. Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В. Г. Арӡынба.          

Иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, аԥсуаа рықәхра хықәкыс измаз ишьаарҵәырахаз аибашьра. Уи цәыббрамза 30 рзы аԥсуа жәлар иргаз аиааирала ихыркәшахеит. 1993 шықәса цәыббра 30 рзы аԥсуа ар атәыла аҵакырадгьыл зегь рнапаҿы иааргеит, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аибашьцәа Аԥсны иалцан. Убри инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра зхы иақәиҭу, ахьыԥшымра нагӡа змоу ҳәынҭқаррак аҳасабала иқәгылеит. Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, апоковник Валикәа Пачлиа  (20.11.1945 - 20.04.2021 шш.)  ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра (1992 - 1993 шш.) аҿы арратә хҭысқәа. Адокументқәеи аматериалқәеи. («Боевые действия в грузино-абхазской войне (1992 – 1993 гг.). Документы и материалы» ) аԥхьажәа аҿы иҟаиҵо адыррақәа рыла, «Иааизакны, аԥсуа-қырҭуа еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала рхы аладырхәит 18 150 - ҩык. Урҭ рахьынтә: аибашьратә хҭысқәа ирылахәын - 13 970 – ҩык, атылтә маҵзурақәа рҿы - 4 180-ҩык. Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рхыԥхьаӡара - 2 310 – ҩык рҟынӡа инаӡон. Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара:  Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520-ҩык. Мрагыларатәи афронт аҿы - 5 630-ҩык. Гагратәи афронт аҿы- 1 600-ҩык. (афронт ыҟан 1,5 мзы ирылагӡаны). Аибашьра аҿы еиуеиԥшым ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иҭахаз ауаа - 2-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит».     ___ *

___

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит: 

«Сыуаажәлар, шәхаҵкы! Дарбанзаалак ҳтәыла иқәынхо зегь шәахь схы нарханы исҳәоит. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаҳдырбеит Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьагылоу. Ҳаԥсадгьыл иақәлеит бџьарла еиқәных иҟоу Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа. Урҭ реилазаара аиҳарак ҳадгьыл аҿы ауаҩшьреи аимҵәареи   иашьҭоу ацәгьоуцәа рыла ишьақәгылоуп. Аха Аԥсны хәыҷы аҿы ас еиԥш агьангьашразы ҵаҵӷәы ыҟамызт иагьыҟам иахьагьы. Ҳара ҭынч ҳаҩны ҳанхон, аӡәгьы ҳаиԥырхагамызт, ииашоуп аимак–аиҿакқәагьы аҭыԥ роулон, ауадаҩрақәагьы ҟалалон. Аха ҳара урҭ ҭынч мҩала аӡбара ҳҽазаҳшәон. Иџьоушьаратәы иҟам Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы иҟаҳҵаз ажәалагала. Урыстәылатәи Афедерациа аҿы афедералтә еиқәшаҳаҭра анаԥҵаз, анапаҵыҩра анымҩаԥгаз аӡәыр аибашьра далагама? Мап! Ажәларқәа аилибакаара ԥшааны анаҩс анхареи аҿиареи рымҩа ианылеит. Ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит ҭынч мҩала ҳаизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегь ҳаӡбарц, аха дара атанкқәеи абзарбзанқәеи, ашьрақәеи, арҳәрақәеи рыла аҭак ҟарҵеит. Уи уажәы Қырҭтәыла анапхгара иахагылоу рхаҿы аанарԥшуеит. Уи шьҭа абжьааԥны ишыҟанаҵалоз еиԥш аҿагәыбзыӷрала иаҵәахӡом. Асабрада бааԥсы аҿыхуп. Қарҭ ақалақьи Қырҭтәыла егьырҭ арегионқәеи рҿы иҟалаз ахҭысқәа раан ақырҭцәа ршьакаҭәара, Гыртәыла агырцәа рышьра, Уаԥстәыла ауаԥсаа рҭархара,  абар шьҭа урҭ ирыцлеит акыр амыҟәмабарақәа зхызгахьоу Ҳаԥсадгьыл ауаԥсыра зегьы. Уи азы ахара зду атәыла уажәтәи анапхгара ауп.   Сара ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит иахьа Аԥсны зҭагылоу аҭагылазаашьа уадаҩ атәы адунеи аҿы ишырдыруа.  Адунеи аҿы ари агәымбылџьбаратә акциа ӷәӷәала иақәыӡбоит, убас ала ҳара аморалтәи аматериалтәи адгылара ҳақәгәыӷыр алшоит. Ииашоуп, имариаӡам уи алацәажәара уажәы, абарҭ ажәақәа анысҳәо аамҭазы иҟалар ҟалап шәыҩны ақәылара, аимҵәара, ауаа рыларҟәра мҩаԥысуазар! Ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхаразы дзықәгәыӷуа  аныҟам аамҭа хьанҭа ҳҭагылоуп. Аха сеилышәкаа, саргьы акыр исцәыуадаҩуп иахьатәи аҭагылазаашьа, аха агәра ганы сыҟоуп иахәҭоу адгылара шҳауо. Иахьатәи амш инаркны аҭынч уааԥсыра ирылахысуа аҳаиплан аума, аҵәиԥрыга аума, иаразнак илашьҭхоит...     Абри аҩыза аҭагылазаашьаан ҳара аӡәк иеиԥш иԥшьоу Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы ҳгылароуп! Сара сгәра ганы сыҟоуп ари иуадаҩу аамҭа лыԥхала ҳшалҵуа, аԥсреи арыцҳареи Аԥсны иазаазгаз, Қырҭтәылеи Аԥсни ажәларқәа рыбжьара аиӷара рыбжьазҵаз хымԥада рхьырхәра шҳалшо,  ҳшыриааиуа!» Нанҳәамза 14, 1992 шықәса. Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В.Г.Арӡынба.   (Аизга «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра (1992 - 1993 шш.) аҿы арратә хҭысқәа. Адокументқәеи аматериалқәеи. Атом 1. Аҟәа. 2019 ш.) («Боевые действия в грузино-абхазской войне. Документы и материалы. Том 1. Сухум, 2019 г»).

 

1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахроника. 

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса  – Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа Звиади идгылаҩцәа рыла иаанкылаз Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Роман Гвенцаӡе ихы ақәиҭтәреи, азвидистцәа рҟынтә аихамҩа ахьчареи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны Аԥсны атерриториа иалалеит.  Иалагеит 1992-1993 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра.

 

Нанҳәамза 15 –  Ганҭиади аҳабла аҿы (ақ.Гагра иахьаҵанакуа) ақырҭуа амшынтә десант ӡхыҵит. Ахәылбыҽха, нанҳәамза 15, 1992 шықәса рзы Аԥсныҟа иаауеит Кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа (КАЖәР) аҽыхьчаратә Еилакы аиҳабы Султан Сосналиев напхгара ззиуаз раԥхьатәи ахатәгәаԥхарауаа ргәыԥ. Урҭ неиуеит аԥсуаа рнапаҿы инханы иҟаз Ӷәдоуҭа ақалақь ахь, Аԥсны егьырахь аӷа дахаԥахьан.

Нанҳәамза 18 рзы ақырҭуа ган имҩаԥгаз аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы Аҟәа иалалан, аҳҭнықалақь ааныркылеит. Аӷа инапаҵаҟа иҟалаз атерриториа аҿы мҽхакы ҭбаала арҳәреи аӷьычреи ауаҩшьреи ҟалеит.

Нанҳәамза 19 рзы – ақырҭуа архәҭақәа Гагра ақалақь ааныркылоит. Нанҳәа 23 рзы Гәдоуҭаҟа иааит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҟынтә раԥхьатәи аибашьцәа ргәыԥ, 35-ҩык ҳашьцәа. Аԥсны ахьчаразы хатәгәаԥхарала еибашьра иааит иара убас Приднестровиантә, Алада Урыстәылантә.

Нанҳәамза 25 рзы – Аҟәатәи ателехәаԥшра ала дықәгылеит Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет аруаа Аԥсны адҵа рызҭоз, аполковник Георги Ҟарҟарашьвили. Георги Ҟарҟарашьвили аультиматум аҟазшьа змаз адҵа ҟаиҵеит 24 сааҭ рыла аԥсуа жәлар рабџьар шьҭарҵарц. Ус анакәымха «асепаратистцәа» ажәа риҭеит «ақырҭқәа шә-нызқьҩык ҭахаргьы, Арӡынба идгыло ԥсыуас иааҟоу 97 нызқьҩык зегьы шҭаирхо» ала.

Нанҳәамза 30 – цәыббраза 1 – ақырҭуа архәҭақәа москватәи аиԥылара аламҭалазы аԥсуа архәҭақәа рынаскьагаразы ажәыларатә операциақәа мҩаԥыргеит. Аха урҭ дара рзы илҵшәадахеит. 1992 шықәса, цәыббра 3 рзы Москва имҩаԥысит Кавказ ареспубликақәа рхадацәа реиԥылара, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа алархәны, иара убас Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылатәи атәылаҿацәи рнапхгаҩцәа алархәны. Аԥсуа ган даара акыр иақәыӷәӷәон аҟнытә, аиԥылараҿы ирыдыркылаз адокумент Қырҭтәыла «аҵакырадгьылтә акзаара аиқәырхара» азԥхьагәанаҭон, ақырҭуа еибашьцәа Аԥсны ралҵра хымԥадатәуп ҳәа арбамызт. Аибашьра иацҵан. Цәыббрамза 5 рзы  – аамҭала аибашьра аанкылара алагара ашьҭахь 10 минуҭк ааҵуаны еиԥш, (асааҭ 12:00 рзы) уи ақырҭуа архәҭақәа рганахьала Алада Ешыра иҟаз аԥсуа архәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа рылахысрала еилаган. Иара уааҵәҟьа, қырҭтәылатәи архәҭақәа асааҭ  22:30 рзы атанкқәа рыла ажәылара рҽазыршәеит.  Цәыббрамза 9 рзы – Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рҿы цәыббрамза 10, 00 сааҭ  инаркны аиҿахысра аанкылара азы аиқәшаҳаҭра бжьаҵан. Аиқәшаҳаҭра ҩаԥхьа еилагоуп. Анаҩс, цәыббрамза 15, 17 рзы ирыбжьарҵаз аиқшаҳаҭрақәагьы анагӡара залмыршахеит, ақырҭуа ган ала иахьеилагаз инамадан.

Цәыббрамза 16  –  Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет «Қаырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны аганахьала имҩаԥнагаз бџьаршьҭыхлатәи агрессиа азы», «Аԥсуа жәлар ргеноцид азы» Ақәҵара аднакылоит.  Цәыббра 25 рзы Едуард Шеварднаӡе Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) атрибуна аҟынтә Урыстәыла ахара рыдиҵеит Қырҭтәыла иаҿагыланы агрессиа ахьыҟанаҵо азы. Москва уи аҭакс – Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу Асовет «Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы Нхыҵ Кавказ ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазашьа азы» Ақәҵара рыдыркылоит. Уи аҟны қырҭтәылатәи архәҭақәа Аԥсны ралгаразы адҵа ҟаҵан. Цәыббрамза инаркны ақырҭуа архәҭақәа рганахьала иалагеит амыз рацәа зҵазкуаз аԥсуа қалақь Ҭҟәарчал аблокада. 

Жьҭаарамза 1 - 6 рзы – аԥсуаа Гагра ақалақьи Гагра араиони Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра азы  ажәылара аԥшьыргеит. Жьҭаарамза 1  – асааҭ 17:00 рзы аԥснытәи архәҭақәа ажәылара иалагоит, Колхьыда аҳабла (уажәы Ԥсахара) ааныркылоит; жьҭаарамза 2 – ахы иақәиҭтәхеит Гагра ақалақь; жьҭаарамза 3 – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ақалақь абомбақәа аларыжьуа иалагеит, уи иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи аҭынч уааԥсыра ҭахеит; Жьҭаарамза 4 – Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз амитинг аҿы Едуард Шеварнаӡе абас еиԥш аҳәамҭа ҟаиҵоит: «Гагра ақалақь уаанӡа еиԥш уажәгьы Қырҭтәыла мраҭашәаратә гәашәқәаны иаанхоит, ҳара уи хымԥада иҳаргьежьыроуп»; Ақырҭуа архәҭақәа ҳауала инацҵаны ацхыраара роуеит; Жьҭаарамза 6 – аԥснытәи архәҭақәа ахы иақәиҭыртәуеит Леселиӡе аҳабла (уажәы Гечрыԥшь), Ганҭиади (уажәы Цандрыԥшь); Аԥснытәи архәҭақәа Урыстәыла аҳәаа аҟынӡа Аԥсны аҵакырадгьыл зегьы рнапаҿы иааргеит. Аԥсуаа рнапаҵаҟа иҟаз Гәымсҭеи Бзыԥи рыбжьаратәи аҵакырадгьыл акәын; Ахьаҵра иаҿыз аӷа ирхәҭақәа Аԥсны ааныжьны Ԥсоу аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысны ицоит, рабџьаргьы урыстәылатәи аруаа ирзаанрыжьуеит. Абри ашьҭахь «адгьыл ду» ахь аԥсуаа амҩа рзаартхеит.

Жьҭаарамза 7-8 – Лыхны ақыҭан имҩаҧысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза (абаза) жәлар I-тәи Рконгресс, аԥсуа жәлар ргеноцид иақәыӡбаны иқәгылеит аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирықәынхо ҳажәлар рхаҭарнакцәа. Ҩымштәи Аконгресс аусура аамышьҭахь аделегатцәа ирыдыркылеит Адекларациа, иара убас Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) ахь, Кавказ ажәларқәа рахь, Урыстәыла Ахадеи Иреиҳаӡоу Асовети рахь ааԥхьара ҟарҵеит. Жьҭаарамза 11 рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, иара Москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс дарҭеит, Аштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев.

Жьҭаарамза 23 рзы – Қырҭтәылатәи иҷыдоу амаҵзурақәа инарыгӡаз   хықәкылатәи акциа иалҵшәаны Аҟәа ақалақь аҿы ирыблит Аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, алитературеи ринститути, Аԥсны аҳәынҭқарратә архив ахыбреи. Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызкыз иуникалтәыз, хәы змаӡамыз адокументқәеи аматериалқәеи ыҟамызшәа амца иалаблит. Жьҭаарамза 26 – ари амш азы иазԥхьагәаҭан Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы арратә операциа амҩаԥгара. Аха уи лҵшәадахеит. Аԥсуа ар адесант аӡхыҵразы аҽазышәарақәа мҩаԥган.

Абҵарамза 3 – Гәымсҭатәи афронт арымарахьтәи аганахьала излагаз раԥхьатәи Шроматәи ажәыларагьы қәҿиара амамызт. Абҵарамза 20-29 рзы  – Аҟәа ақалақь урыстәылатәи архәҭақәа ралгара  азы аамҭала аибашьра ааныркылоит. Ақырҭуа ган ари аҭагылазаашьа ахы иархәаны аибашьцәа рхыԥхьаӡара ацҵареи абџьари рыдкылареи мҩаԥыргоит.  Абҵарамза 30 рзы аԥсуа ар ахы иақәиҭыртәит Очамчыра араион иатәу ақыҭа Кәачара (Мрагыларатәи афронт). Ԥхынҷкәнмза 2 рзы – Едуард Шеварднаӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит: «Дара аибашьра рҭахуп, ус анакәха урҭ аибашьра роуеит». Ԥхынҷкәынмза 14 рзы – ақырҭуа еибашьцәа ашьха қыҭа Лаҭа иахыԥраауаз, агуманитартә реис ҟазҵоз урыстәылатәи авертолиот МИ-8 ларышьҭит. Уи иҭан аблокада иҭакыз Ҭҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ицоз аҭынч уааԥсыра. Авертолиот иҭаблит 84-ҩык ауааԥсыра, 35 -ҩык ахәыҷқәеи 8 - ҩык зцәа зтәымкәа иҟаз аҳәсеи уахь иналаҵаны.

Ажьырныҳәамза 5, 1993 шықәса  – Гәымсҭатәи афронт аҟны имҩаԥган Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә опеарциа. Аха уи лҵшәадахеит. Усҟан иҭахеит 37-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Ажьырныҳәамза 31 рзы – ихацырхоит амацәаз иҭаку ақалақь Ҭҟәарчал ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы агуманитартә акциа.

Жәабранмза 7 рзы – ақырҭуа ган ганкахьалатәи аӡбарала иарбоу акциа амҩаԥгара ааннакылоит. Жәабранмза 20 рзы – ажәыларатә ҳаирплан «Су-25» Ешыра ақыҭан урыстәылатәи арратә обиект иалахысыз ақырҭуа артиллериа ахысырҭақәа  рықәхра мҩаԥнагеит.  Иарбоу аинцидент Қарҭ  ала урстәылаҿагыларатәии аԥсныҿагыларатәи аистериа азы ҩаԥхьа ахархәара аиуит. 

Хәажәырамза 15 – 16 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа мҩаԥган. Аха уи маншәаламхаӡеит. Марттәи ажәылараан еиуеиԥшым адыррақәа рыла иҭахеит ҩышәҩык инадыркны ԥшьышәҩык рҟынӡа аԥсуа еибашьцәа, 32-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Мшаԥымза 26 рзы – Қырҭтәылатәи Апарламент иҟанаҵаз ааԥхьара аҭак аҳасабала Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет, 8 мзы рыла раԥхьаӡа акәны Қырҭтәыла Апарламент азеиԥш мобилизациа амҩаԥгареи ашьаарҵәыратә еибашьра ацҵареи рзы акәымкәа, аибашьра аанкылара азы аҳәамҭа ҟанаҵеит ҳәа иазгәанаҭеит.  Мшаԥымза 26  рзы – Қырҭтәыла Аҳаиртә арбџьармчқәа иртәу ажәыларатә ҳаирплан «Су-25» Гәдоуҭа ақалақь абомба аланажьит.  Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы иарбоу акциа Қырҭтәыла анапхгара уаанӡатәи агәҭакқәа рынагӡара ишацәхьамҵуа, «аԥсуа-қырҭуатә еизыҟазаашьақәа амч ахархәарала аӡбара ишадгыло» даҽазныкгьы иарҵабыргуеит ҳәа иазгәаҭоуп.  

Лаҵарамза 20 рзы  – Б. Ельцинаи Е. Шеварднаӡеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны  (Лаҵарамза 14 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз  анаҩс Аԥсныгьы злахәхаз аиԥылара), аиҿагылара азона аҿы аамҭала аибашьра аанкылара арежим алагалан.  Аха иарбоу арежим лассы-лассы еилагон. Лаҵарамза 31 инаркны аибашьратә ҭагылазаашьа еиҭахацырхеит ҳәа уҳәар ауеит. Лаҵарамза 22 – 23 рзы қырҭтәылатәи аган Гәымсҭатәи афронт ахь идәықәнаҵоит 500-ҩык инарзынаԥшуа аԥарахшәаарала еибашьуаз Украинатәи аибашьцәа.  Лаҵарамза 24 рзы – ақырҭуа ган ала илашьҭын амацәаз иҭакыз ақалақь Ҭҟәарчал азы агуманитартә еидара згоз урыстәылатәи авертолиот «Ми-8». Аҳаирплан аекипаж алахәылацәа 5-ҩык ҭахеит.

Рашәарамза  2 рзы  – Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы амацәаз иҭаку Ҭҟәарчал ақалақь агуманитартә цхыраара аҭареи уи ауааԥсыра ралгареи рзы мҽхакы ҭбаала акциа амҩаԥгара иалагеит. Урыстәылатәи авертолиотқәа ԥшьба рыла актәи ареис амҩаԥгара ашьҭахь, ақырҭуа ган акциа амҩаԥгара ааннакылеит, аԥыррақәа ршәарҭадара азы аҭакԥхықәра ахахьы агара мап ацәкны. Рашәарамза 15-18 рзы Москва ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа абжьацәажәарала аибашьра аанкылара азы аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара азы аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа актәи араунд мҩаԥысуан.  Рашәарамза 16-17 рзы – имҩаԥган Ҭҟәарчал ақалақь ауааԥсыра реиқәырхара иазкыз акциа аҩбатәи аетап. Аҩ-етапк рыла амацәаз иҭакыз ақалақьи уи араионқәеи  ирылгахеит  5030-ҩык.  

Амз анҵәамҭа инаркны аԥснытәи артиллериа  ала Аҟәа азааигәара итәаз аӷа ихырӷәӷәарҭақәа рылахысрақәа еиҳа аинтенсивра аиуо иалагеит.

Ԥхынгәымза 2 рзы – Гәымсҭатәи афронт арымарахьтәи аганахьала аԥсуа ар ажәыларатә операциа амҩаԥгара иалагеит; Ԥхынгәымза 2 рзы Тамшь иӡхыҵыз аԥсуа еибашьцәа хышәҩык рыла ишьақәгылаз амшын десант, Аҟәаҟа зымҩа хаз ақырҭуа еибашьцәа рымҩа ркит. Анаҩс аԥсуа архәҭақәа аӷа ааха ирҭеит аҩада-мраҭашәаратәи рхырӷәӷәарҭаҿы. Абас ала ԥхынгәымзазы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа афронтқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа аиуит. Дара иуадаҩыз аидысларақәа рҿы ириааины аԥсуаа иааныркылеит ақыҭа  Шромеи, астратегиатә ҵакы ду змаз аҳаракырақәа Цугуровкеи Аҳбҩықи. Мрагыларатәи афронт аҿы активла имҩаԥысуаз аибашьра иабзоураны Ҭҟәарчал маҷк аԥсеивгара аиуит, аӷа уаанӡеиԥш инеиԥынкыланы ақалақь шьҭа далахысуамызт. Ԥхынгәымза 27 рзы – Аԥсуа ар ржәылара аамҭала иааныркылар акәхеит. Қарҭ аиҿцәажәара иаҳәеит. Шәача имҩаԥысит Аԥсныи, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара. Иззааиз аиқәшаҳаҭрақәа рыла, Шеварднаӡе ажәа риҭеит ақырҭуа архәҭақәа Аԥсны ишалҵуа ҳәа. Аха хара имгакәа еилкаахеит Қарҭ аиқәшаҳаҭра анагӡара агәы ишҭамыз. Ицәырҵыз аҭагылазаашьа ҿыцқәа ҳасаб рзуны, аԥсуа аинралцәа – атәылахьчара аминистр Сулҭан Сосналиеви, Аштаб хада аиҳабы Сергеи Дбари Аҟәа ахақәиҭтәреи аӷа ихарбгалареи рзы аоперациа аплан ҭырхит.

Нанҳәамза 9 рзы – В. Арӡынба  Б. Ельцини Бутрос Гали ацҳамҭа рзиишьҭуеит. Уаҟа иара ақырҭуа ган шәачатәи Аиқәшаҳаҭра шеиланаго азы адырра ҟаиҵоит: аԥсуа хырӷәӷәарҭақәа ишреихсыц иреихсуеит, архәҭақәеи атехникеи  ралгара аграфик еиларгоит. Нанҳәамза 22 рзы – Аиқәшаҳаҭра анагӡашьа ахылаԥшра азы Еиду акомиссиа абас еиҵш алкаа ҟанаҵоит: ар реидыхра азы аплани аграфиуи аԥсуа ган ала инагӡоуп, ақырҭуа ган аҭакԥхықәрақәа рынагӡара иацәхьаҵуеит. Нанҳәамза 24 рзы – Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Борис Ельцини Владислав Арӡынбеи реиԥылара. Урыстәыла Ахада адырра иоуеит ақырҭуа ган шәачатәи Аиқәшаҳаҭра шеиланаго азы.

Цәыббрамза 16 – 30 рзы имҩаԥысуеит аԥснытәи ар аҵыхәтәантәи ажәыларатә операциа. Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит цәыббра 16 рзы, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа амҩаду Очамчыра-Аҟәа анааныркыла ашьҭахь, аҳҭнықалақь кны итәаз ақырҭқәа иарбанзаалак цхыраарак рыҭаразы алшара ҟамларц. Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа даара иеибыҭаз аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ԥырганы Аҟәа иакәшеит. Цәыббрамза 17 рзы  – Гәымсҭатәи афронт аҿы аԥсуа еибашьцәа Гәысмҭа аӡиас ирит. Цәыббрамза 20 – аԥснытәи ар адҵаҟаҵаҩцәа ақырҭуа еибашьцәа аҿагылара аанкыланы ишәарҭадоу акоридор ала амацәаз иҭаку Аҟәа ақалақь иалҵны ицарц азы алшара  рыдыргалеит, аха уи аҭак ҳәа акгьы рмоуӡеит.  Цәыббрамза 21 - 26 – Аҟәа ақалақь амҩадуқәа рҿы ӷәӷәала аидысларақәа цоит, Очамчыратәи афронт аҿы қәҿиарала аоперациақәа мҩаԥысуеит. Цәыббра 27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын, 12-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз Қырҭтәыла  ар Аҩбатәи арратә корпус шьаҭанкыла иӷәыхын. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Иреиҳаӡоу Асовет ахыбра иахашәыршәырит. Цәыббрамза 28 рзы  – Едуард Шеварднаӡе Аԥсны ааныжьны дыбналеит. Цәыббра 29 рзы аҭоурыхтә хҭыс ҟалеит: Кәыдры ацҳаҿы еиԥылеит Гәымсҭатәи (Мраҭашәаратәи) Мрагыларатәи афронтқәа. Цәыббрамза 30 – ахьаҵра иаҿыз аӷа ишьҭаланы аԥсуа ар Егры аӡиас ахықәанӡа инаӡеит – Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа инхықәгылеит. Аӡиас ахықәан Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит.

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 200 times - Аԥшьаша, 15 Нанҳәа 2024 14:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.