АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2024

Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Есышықәса нанҳәамза 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш. Ишдыру еиԥш,  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит 1992 шықәса, нанҳәамза 14 рзы, адырҩаҽныҵәҟьа Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтә ҳтәыла иаҭааит  раԥхьатәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз арԥарцәа ргәыԥ.

Ари амш аҽны 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб ахьыҟаз ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит:

Асааҭ 10:00 рзы – хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит;

Асааҭ 10:30 рзы – Р. Аультура Аҩны аҿы аныҳәатә еизара мҩаԥгахоит;

Асааҭ 11:00 рзы – Р.Дасаниа ихьӡ зху акультура Аҩны аҿы аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;

Асааҭ 12:30 рзы – С.П.Дбар ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҭаара.

Аибашьра ианналага аҩбатәи амш, 1992 шықәса, нанҳәамза  15 инаркны Аҟабарда жәлар рҵеи иаша Султан Асланбек-иԥа Сосналиев напхгара ззиуаз раԥхьатәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ ааны ҳаибашьцәа ирывагылеит.

2310-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын. 260-ҩык инареиҳаны Аԥсны ахьчара рхы ақәырҵеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 50 ҩык Чечентәылантәи, 50-ҩык инареиҳаны Ҟабарда-Балкариантәи, 11-ҩык – Ҟарачы-Черкесиантәи,  8-ҩык – Украинантәи, 7-ҩык – Аахыҵ Уаԥстәылантәи,  7-ҩык – Адыгеиентәи, 6 - ҩык – Шьамтәылантәи,  6 - ҩык –  Нхыҵ Уаԥстәылантәи, 6 - ҩык – Ҭырқәтәылантәи, 4 - ҩык – Ингушетиантәи, иара убас Азербаиџьанынтәи, Белоруссиантәи, Ҟазахсҭанынтәи, Литвантәи, Естониантәи, Приднестровиантәи, Польшантәи, уҳәа. Иара убас 106-ҩык – Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Владивоток, уҳәа Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Аԥсны ахьчаразы иҭахеит.

51-ҩык хатәгәарала еибашьуаз «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа  иҳараку аҳәынҭқарратә аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит,  300-ҩык рҟынӡа Леон Иорден ранашьоуп, 700-ҩык рҟынӡа «Агәыфмшәаразы амедал» ранашьахеит.  

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны ныҳәак аҳасабала Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәарҭеит нанҳәамза 15, 2012 шықәса рзы. Ари амш аԥҵара азы аԥшьгара ҟаиҵеит Аԥсны ԥыхьатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа.  

Нанҳәамза 8, 2013 шықәсазы Аԥсны усҟантәи Ахада Алеқсандр Анқәаб «Ареспублика Аԥсны агәалашәаратәи аныҳәатәи амшқәа рзы Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.   Уи  инақәыршәаны, нанҳәамза 15 аныҳәатә усуратә мшны – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Ирымшны ирылаҳәахеит. 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 200 times - Аԥшьаша, 15 Нанҳәа 2024 18:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.