Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 16 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 12, 2008 шықәса рзы, Аԥсны Арбџьармчқәа Кәыдрытәи аҩхаа аҩадатәи ахәҭа ақырҭуа архәҭақәа рҟынтәи ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аҟынӡа инаӡеит.
Ари амш аҽны Кәыдрыти аҩхаа аҩадатәи ахәҭа аҿы Аԥсны аиурисдикциа шьақәыргылахеит, ареспублика атерриториалтә акзаара еиҭашьақәыргылан.
Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар рҟынтәи аҭарцәразы арратә аоперациа хыркәшан нанҳәамза 12, 2008 шықәса рзы.
Аԥснытәи арра-ҳаиртә мчқәа Кәыдрытәи аҩхаа аҿы аҳаиртә жәыларақәа мҩаԥыргоит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2008 шықәса. Иахьа, ашьжьымҭан, асааҭ 5 рзы, аԥснытәи арра-ҳаиртә мчқәа Кәыдрытәи аҩхаа Кәабчара ҳәа иахьашьҭоу аҩадатәи аҭыԥқәа рҿы иҟоу ақырҭуа архәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа абомбақәа рылажьра иалагеит. Асааҭ 09:00 рзы Ажара ақыҭан даҽа аҳаиртә жәыларак мҩаԥгахеит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Арбџьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал Анатоли Заицев.
Анатоли Заицев иҟаиҵаз адыррақәа рыла, агәҽанызаара шыҟазгьы, қырҭтәылатәи аруаа ашьыжь асааҭ 04:00 рзы рҭыԥқәа аанырмыжьӡацызт.
«Ҳара аӷа аблокада изуреи иқәхреи рзы адесант артәара ҳгәы иҭоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Анатоли Заицев.
Асааҭ 07:00 рзы қырҭтәылатәи арра-ҳаиртә мчқәа аԥснытәи аԥшыхәратә ҳаирплан алашьҭра рҽазыршәеит, аха аинрал иажәақәа рыла, уи рзалымҵит.
Урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ақырҭуа мчратә структурақәа рдемилитаризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны 700 цыра инареиҳаны абџьар амхра нарыгӡеит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2008 шықәса. Агрессор мчыла аҭынчрахь икылгаразы аоперациа амҩаԥгараан, уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла абжьаҟазыҩцәа ақырҭуа мчратә структурақәа рдемилитаризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны 700 цыра инареиҳаны абџьар амхра нарыгӡеит, уи аиҳарак аҳәаанырцә иҭрыжьыз абџьар ахкқәа ракәын. Абри азы ажурналистцәа адырра риҭеит Абжьаҟазаратә архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ ицхырааҩ Алеқсандр Новицки.
Аоккупациа зызуз Кәыдрытәи аҩхаа аҟынтәи ақырҭуа архәҭақәа ралцара иазку арратә операциа адгьылхыхьтә хәҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2008 шықәса. Аоккупациа зызуз Кәыдрытәи аҩхаа аҟынтәи ақырҭуа архәҭақәа ралцара иазку арратә операциа адгьылхыхьтә хәҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит. Абри азы асааҭ 11:00 рзы ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит амассатә информациақәа рхархәагақәа рҿы Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа.
«Ишдыру еиԥш, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иацы аоккупациа зызу Кәыдрытәи аҩхаа аҿы иҟаз ақырҭуа архәҭақәеи атәылауааи иарбоу азона ааныжьны ицарц алаҳәара ҟанаҵеит. Урҭ иацы асааҭ 19:00 рҟынӡа агуманитартә коридор рыҭан. Аха иарбоу аамҭа нанҳәамза 12, ашьыжь аҟынӡа иацҵан», - ҳәа иҳәеит Криастиан Бжьаниа.
Иахьа ашьыжь, асааҭ 6:00 рзы аоккупациа зызуз Кәыдрытәи аҩхаа аҟынтәи ақырҭуа архәҭақәа ралцара иазку арратә операциа иацҵахеит.
Уажәы иарбоу аоперациа адгьылхыхьтә хәҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит. Аԥснытәи архәҭақәа аҩхаа хыхьтәи ахәҭа иалалеит.
Аоперациа амҩаԥгараан ахархәара ауит еиуеиԥшым абџьар хкқәа, ахара ахы назго абзарбзанқәа, агәыцә рацәа змоу ахысга «Град», атанкқәа, иара убас ашьха ҭыԥқәа рҿы излеибашьуа ҳаамҭазтәи абџьар.
«Ақырҭуа ган иарбоу арегион аҿы бџьарла еиқәыршәоу рырхәҭақәа ыҟаӡам ҳәа аҳәамҭа шыҟанаҵазгьы, ҳара ҳархәҭақәа аҿагылара роуит. Аԥсны арра-ҳаиртә мчқәа иатәу аҵәиԥрыгақәа ҩба адгьыл аҟынтәи еихсит, аха урҭ рылашьра залымшаӡеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Кристиан Бжьаниа.
Аԥснытәи архәҭақәа урҭ ирҿыгылоу ақырҭуа архәҭақәа амацәаз иҭаркит.
Аԥсны Арбџьармчқәа раԥхьатәи адесант тәеит ақыҭа Чхалҭа азааигәара.
«Ҳара ҳгәаанагарала, Қырҭтәыла архәҭақәеи егьыр аструктурақәа рхаҭарнакцәеи аоккупациа зызу Кәыдрытәи аҩхаа аҟынтәи ралцара иазку аоперациа аамҭа кьаҿ иалагӡаны ихыркәшахоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Кристиан Бжьаниа.
Амассатә информациақәа рхархәагақәа рҿы Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа аоперациа зегьы мацара аԥснытәи архәҭақәа рымчала имҩаԥсуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Кристиан Бжьаниа иара убас амассатә информациа ахархәагақәак ишырҳәо ала Кәыдрытәи аҩхаа еимаку ҵакыраӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аиамк-аиҿак зцыз аҵакыра ахылаԥшра аҭара азҵаара мацара ауп. Кәыдрытәи аҩхаа ахаҭа Аԥсны, Гәылрыԥшь араион иахәҭакуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит амассатә информациақәа рхархәагақәа рҿы Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа.
Уажәы ареспублика Ахада Аԥсны ашәарҭадара Ахеилаки Аԥсны Арратә Хеилаки алахәылацәа злоу аилатәара мҩаԥигоит.
Аԥсны Қырҭтәыла ахатә ар амазаара азин амхра азы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2008 шықәса. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба жәларбжьаратәи аилазаара ахь Қырҭтәыла ахатә арбџьармчқәа амазаара азин амхра азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
«Аҵыхәтәантәи 100 шықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иҟан 21 шықәса: 1918 шықәса инаркны 1921 шықәанӡа, иара убас 1990 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа. Иарбоу аамҭа иалагӡаны иара бжь-еибашьрак рхацыркра иахьӡеит», - ҳәа аҩаша «Интерфакс» акоррепондент диҿцәажәо иҳәеит Сергеи Шамба.
«Жәларбжьаратәи аилазаара иарбоу хра злам аԥышәа ҳасаб азуны, Қырҭтәыла ахатәы арбџьармчқәа рымазаара азин анамҭароуп. Ахәыҷқәа аспычка дыркра ҟалаӡрм», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Кәыдырҭа аҩадатәи ахәҭа аҭарцәра иазку арратә операциа хыркәшахар ауеит аҩаша ахәылԥаз, мамзаргьы ахашаҽны.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2008 шықәса. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь Кәыдырҭа аҩадатәи ахәҭа аҭарцәра иазку арратә операциа хыркәшахар ауеит аҩаша ахәылԥаз, мамзаргьы ахашаҽны ҳәа иԥхьаӡоит.
Арратә Хеилак аилатәара ашьҭахь атәылахьчара Аминистрра аҟны имҩаԥгаз абрифинг аҿы «аҩхаа аиҳарак ахы иақәиҭтәуп, Қырҭтәыла инанагӡо аполитика иадгылоз «иахганы иҟоу Автономтә республика Аԥсны анапхгара» ахьтәаз Ажара ақыҭагьы уахь иналаҵаны» ҳәа иҳәеит иара.
Ареспублика Ахада, аԥснытәи аруаа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи иҭадырцәраны иҟоуп ашьха иаԥну даҽа аиланхарҭа ҭыԥқәа ҩба – Омаришареи Сакени ҳәа иазгәеиҭеит.
Сергеи Багаԥшь иажәақәа рыла, «аԥснытәи аруаа Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аҟынӡа инаӡоит, аха уи анаҩс иахысны ицаӡом».
Аԥснытәи аруаа ахырӷәӷәарҭатә ҭыԥ «Аҩадатәи Ажара» ааныркылеит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2028 шықәса. Аԥснытәи архәҭақәа Кәыдрытәи аҩхаа аҿы инарыгӡо арратә операциа адгьылхыхьтә хәҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит.
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟынтәи иҳауз адыррала, Кәыдрытәи аҩхаа аҩадатәи ахәҭа аҿы иҟоу аԥснытәи архәҭақәа ахырӷәӷәарҭа Аҩадаи Ажара ааныркылеит.
Кәыдрытәи аҩхаа аҿы иҟоуп Ажара ҳәа изышьҭоу ҩ-қыҭак, - Аладатәи Ажара, Аҩадатәи Ажара ҳәа изышьҭоу.
«Сааҭқәак раԥхьа аԥснытәи архәҭақәа Аладатәи Ажара абираҟ ахадыргылеит, уажәы урҭ Аҩадатәи Ажара аҿы иҟоуп», – ҳәа адырра ҟарҵоит атәылахьчара Аминистрра аҿы.
Қырҭтәылатәи архәҭақәа Кыдрытәи аҩхаа аҩадатәи аҭыԥқәа рҟынтәи ралцара иазку аоперациа ахыркәшарахь инеиуеит. Арратә операциа Кәыдрытәи аҩхаа иахьаҵанкуа зехьынџьара Аԥсны аиурисдикциа шьақәгылаанӡа имҩаԥыслоит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2008 шықәса. Аҟәа ақалақь, Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь ихантәаҩрала ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра Ахада ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа зегьы уахи-ҽни инеиԥынкыланы даараӡа иуадаҩу аамҭазы русура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Сергеи Багаԥшь амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа, аиҳарак атәылахьчара Аминистрреи арезервистцәеи ҳәоуеиқәшәарала инарыгӡаз аусура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Сергеи Багаԥшь, Ажара ақыҭа – Кәыдырҭа аҩадатәи ахәҭа аҿы зегьы иреиҳаз аиланхарҭатә ҭыԥ – ақырҭуа аккупациатә режим аҟынтәи ахы иақәиҭтәуп, Аԥсны Арбџьармчқәа рхылаԥшра аҵаҟа инагоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Арратә операциа арегион зегьы (Кәыдрытәи аҩхаа) иахьаҵанкуа зехьынџьара Аԥсны аиурисдикциа шьақәгылаанӡа имҩаԥыслоит.
Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа аоперациа арратә фаза ахыркәшаразы инагӡатәу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.
Аԥхьанатә иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа рахь иԥхьаӡоуп арегион аҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи зыԥшра ҟамҵакәа Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра аструктурақәа реиҭашьақәыргылареи. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп агуманитартә аспект, ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Сергеи Багаԥшь аҩхаа аҿы иаанхаз аҭынч уааԥсыра иахәҭоу ацхыраара рыҭара, фатәи-жәтәи рыла реиқәыршәара азы адҵа ҟаиҵеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа инарымаданы, ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Ахьыԥшымра Амш 15-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны иазԥхьагәаҭоу аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҽхак армаҷра азҵаара иалацәажәеит.
Аиҿкааратә комитет ахантәаҩы, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб уи азы ажәалагалақәа рыдгалара азы анапынҵа иҭан. Иара убасҵәҟьа уи адҵа иҭоуп Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Анапхгара адгаланы акыр амыҟәмабарақәа ирықәшәаз ауаԥс жәлар иарбан цхыраароу еиҳа ирҭаху аилкаара.
Аԥсны арбџьармчқәа Кәыдырҭа аҩадатәи ахәҭа аганахьала Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иадгылеит.
Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12, 2028 шықәса. Аԥсны арбџьармчқәа Кәыдырҭа аҩадатәи ахәҭа аганахьала Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иадгылеит. Абри азы ажурналистцәа адырра риҭеит Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал Анатоли Заицев.