«Владимир Микаӡе ҳҵараиурҭа аҿы акыршықәса инеиԥынкыланы аус зухьаз, аусзуҩ еиҳабацәа дреиуан. Уи иԥсҭазаара зегьы амилаҭтә кадрқәа реиҵааӡареи аҵара дырҵареи иазикит. Иара активла инаигӡоз аусура иабзоурахеит азиндырҩцәа рабиԥара аиҵааӡара алыршара, урҭ иахьа қәҿиарала аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, иара убас аҵарадырра асистемеи егьырҭ аусбарҭақәеи рҿы аус руеит.
Владимир Митрофан-иԥа иԥсҭазаара алҵра —ҳара зегьы ҳзы цәыӡ дууп. Уи игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит», – ҳәа иаҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адышшыларатә шәҟәы аҿы.