АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Нанҳәа.2024

16-шықәса раԥхьа иҟалаз Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьраҿы иҭахаз ргәаларшәара аҳаҭыраз акциа «Агәалашәара ацәашьы» мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә  драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы асааҭ   21:00 рзы ажәа  «08.08.08. Помним» («Шәаҳгәалашәоит») злашьақәгылаз ацәашьқәа адыркит.

Ари акции рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атранспорти афымцамчи рминистр  Џьансыхә Нанба,  Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара  алахәылацәа, атәылахьчара Аминистрра аруаа, ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла аганахьала имҩаԥнагаз агрессиа 16-шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала аиашьаратә Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аԥсуа жәлар рҟынтәи адгылара шаиуо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Ареспублика Аԥсны ажәлари хаҭала сара сыхьӡалеи ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа Аахыҵ Уаԥстәыла аганахьала агрессиа анымҩаԥырга амш 16-шықәса ахыҵра инамаданы сшәыдышшылоит, аиашьаратә дгылареи ацхыраареи рыҟаҵара ҳшазхиоугьы азгәасҭоит.

Нанҳәамза 8, 2008 шықәса рзы Михаил Саакашвили дызхагылаз амилаҭеилыхратә режим анапхгара аҵаҟа иҟаз  Ареспублика Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит.

Ацәыӡ дуқәа шаиузгьы Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи ирыбзоураны ршьамхы адмырсит. Агрессор мчыла аҭынчрахь акылгаразы Урыстәыла ианаамҭаз иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирыбзоурахеит анаҩстәи ашьакаҭәара аанкылара.

Аԥсуа жәлар аахыҵуаԥстәылатәи ажәлар ари атрагедиа аҿы иҭахаз ргәалашәара рыцеиҩыршоит. Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рҿы иарбоу аамҭа хьанҭаӡа азы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз адгылареи ацхыраареи ахә ҳаракны иршьоит.  

Иахьа акырӡа аанагоит ҳажәларқәеи милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи Афедерациа ажәлари рыбжьара ишьақәглахьоу аиашьаратә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа реиқәырхара. Урыстәылатәи Афедерациа 16 шықәса раԥхьа еиԥш иахьагьы аҭычреи аиашареи ажәларқәа рхақәиҭреи рзы ақәԥара иаҿуп.   Ари ҳара зегьы иаҳзеиԥшу қәԥароуп, уи жәаҳәарада аиша аиааирала ихыркәшахароуп.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ажәлар аринахыс гәык-ԥсыкала ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи!»

«Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар иҿыцӡоу аҭоурых аҿы, иҳаҩсыз ашәышықәса, 90-тәи ашықәсқәа инадыркны акыр амыҟәмабарақәа ирықәшәахьеит. Аха зегьы иреиҳахеит нанҳәамза, 2008 шықәсазы иҟалаз арыцҳара ду.  Нанҳәамза алагара инаркны еилкаахеит Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла аганахьала ампыҵахаларатә гәҭакқәа шамоу. Ареспублика аҿы мҽхакы ҭбаала ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа ревакуациа амҩаԥгара иалагеит, аха уи иааҟәымҵӡакәа имҩаԥысуаз алахысрақәа раан анагӡара акырӡа иуадаҩын.  

Ианаамҭаз иааз Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ацхыраарара иабзоураны ақырҭуа агрессорцәа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рықәхра азы рыгәҭакқәа зынагӡамхеит. Хьӡи-ԥшеи рымазааит абџьар кны ҳреспублика аҭынч уааԥсыра зыхьчаз, ҳреспублика ахы иақәиҭызтәыз зегьы», – ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа инарыгӡаз  арратә уснагӡатәқәа ирыбзоураны аконфликт анаҩстәи аҿиара аанкылара алыршахеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«16-нтәуп ари  игәыҭшьаагоу арыцхә – Қырҭтәыла Цхьынвали, иааизакны Аахыҵ Уаԥстәыла зегьы аганахьала бџьаршьҭыхла инанагӡаз агрессиа алагара амш азгәаҳҭоуижьҭеи. Абри амш аҽны ауп ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ахаангьы ирзықәымхуа ахьымӡӷ анрырҭа ақырҭуа ҳәынҭқарратә символқәеи атәылауаа зегьи. Ҳара иаҳгәалашәоит усҟантәи аибашьраҿы раԥхьа иалаӡыз урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа шраку. Аха аӷа аҵыхәтәаны ақәнага дақәыршәахеит. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы, Қырҭтәыла аҭынчра иазхьанарԥшырц иақәыӷәӷәо. Хәымш рышьҭахь ақырҭуа ар атәыла иалцан. 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Москва Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитет азханаҵеит.

Иахьа Урыстәыла арҭ аҩ-республикак рхьыԥшымреи ршәарҭадареи рсуверенитети ахьчара алнаршоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи адипломат Михаил Шургалин.

 

 

 

 

 

 


Read 79 times - Амҽыша, 11 Нанҳәа 2024 21:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.