Ари амш аҽны ҳаргьы иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҭынч уааԥсыреи уи ахьчаҩцәеи ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Аԥсны нанҳәамза, 2008 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз атрагедиатә хҭысқәа ибзиаӡаны иргәалашәоит. Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар афырхаҵареи агәымшәареи аарԥшны аӡәк иеиԥш рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит, Урыстәылатәи аруаа рываргыланы аибашьра ҭазҵаз ақырҭуа агрессор ииааира рылшеит.
Агәра ганы ҳаҟоуп, ҳтәылақәа ирыбжьоу аиашьареи аиҩызареи рытрадициақәа аринахысгьы аҿиара шаиуо, еиҳагьы ишыӷәӷәахо, урҭ аизҳазыӷьара иадҳәалоу ахықәкқәа рынагӡара ишацхраало»