«Ари аколоннада асимволтә ҵакы амоуп. Акырӡа аҵанакуеит аиҩызареи аимабзиареи аидгылареи аарԥшуа анхара. Убасҵәҟьа ауп ҳашьцәа-аԥсуа рыцынхареи аус рыцуреи ҳгәы ишҭоу. Сынтәа 20 шықәса ҵуеит ҳтәылақәа аиҩызареи аусеицуреи рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ҟалеижьҭеи. Уахьгьы-арахьгьы ҳазхыҽхәаша ҳамоуп, ҳгәы зладуу рацәоуп. Аколоннада аҭоурых ду змоу еицамкуа ҳаиҩызара иасимволны иҟалоит. Иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы, Поволжие амлакра ӷәӷәа аныҟаз аамҭазы, Аԥсны ҳара фатәи-жәтәи рыла иҳацхраауан, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан ахәрақәа зауз ҳаибашьцәа Аԥсны арратә хәышәтәырҭақәа рҿы рҽырхәышәтәуан. 90-тәи ашықәсқәа раан, уажәшьҭа ҳара, абашкирцәа ауадаҩра иақәшәаз аԥсуаа иҳалшоз ала ҳрыдгылеит, агуманитартә цхыраара раҳҭон. Ҳреспублика аҟынтәи аҳақьымцәа ахәрақәа зауз ихьыԥшм Аԥсны ахьчаҩцәа рыԥсқәа еиқәдырхон. Ареспублика аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵон аԥснытәи астудентцәа, заԥхьаҟа иҳақьымцәаханы иҟалараны иҟазгьы уахь иналаҵаны», - ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы анҵамҭа ҟаиҵеит Ради Хабиров.
Ареспублика Ахада, иахьа Башкириеи Аԥсни – ахәаахәҭреи ааглыхреи, ақыҭанхамҩа, амедицина, атуризм, уҳәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура рыбжьоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит шықәсқәак раԥхьа ареспублика аӡиастә флот аиҭарҿиара ишалагаз. «Шьҭарнахыс Уфа ақалақь ахь есышықәса инеиуеит акыӷәрарацәатә ӷбақәа. Урҭ егьырҭ арегионқәа рҟынтәи иааргоит хыԥхьаӡара рацәала асасцәа. Ирҿыцу аӡиастә гәашәқәа иблахкыгоу аҭыԥԥшӡараны, Уфа атуристтә хсаала аҿы иҿыцу хьыршәыгәны иҟалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит ареспублика Ахада Ради Хабиров.
.