АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Мшаҧы.2024

Џьгиарда ақыҭан ҩ-еихагылак змаз ахатәы ҩны блит.

Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә мзысқәа ирыхҟьаз абылра ҟалеит Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан. Уи иахҟьаны ҩ-еихагылак змаз ахатәы ҩны блит. Амашәыр ҟалаанӡа мышқәак раԥхьа ақыҭа ааигәа-сигәа абнара иазааигәоу аҭыԥқәа рҿы аҵҩаа амца акит.

Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, амца абнара аҟынтәи ахатәы нхарҭақәа рахь ииасит. Абылра шыҟалаз азы адырра Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь иҟалеит мшаԥымза 1, 13 сааҭи 15 минуҭи рзы.  Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеиз аамҭазы аҩны ахыб амца амҽханакхьан, уи ахәҭак еилабгахьан. Ахыбра зегьы амца акхьан. Амца арцәара иалахәын Очамчыра араион Аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа, аха урҭ ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны аиқәырхара залмыршаӡеит. Ари ахҭыс аҿы аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҵҩаа амца аркра иаҵоу ашәарҭара азы, уи абнараҿы амцакреи уи анаҩс анхарҭақәа рахь аиасреи шалшо азы  ауааԥсыра изныкымкәа ргәырҽанырҵахьан.


Read 102 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 14:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.