АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Мшаҧы.2024

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра аҿы Амилаҭтә сахьатә галереиа аҟынтәи усумҭақәак рыԥшааит.

Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра аҿы аилыргаратә усурақәа рымҩаԥгараан, Амилаҭтә сахьатә галлереиа ахьыҟаз аҩбатәи аихагыла аҿы  еиқәхаз усумҭақәак рыԥшааит. 

«Иахьатәи амш ҳақәҿиеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Уаанӡа ҳара иҳамԥыхьашәон Валентина Хәырхәмал лнапы иҵыҵыз акерамикатә вазақәа – мыцхәы идууцәам афигуркақәа, иара убас Виачеслав Хәырхәмал идекоративтә ваза. Иахьа ирыԥшааит Валентина Хәырхәмал лусумҭақәа зегьы рҟынтәи еиҳа аҵакы змоу – аскульптуратә композициа «Аҽыбӷаҟаза хәыҷқәа» (Маленькие наездники»). Ари еицырдыруа усумҭоуп. Уи изныкымкәа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы иқәдырглахьан», – ҳәа иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галлереиа адиректор Сурам Сақаниа.

Еиқәхеит иара убас Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәакгьы. Урҭ иреиуоуп – «Мадемуазель Бессон», «Женщина в красной шляпе», иара убас атетралтә декорациақәеи акостиумқәеи рзы аескизқәак.

«Ҳара ари даара ҳаигәырӷьеит. Иҟалап џьара еиҭа ак аԥшаара ҳалшаргьы», – ҳәа иазгәеиҭеит Сурам Сақаниа.  

Ажьырныҳәамза 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҿы  абылра ҟалеит.  Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа рҿы иҟаз ԥшь-нызықь усумҭа рҟынтәи еиқәхаз аусумҭақәа рхыԥхьаӡара 200 цыра иреиҳаӡам.

 

 


Read 67 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 14:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.