АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 1, 1925 шықәса рзы Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду аҿы ирыдыркылаз Аԥснытәи АСР Аконституциа излаҳәоз ала, Аԥсны – ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны ишьан.

Аҟәа. Мшаԥымза  1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны «Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара егьи амчра аҟынтәи ихьыԥшымкәа аҳәынҭқарратә мчра  анагӡарала»  асуверенитет ахьарбаз Аконституциа рыдыркылеит Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду аҿы мшаԥымза  1, 1925 шықәса рзы. 

Ари ареспублика аконституциатә статус шьақәгыланы иҟан 1931 шықәсанӡа, Аԥсны Қырҭтәылатәи АСР автономиа аҳасабала алалара ҟалаанӡа.   

1925 шықәсазы ирыдыркылаз Аконституциа инақәыршәаны, Аԥсны, иҷыдоу аидгыларатә еиқәшаҳаҭра ашьаҭала Қырҭтәыла иадланы уи ала Кавказнҭыҵтәи Асоциалтә Афедеративтә Советтә Республика иалалон, анаҩс иарбоу Ареспублика аилазаараҿы Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгыла аилазаара иалалон. Абра заҵәык акәын Қырҭтәыла иарбоу аусшәҟәы аҿы иахьарбахоз. Иара убас ари аусшәҟәы иарбан Аԥсны ԥынгыларада Кавказнҭыҵтәи Асоциалтә Афедеративтә Советтә Республика аилазаара еиԥш Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгыла аилазаарагьы алҵра азин шамоу арбан.  

Аԥсны аполитикатә ҭоурых аусшәҟәқәа реизга «XX ашәышықәсазы Аԥсны Аконституциақәа» (аредактор – афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чыркба) аҿы  раԥхьатәи Аконституциа апроект  аиқәыршәара иазку аусура хада 1922 шықәса инаркны 1925 шықәсанӡа имҩаԥысуан ҳәа иазгәаҭоуп.

Ари аамҭахәҭа аҩныҵҟа ареспублиа агерби абираҟи, иара убас Алхратә Комиссиа Хада азы, жәлар ркомиссариатқәа, аӡбареиҿкаара, уҳәа рзы  аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәан.  Иара убасҟан ауп аусура ианалагаз  Аԥснытәи АСР ашьаустә, атәылауаҩратә, ашьаусеиҿкааратә, адгьылтә, абнатә Закәанеидкылақәа.

21 хи 116 хәҭаҷи рыла ишьақәгылоу Аконституциа аҿы аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рсистема  зегьы инарҭбааны ахҳәаа ҟаҵоуп, жәлар рынхамҩеи афинансқәеи рнапхгараҭара, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи алхратә зинқәеи алхрақәа рымҩаԥгара аԥҟарақәеи арбоуп. Аԥснытәи АСР аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рбызшәаны ишьақәыргылан аурыс бызшәа. Аамҭак ала ареспублика иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа зегьы  рхаҭарнакцәа амилаҭ-культуратә еиԥш азеиԥшҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы ихьыԥшым аҿиареи ахатәы базшәа ахархәареи рзы азин шрымоу уи ахьчара шаиуо инаҵшьны иазгәаҭан.    

Аконституциа ахәҭаҷ 86 аҿы ишарбоу ала, аусқәа рыӡбараан жәлар рыӡбарҭа Аԥснытәи АСР аҵакыраҿы азинмчы змоу азакәанеидкылақәа, адекретқәа, ақәҵарақәа аднакылоит, убри аан азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа рыҟамзара, мамзаргьы урҭ инагӡаны рышьақәмыргылара  аан, асоветтә закәанԥҵара азеиш ԥҟарақәеи Аусуцәеи Анхаҩцәеи Рнапхгара азеиԥш политикеи  нагӡахоит.

Аҵакы ала 1925 шықәсазы ирыдыркылаз Аԥснытәи АСР Аконституциа Қырҭтәылатәи Ареспублика иаку азинтәи аӡбаратәи система ала иадҳәаламыз исуверентәу ҳәынҭқарраны иҟан. Аԥснытәи АСР ахьыԥшымра шьақәзырӷәӷәо фактны иҟан Аԥсны АСР аӡбарҭақәа рҿы ирыдыркылоз, анаҩс азакәанмчы зауаз  азыӡбақәа зегьы Қырҭтәылатәи АСРи Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгылеи рыӡбаратә усбарҭақәа рҿы аиҭахәаԥшра иахьаҵанамкуаз.   

1925 шықәсазтәи Аконституциа Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду ала ирыдыркылеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь Кавказнҭыҵтәи атәылҿацәтә комитет   (РКП(б) – Кавказнҭыҵтәи Афедерациа анапхгаратә усбарҭа ала иаԥыхын.

Цәыббрамза, 1925 шықәса рзы акомитет «Аԥснытәи АСРи Қырҭтәылатәи АСРи  рыбжьара аизыҟазаашьақәа аконституциатә шьаҭала аиқәыршәареи Аԥсны Асоветқәа III Аизара Ду аҿы ирыдыркылаз Аԥсны АСР Аконституциа   аиҭахәаԥшреи хымԥадатәиуп» ҳәа иазханаҵеит.

Ажурналист Витали Шариа «Аԥснытәи Аконституциа брежневтәи аамҭа ахнагеит» ҳәа истатиа аҿы ишыиҩыз ала, 1925 шықәсазтәи Аконституциа  «парадоксалла Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахьгьы шықәсыки бжаки рҟынӡа аус ауан. 1991 шықәса анҵәамҭазы иалхыз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы иаразнак адепутатцәа реилазаара «аԥсуеи ақырҭуа гани» рыбжьара аиҿагылара шьақәгылеит.  Иреиҳаӡоу Асовет акыр аамҭа иалагӡаны ареспублика иҿыцу ахьӡи абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара алшаӡомызт. Убри аҟнытә иарбоу Аконституциа ԥыхьеиԥш уажәгьы Аԥснытәи АСР Аконституциа ҳәа ахьӡ шамац иҟан, ԥыхьатәи атрибутқәагьы ахархәара шамац иаанханы иҟан.

Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынбеи уи идгылақәаз ауааи ишьақәгылаз аполитика-зинтә ҭагылазаашьа бааԥсы алҵшьа аҳасабала ԥхынгәымза 23 рзы имҩаԥысыз Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара аҿы абыжьқәа реиҳарак рыбжьыҭирала 1925 шықәса рзы ирыдыркылахьаз Аԥснытәи ССР Аконституциа азинмчы аиҭашьақәыргылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Уи ала ҩаԥхьа аилатәараҿы иҟаз реиҳараҩык рыбжьқәа рыла аҳәынҭқарра ахьӡи абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара азы алшара шьақәгылеит.». 

 

 

 

 


Read 69 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 14:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.