pressadmin-2
Аслан Бжьаниа: 45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, ҳатыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аколлектив!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны аҭоурых аҟны акрызҵазкуа арыцхә – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш.
1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡакәны аефир ахь ицәырҵит. Ари амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит, уи иалҵшәаны ишьақәгылеит иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра. Ари амш иугәаланаршәоит ҳажәлар знысыз ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рышҟа инагаз амҩа хьанҭа.
1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа русура мҩаԥыргон. Урҭ рфырхаҵареи иаадырԥшуаз аибашьратә хҭысқәа реишьҭагылашьеи ирыбзоураны еизгоуп хәы змаӡам аибашьра архиви адокументациеи, адунеитә уаажәларра ақырҭуа агрессор ихаҿра шыҟаҵәҟьаз аилкааразы алшарагьы рнаҭеит. Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа.
45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәыпрограммақәеи шәрепортажқәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы, ари, хымԥада, жәлар ртелехәаԥшраны аҟаҵара агьалнаршоит уҳәар ҟалоит.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телееилахәыра аколлектив Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара Амш инамаданы ирыдныҳәалоит.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телееилахәыра аколлектив Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара Амш инамаданы ирыдныҳәалоит.
«1978 шықәса, абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи адырраҭара аефир ахь иҭыҵит. Ари амш Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рзы еиԥш зықьҩыла ҳтәыла ателехәаԥшцәа рзы акыр иззыԥшыз мшны иҟалеит.
Ателехәаԥшра аԥҵара аԥсуа жәлар рзинқәа рзы рықәԥара иалҵшәахеит, амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит.
Ҷыдала иазгәаҭатәуп 1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа русура. Урҭ апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа иӷәӷәоу ақырҭуа пропаганда иаҿагылеит. Аԥсуа журналистцәа риаша ақырҭуа пропагандистцәа имцырку рхыҭҳәаақәа ириааит.
Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳколлегацәа, аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа. Урҭ рыхьӡқәа ззанааҭ гәык-ԥсыкала азнеиреи афырхаҵареи ахамеигӡареи рҿырԥшы аҳасабала аԥсуа журналистика аҭоурых ианылеит.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсыпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар ракзаара амш аламҭалазы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша адныҳәаларақәа ишьҭит УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи рыхьӡала.
УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко ихы лықәкны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, ҷыдала, иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа - УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак алахәцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду - Жәлар ракзаара амш!
Урыстәыла ажәларқәа ракзаара урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылара аҭоурых иадҳәалоуп. Урыстәыла ажәларқәа рлахьынҵа иара иалахьынҵаны иҟалеит. Иахьа урыстәылатәи ажәлар рҿаԥхьа иқәгылоуп ҳаамҭазтәи ашәарҭара дуқәа.
Лаша Ашәба Аԥснытәи ателехәаԥшра Адиректор хада И. Шь. Агрбеи аколлективи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра 45 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Аԥснытәи ателехәаԥшра Адиректор хада И. Шь. Агрбеи аколлективи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра 45 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа!
Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи ателехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра!
1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥснытәи ателехәаԥшра раԥхьаӡакәны аҳәынҭқарратә бызшәала аефир ахь ацәырҵра аԥсуа жәлар рзы ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит.
Ҳтелехәаԥшра ашьақәгылара уадаҩны имҩаԥсыуан, аха шәара шәколлектив ари аԥышәара қәҿиарала иахысит.
Аԥснытәи ателехәаԥшра аԥызҵаз иазгәарҭаз ахықәкқәа рықәныҟәарала шәара ҳҳәынҭқарра уасхырс иазышьҭалаз астратегиамҩа шәанылеит аҳәынҭқарреи ажәлар зегьи рпозициа аарԥшуа. Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит амилаҭтә телехәаԥшра аԥҵара ахыҵхырҭаҟны игылаз, ААТЕ аветеранцәа зегьы.
Аԥснытәи ателехәаԥшра 45-шықәса ахыҵит!
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс. Аԥснытәи ателехәаԥшара иахыҵит 45-шықәса. Аԥсуа телехәаԥшра егьырҭ ателехәаԥшратә каналқәа шцәырҵхьоугьы, иахьа уажәраанӡа азеиԥшмилаҭтә телехәаԥшраны иҟоуп, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи зегьынџьара инаӡоит.
Ашьыжь аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы ицәырҵуеит асааҭ 08:00 рзы. Ҽынлатәи адырраҭарақәа рзеиԥш ҭагӡара 14 сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аҿы аус зуа рхыԥхьаӡара 160 - ҩык рҟынӡа инаӡот.
Иахьа акьыԥхьтәи аелектронтәи амассатә информациа ахархәагақәа, иара убас аинтернет ресурсқәеи хыԥхьаӡара рацәала ианыҟоу аамҭазы, Ааԥнытәи ателехәаԥшра ареспублика аҿы зегьы реиҳа идуу ахәаԥшцәа раудиториа амоуп. Ажәабжь ҿыцқәа рдырраҭара «Амшеикәшара» акыр шықәса раԥхьа еиԥш уажәгьы аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә информациа ахыҵхырҭа хаданы иҟоуп ареспублика ауааԥсыра рзы. Амш иалагӡаны аефир ахь ицәырҵуеит аԥсышәалеи урыс бызшәалеи ԥшь-блок рҟынӡа ажәабжь ҿыцқәа.
Ҳазҭоу аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аструктура иалоуп ауаажәларра-политиатә, аинформациатә программақәа, атематикатә редакциа, ашьыжьтәи адырраҭара «Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла» аредакциа, Аԥсны арадиои атехникатә маҵзуреи.
Атематикатә редакциа аҿы иҟоуп 25 автортә ателехәаԥшратә проектқәа. Апрограммақәа зегьы ахатәы хықәкытә аудиториа, ахронометраж, аефир ахь ацәырҵра апериодра амоуп.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра напхгара арҭон Миџьид Хәарҵкьиа, Шамиль Ԥлиа, Владимир Занҭариа, Гәырам Амкәаб, Руслан Ҳашыг, Алхас Ҷолокуа, Емма Хоџьаа, Леонид Еныкь, Ҭали Џьопуа, Роланд Бганба, Оҭар Лакрба. Ԥхынгәымза 1, 2020 шықәса инаркны Ареспубликатә ҳәынҭқарратә убарҭа «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра» анапхгаҩы хадас дыҟоуп Ирина Агрба.
Иахьа, асааҭ 17:00 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра иазкны имҩаԥысуеит аныҳәатә еизареи аконцерти.
Аинформациатә Агентра «Аԥсныпресс» аколлектив рколлегацәа Аԥснытәи ателехәаԥшра аиубилеи – 45-шықәса ахыҵра рыдырныҳәалоит!
Аԥснытәи ателехәаԥшра аԥҵара аҭоурых аҟынтәи
Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара аҭоурых ахы акуеит 1977-1978 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рхаан. Усҟан атәылаҟны имҩаԥысуан аполитикатә хҭысқәа. Еицырдыруаз аԥсуа уаажәларратә усзуҩцәа гәыԥҩык атәыла анапхгарахь ашәҟәы рҩит Қырҭтәыла анапхгара имҩаԥырго аԥсуа жәлар ақырҭуа етнокультура алаӡҩара хықәкыс измаз аполитика ишаҿагыло атәы арбаны. Қырҭтәыла Ацентр Комитет Акоммунисттә партиа адҵала апартиа аобком Апленум ашәҟәаҿы иарбаз афактқәа ирықәшаҳаҭымхеит, авторцәа ракәзар, ирықәыӡбеит. Автономтә Республика ашьагәыҭ уааԥсыра апленум аӡбамҭа ажәлар рзинқәа ирыӷрагылеит, амилаҭтә хақәиҭра азықәԥареи ахьыԥшымреи рымҩа ԥнакит ҳәа азырыԥхьаӡеит. Аԥсны аҭыԥ ылырхуа иалагеит амитингқәеи адемонстрациақәеи. Усҟантәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә ԥышәа инақәыршәаны, аиҳабыра иџьбараз ауаажәларратә цәырҵрақәа рыбжьы ақәмыргакәа, амилаҭқәа рыбжьара иҟаз аиҿагыларақәа аиҿкааратәи аекономикатәи зҵаарақәа рхы иархәаны рҭышәныртәалара рҽазыршәон.
Атәылаҿы аҭыԥ змаз массала ақәгыларақәа еиҵахо иалагеит Асовет Еидгыла Акоммунисттә Партиа Ацентркомитет (ЦК КПСС), Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аминистрцәа Реилазаара, ВЦСПС "Аԥснытәи АССР акультуреи аекономикеи аԥхьаҟатәи рыҿиара иазку ауснагӡатәқәа рзы" Ақәҵара анрыдыркыла анаҩс, ара ателехәаԥшразгьы иаҳәон абас:
«Ателехәаԥшреи арадиои рзы Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә комитет, Аимадаразы ахархәагақәа рзы Ааглыхра аминистрреи, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аимадара аминистрреи ирыдҵоуп Аԥснытәи АССР аҟны ателехәаԥшратә дырраҭарақәа реиҿкаара алыршара, уи азы: хымз ирылагӡаны иазалхзарц еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа, иара убас иахәҭоу амыругақәеи аппаратуреи ателехәаԥшратә дырраҭарақәа рымҩаԥгаразы аамҭатә схема инақәыршәаны, 1978 шықәса рзы астационартә телехәаԥшратә станциазы ирыҭазааит амыругақәеи аппаратуреи» ҳәа.
Абри Ақәҵара ала ихацыркын Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурых, абас иагханы аусурагьы иалагеит ахәаԥшыҩцәа рхатәы бызшәала рацәажәара.
Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи адырраҭара аефир ахь иҭыҵит 1978 шықәса, абҵарамза 6 рзы. Асааҭ 19:00 рзы ателехәаԥшра аекран аҟны ицәырҵит ареспублика аҳҭнықалақь асахьа. "Убри аҽны Аҟәа, Лыхны, Ешыра, Кәтол, Тҟәарчал, Бзыԥ, Гагра, Пицунда, Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьынџьара аекран аҟынтә раԥхьаӡакәны еицырдыруа жәлар рашәақәа рылаҩит, анаҩс урҭ адырраҭарақәа ирдырганы иҟалеит, убасҟан ателехәаԥшцәа аԥсышәалагьы ирацәажәеит абарҭ ажәақәа рыла: «Хәлыбзиақәа, акыр иаԥсоу Аԥсуа телехәаԥшцәа!». Уи ауха сааҭбжак ицоз апрограмма хыркәшан аконцерт ала, иалахәын ареспублика ашәаҳәарратә коллективқәа.
Аԥсуа телехәаԥшра аиреи ашьақәгылареи рыҟны еиуеиԥшым аамҭақәа алукаар ҟалоит.
Раԥхьатәи аамҭа - аиҿкааратә. 1978 шықәса рашәармза инаркны 1978 шықәса, абҵарамза 6 нӡа - аицлабратә ҟазшьала арҿиаратәи анџьныр-техникатә еилазаареи алхразы аҽазыҟаҵара, уи мҩаԥысит 1978 шықәса ԥхынгәымза 7 рзы, иара убас раԥхьатәи адырраҭара аус адулара. Убри аамҭазы имҩаԥысуан ателехәаԥшреи, арадиои, акьыԥхьи русура еиқәыршәаны аиҿкаара, Амассатә информациатә хархәагақәа рсистема ашьақәыргылара, ателехәаԥшрагьы уи иалаҵаны.
Сарида Лакәатаа – ашахматтә композициақәа рыӡбаразы Аладатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә аԥхьахә агара лҽаԥсалтәит.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сарида Лакәатаа ашахматтә композициақәа рыӡбаразы Аладатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә аԥхьахә агара лҽаԥсалтәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Краснодартәи атәылаҿацә азы иқәгыло Аҟәатәи ашахматистка 17 шықәса зхымҵыц аҭыԥҳацәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит, уи 1-тәи аспорттә разриад анорма налыгӡеит.
Аԥхьахәгара мҩаԥысуан абҵарамза 3 – 4 рзы Краснодартәи атәылаҿацә апарк-отель «Џььубга» аҿы. Атурнир рхы аладырхәит Алада Урыстәылатәи Округ арегионқәа зегьы рҟынтәи 144-ҩык аспортсменцәа.
Ԥсахара ақыҭан иҟалаз амҩа-транспорттә хҭыс иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥсахара ақыҭан иҟалаз амҩа-транспорттә хҭыс иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы иҟарҵаз адыррақәа рыла, ҩыџьа ахацәа ахьҭахаз амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ҟалеит Аҟәатәи амҩаду, Гагра араион Ԥсахара ақыҭан асааҭ 06:41 рзы.
Аԥснытәи амҵәышәмпылтә команда Алеқсандр Полозиук игәалашәара иазкны имҩаԥысыз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә агеит.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҵәышәмпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Алеқсандр Полозиук игәалашәара иазкны имҩаԥысыз атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә агара рҽаԥсартәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Афинал ахь анаӡаразы аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа Славиансктәи Лугансктәи акомандақәа ириааит. Афинал аҿы аԥснытәи акомандеи «Венец-Локомотив» ҳәа ахьӡ змоу Гулькевичтәи акомандеи еиқәшәеит. Ари ахәмарра асчиот 57:68 ҳәа акоманда «Венец-Локомотив» аиааирала ихыркәшахеит.
Аԥснытәи акоманда иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит Сандро Ҳаразиа.
Атурнир абҵарамза 2 инаркны абҵарамза 5 аҟынӡа Славианск-на-Кубани ақалақь аҿы имҩаԥысуан.
Апансионат «Самшитовая роща» иалкаау џьоукы акәымкәа, зегьы рзы аус аулароуп.
Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса рзы аоппозициатә политикатәи ауаажәларратәи аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара апансионат «Самшитовая роща» ареидертә мпыҵакразы аҽазышәаразы ахара рыдызҵо аҳәамҭа аладырҵәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла аҭак аҳасабала аҳәамҭа ҟанаҵеит. Уаҟа иаҳәоит:
Раԥхьаӡа иргыланы, апансионат «ареидтә мпыҵакра» азы ахара адҵара агәыҩбареи агәынамӡареи ҳазцәырнагоит. Аҳәамҭа авторцәа адазҳәазҵам афакт аӡбахә рҳәаӡом. Апансионат «Самшитовая роща» аргылара аҿазҵази ахатәра азин змази Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет акәын. 2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, иарбоу аобиект Аԥснытәи АССР аамҭахәҭа азы ахылаԥшратә адҳәалазараа инамаданы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Пицунда ақалақь аҿы иҟоу апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә напхгараҭара аҳасабала аҭара азы иҟанаҵаз аҳәара иадгылеит.
Убас ала, апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс, аҳәынҭқарратә мазараны ишыҟаз, хазы игоу ахаҿқәа, аолигархцәа, мамзаргьы егьырҭ ахԥатәи ахаҿқәа ракәымкәа, аоперативтә напхгараҭара аҳасабала Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иазырхынҳәхеит. Апансионат «Самшитовая роща» уаанӡа еиԥш уажәгьы аҳәынҭқарратә мазараны ишыҟац иаанхоит, ари адазҳәаҵам фактуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Иара азҵаара аҭоурых акәзар, рашәарамза 2, 1999 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара №118 инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныкурорт» апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс ахатәы баланс аҟынтәи Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы абаланс ахь иианагеит. Аҳәынҭмазара Аилак аҳәынҭқарратә наплакы «Самшитовая роща» аԥыхреи апансионат амазара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Анаҟәаԥиа» 15-шықәса ҽҳәарас иаманы қьырала аҭареи рзы аҭакԥхықәра адҵан.
Убри аан хымԥада иазгәаҭатәуп, 1999 шықәсазы апансионат қьырала аҭара хыԥхьаӡара рацәала агхақәа ацны ишымҩаԥгаз. Арҭ аилагарақәа рыҭҵаара иазкын адепутатцәа Кецба В. И., Смыр В. А., Кецба Т. И. раԥшьгарала имҩаԥгаз апарламенттә комиссиа аусеилыргара. Апарламенттә комиссиа аусеилыргара алҵшәақәа ԥхынҷкәынмза 20, 1999 шықәсазы иҭыҵыз агазеҭ «Нужная» аномер аҿы икьыԥхьын. Имҩаԥгаз аусҭҵаара инақәыршәаны, акомиссиа рашәарамза 2, 1999 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара аԥыхра ахәҭаны иаԥхьаӡеит. Аха апарламенттә комиссиа аӡбамҭа иахәҭоу азхьаԥшра амаӡамкәа иаанхеит.
Анаҩс, ԥхынгәымза 31, 2014 шықәсазы Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилаки ақьырагаҩыс иқәгылаз Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Анаҟәаԥиеи» ақьыра аҽҳәара цәыббраза 8, 2039 шықәсанӡа ацҵаразы иҿыцу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иазгәаҭатәуп уи шыҟалаз лаҵарамза 27, 2014 шықәсазы иҟалаз идыру ахҭысқәа рышьҭахь, иҟалар алшоит урҭ ирыхьҟьан иҟалазаргьы.
Иара убас агәынамӡареи агәыҩбареи узцәырнамгар залшом аҳәамҭа авторцәа ажьырныҳәамза 1, 2020 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсанӡа апансионат ашәахтә гәаҭарақәа раан иаарԥшыз ибааԥсу аилагарақәа ртәы иахьаламцәажәо. Аус злоу ашәахтәқәеи аизгақәеи ршәара аҽақәмыршәара, ахашәалахәқәа раармырԥшра, амазара азы ашәахтә армаҷреи ззеиԥш еицҵалыҵ 133 миллион мааҭ иреиҳау ашәахтәқәҵара иаҵанакуа ахашәалахәы аиҵатәреи. Иҟалар алшоит, ари аҩыза аус амырзара, иарбоу аилагарақәа аӡбарҭатә усбарҭақәа рҿы рҿагылара азы агәҭакқәа рыҟазаара иадҳәалазар. Убри акәзар ҟалап, асанатори ақьырагаҩцәа азинхьчаратә усбарҭақәа рыла афинанстә усшәҟәқәа анаҩстәи ргәаҭара амҩаԥгара изаҿагыло.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа афинанстә ҳасаббара аусшәҟәқәа рахь рынамышьҭра, «Самшитовая роща» қьырала иаанызкыло Аԥсны жәлар ирцәырӡо ак шыҟоу аанагозар ҟалоит.
Хыхь иарбоу аҳәамҭа авторцәа иара убас аӡбахә рҳәаӡом – шықәсык азы 3 800 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо асанатортә комплес азы акыр илаҟәу ақьыратә хәыԥса атәы. Иарбоу аобиект аҟазшьардыргеи аԥшьаҩцәа рхыԥхьаӡареи иҟоу амаҵзурақәа рыхәԥсеи шьаҭас иҟаҵаны уахәаԥшуазар, ари ахәԥса аҳәынҭқарратә мазара ахашәалахә ду алызхуа, аха убри аан уи аҳәынҭқарратә биуџьет алагалара зҭахым хазы игоу атәылауаа рзы аҳәынҭқарра аҟынтәи ҳамҭак аҳасабала ишьақәгылар ҟалоит. Иаагозар, хазхаҭалатәи ампыҵакҩы иҿы зҵакыра 500 м². рҟынӡа инаӡо аофистә хыбра ақьыратә хәыԥса шықәсык ахь 3 000 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, апансионат «Самшитовая роща» акәзар, уи аҵакыра ҳасаб азуны, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла аҳәынҭқарра аҟны қьырала иаанкылоуп 72 рыла еиҵоу ахәԥса ала!
Ус аринахыс изыҟалашам. Аԥсны апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аӡә далхымкәа зегьы, ԥыхьатәии ҳазҭоу аамҭазтәи рылшамҭақәа ирыдҳәаламкәа, ианаамҭоу, инагӡаны ашәахтәқәеи аизгақәа ршәара рыхәҭоуп, ашахтәқәеи аизгақәеи ршәара ацәхьаҵреи ашәахтәқәа рыҵәахреи рзы азакәан ишьақәнаргыло аҭакԥхықәра рыдҵахоит. Дарбанызаалак аусдкылаҩ аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа аобиект зхы иазырхәо, хазы иара изы иаԥҵоу азинҷыда инақәыршәаны ишьақәыргылоу ахәԥса ахархәарала уи ахашәалахә ду алхны ихатә џьыба аҭаҵара акәымкәа, уи актуалра злоу аџьармыкьатә хәыԥса ишәозароуп. Аҳәынҭқарра хазхаҭалатәи ахаҿқәа қьырала иаанкыланы ирымоу аҳәынҭқарратә обиектқәа зегьы рҟынтәи инагӡаны ахашәалахәы аиулароуп.
Ҭаҭарсҭан атәылауаҩ Гагра амшын дагеит.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 64-шықәса зхыҵуаз Ҭаҭарстан атәылауаҩ Гагра амшын дагеит.
«Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәа Гагра аӡымҽхак иахьаҵанакуа аӡы иаларгеит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Альметиевск ақалақь аҿы инхоз, 1959 шықәса рзы ииз Урыстәыла атәылауаҩ Алеқсандр Олег-иԥа Стасиук иԥсыбаҩ», - ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.