АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

Апрокурорцәа алархәны имҩаԥгаз аӡбарҭа аилатәарақәа рҿы 184 ашьаусеиларгарақәа ирыхәаԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2024 шықәса актәи азыбжазы апрокурорцәа алархәны имҩаԥгаз аӡбарҭа аилатәарақәа рҿы 184 ашьаусеиларгарақәа ирыхәаԥшит. Уи 67 шьаус рыла еиҵоуп иҳаҩсыз  2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.

Изхәаԥшыз 184 шьаус рҟынтәи   163 зыӡбеи 21 қәҵареи рыдыркылеит.

2024 шықәса актәи азыбжазы зус рыӡбаз рзеиԥш хыԥхьаӡара  192-ҩык рҟынӡа инаӡоит (2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 250-ҩык). Ҭакрала ахьырхәра иақәыршәоуп 75-ҩык,  117-ҩык абаандаҩра иадҳәалам ахьырхәрақәа ирықәыршәоуп. Убас ала:

– 92-ҩык ҭакрадатәи азгәаҭаралатәи аусӡбара иақәыршәоуп,

– 25 –ҩык ахараԥса дыршәоуп.

9 шьауск аганқәа реинрааларала иаанкылоуп.

Амедицинатә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа иадцаланы иахыгоуп 7-ҩык.  

Аӡәы ашьауск ала дыриашоуп.

2024 шықәса актәи азыбжазы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит 6-ҩык аҳәсеи зықәра наӡам аӡәи.  Урҭ рахьынтә ԥшьҩык уажәаԥхьагьы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахьан.  

«2024 шықәса актәи азыбжазы иахәаԥшыз ашьаусқәа ранализ ашьаусқәа реиҳарак изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ишадҳәалоу аанарԥшит. Урҭ рхыԥхьаӡара – 93 рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Амҷба.

21 шьаус иахәаԥшын анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара (рыҭира) иадҳәаланы, 7 шьауск  7-ҩык рганахьала  анаркотикатә маҭәашьар «прегабалин», иара убас егьырҭ арҩышьыгатә маҭәашьарқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа рахгара инамаданы ихацыркын.   

Анаҩс аҭира хықәкыс иҟамҵаӡакәа анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыҵәахра аганахьала иахәаԥшын 60 шьаус, урҭ рыла 59-ҩык рус рыӡбеит. Аӡәы иганахьала амнистиа ахархәара инамаданы ашьаусеилыргара аанкылоуп. Хәҩык иреалу аҽҳәара змоу ахьырхәрақәа ирықәыршәахеит.

Арҩышьыгатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа изакәанымкәа рыларҵәара азы хҩык ауаа рганахьала ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа хәба ирыхәаԥшит, зегьы иреалу аҽҳәарақәа змоу ахьырхәрақәа иақәдыршәеит.

«Аӡбарҭақәа рыла зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира азы зус рыӡбо рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 56, 57 иазԥхьагәарҭо аҷыдалкаатә, аус зырмарио аҭагылазаашьа ахархәара атенденциа  ӷәӷәала агәҭынчымра цәырнагоит. Аӡбарҭақәа игәҩароу ахаҿқәа аусеилыргара алагамҭазы амилициа аусзуҩцәа дара уаанӡа иҟарҵахьаз анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭаҵәахыз имаӡоу аҭыԥқәа ддырбоит, иара убри ала  рхымҩаԥгашьала активла ацәгьоурақәа реилыргара иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡаны, анаҩс аӡбарҭа Аԥсны Ашьаустә Закәанԥҵара ахәҭаҷ  57 ахархәареи азакәан ишьақәнаргыло ҵаҟатәи аҩаӡара аҵкьыс хынтә еиҵаны ахьырхәра рзалхреи рзы азин рынаҭоит.  Ас еиԥш иҟоу аӡбамҭақәа актәи, акассациатә, ахылаԥшратә инстанциақәа рыӡбарҭақәа рҿы жәабала аҭыԥ рымоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Амҷба.  

Амҩатә ԥҟарақәеи атранспорттә хархәагақәа рныҟәцра аԥҟарақәеи реилагара иазкны 20 шьаус иахәаԥшит (2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 47шьаус), урҭ рыла рус рыӡбеит 14-ҩык, хә-шьауск аԥстәбара ахьыҟам акатегориақәа рыла аганқәа реинрааларала иаанкылоуп.

«Рыцҳарас иҟалаз, иахәаԥшыз аусеилыргарақәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра иаанагаӡом аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа еиҳа имаҷхеит ҳәа.  Ашьаусеилыргарақәа рыхәҭак ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахо ахаҿы иԥсҭазаара алҵра инамаданы иаанкылахоит, иара убас цәыббрамза, 2023 шықәсазы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанԥҵара ахәҭаҷ 263, ахәҭа 3 ала, даҽакала иуҳәозар аӡәы дахьҭахаз амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс азы амнистиа азы ақәҵара», - ҳәа иҳәеит Даур Амҷба.

18 шьаус амазара аганахьала ацәгьоурақәа (аӷьычрақәа, ақәыларақәа, арҳәрақәа) рзы иахәаԥшит. 16 шьаус рыла ахарадҵатә зыӡбақәа рыдыркылеит. 8-ҩык иреалу аҽҳәара змоу ахьырхәрақәа ирықәыршәоуп.

17 шьаус иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аикәыршара аганахьала иахәаԥшит, урҭ рыла 16-ҩык рганахьала  16 ахарадҵатә зыӡбақәа рыдыркылеит. Аӡәы иреалу ахьырхәра дақәыршәоуп, 15-ҩык рганахьала – ҭакрадатәи азгәаҭаралатәи аусӡбара мҩаԥгоуп.

5 шьаус гәҭакыла ауаҩшьрақәа ирыдҳәалахеит урҭ рыла 5-ҩык рганахьала ахарадҵатә зыӡбақәа 3 рыдыркылеит. Зегьы иреалу аҽҳәарақәа змоу ахьырхәра иақәыршәоуп.

2024 шықәса актәи азыбжазы Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа ала изакәаным, ишьаҭаркым азыӡбақәеи ақәҵарақәеи рзы 14 ахашшаратә (акассациатә) зԥхьанагарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ашьаусеилыргаратә усқәа рзы азашшратә (акассациатә) коллегиа ашҟа  инагоуп.  Урҭ рахьынтә – 7 нагӡоуп.

Аӡбаратә Усбарҭа апрокурорцәа алархәны ашьаусеилыргарақәа рзы акассациатә инстанциа аӡбарҭа аҿы иахәаԥшит 29 акассациатә зԥхьанагарақәа, актәи аинстанциа аӡбарҭақәа ахьырхәра азалхра азы ирыдыркылаз азыӡбақәеи ақәҵарақәеи рзы 51 шшыбӷьыц.

 

 

 

 

 


Read 150 times - Аҩаша, 30 Ԥхынгәы 2024 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.