«Апрокуратура аусбарҭақәа рахь аусуразы рыдкылара урҭ русуратәи хаҭалатәи рҟазшьақәа ргәаҭара ашьҭахь имҩаԥысуеит. Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусурахь ирыдыркылеит 5-ҩык, егьырҭ амаҵзурақәа рахь ииаган 13-ҩык, рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 43-ҩык аусзуҩцәа. Аџьшьара рыҭан 27-ҩык аусзуҩцәа. Х-ҩык аусзуҩцәа рганахьала еиуеиԥшым алеишәатә лахьыҭара ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп», – ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.