АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

2024 шықәса 6 мыз рыла азинхьчаратә усбарҭақәа 284 цәгьоура ашәҟәы иҭаргалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 6 мыз рыла азинхьчаратә усбарҭақәа  284 цәгьоура ашәҟәы иҭаргалеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар,  38 рыла  еиҵоуп, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.  

«Уи Аԥсны иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азы иҳаҩсыз ашықәсқәа ртенденциа шыҟоу шақәнарӷәӷәоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Даур Амҷба. 

Ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акыр агхара убаратәы иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы –  77 цәгьоура, убри аан 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 115, Очамчыра араион аҿы – 18, убри аан 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 28 цәгьоура.

Даур Амҷба ицәгьоуи, ҷыдала ицәгьоуи ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара ишагхаз азгәеиҭеит –  284 ашәҟәы иҭагалаз ацәгьоурақәа рҟынтәи  96 цәгьоура.

«Ицәгьоу ацәгьоурақәа раартра еилырганы аӡбарҭа ахь инашьҭу аусқәа рыла 40,6% рҟынӡа инаӡоит.  Аҳасабырбаратә аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалан ауаҩшьрақәа 4, зегьы аартуп. Массала ашәҟәы иҭагалоу  ацәгьоурақәа реиҳарак изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аикәыршареи роуп изыдҳәалоу», - ҳәа иҳәеит иара.

 


Read 135 times - Аҩаша, 30 Ԥхынгәы 2024 18:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.