АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

2024 шықәса актәи азыбжазы 324 шьаус хацыркны аусеиҿкаарахь ирыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы 324 шьаус хацыркны аусеиҿкаарахь ирыдыркылеит. Урҭ рахьынтә  221 шьаус (68,2%) хыркәшоуп. Абри азы адырра ҟаҵан 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы.

Аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп 215 шьаус, ашьаусқәа 6 реилыргара аанкылоуп.

Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ихацыркын 330 шьаус, русеилыргара хыркәшахеит 235 шьаус, урҭ рахьынтә  227 шьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп.  

2024 шықәса актәи азыбжазы ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи апрокуратура аусеилыргаҩцәа ирыдҵоуп 48, иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 58. Аусеилыргара хыркәшоуп  37 ашьусеилыргара. Урҭ рахьынтә 36 аӡбарҭахь идәықәҵоуп, 1 аусеилыргара аанкылоуп.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рыла 2024 шықәса фымз рыҩныҵҟа еилырган 276 шьаус, урҭ рахьынтә 184 шьаус русеилыргара аанкылан. 179 шьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп, 5 шьауск аусеилыргара аанкылоуп.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы  572 агәаҭара  аматериалқәа рыла ашьаусеилыргара ахацырра мап ацәкуп, урҭ рахьынтә 6 материалк рыла 6-ҩык рганахьала  ашьаустә шьҭазаара аҽҳәара анҵәара, аганқәа реинраалара, амнистиа акт аҟазаара, мамзаргьы игәҩароу, ма ахара зду ахаҿы ихьхәра, уҳәа реиԥш иҟоу иалкаау аҭагылазаашьақәа рыла ашьаусеилыргара ахацыркра мап ацәкуп. 

 

 

 


Read 148 times - Аҩаша, 30 Ԥхынгәы 2024 18:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.