АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

Адгәыр Агрба: амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азы аусура рӷәӷәатәуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рахь  азакәанреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәара азы аусура дырӷәӷәарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы иқәгылара иара иҵоуроу аинформациа ала  далагеит.

«Уамеигәырӷьар залшом сынтәа ҳара ауаа рԥаара иадҳәалоу ацәгьоурақәа ахьҳамам, ареспублика аҿы аӷьычра иадҳәалоу афакт аарԥшӡам,  агәҭакы анагӡара иадҳәаланы ауаҩшьрақәа ыҟам. Абри ауп, сара сгәаанагарала алҵшәа бзиа аарԥшрагьы захьӡу.  Уи зыбзоуроу уажәы ҳалацәажәарым. Сара сгәаанагарала, зегьы рлагала алоуп ари аус, азинхьчаратә система зегьы, аха ҳхала ҳхы арҽхәара ҳалагарым уажәы», –  ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

Убри аан иара апрокуратура аусбарҭақәа рызхьаԥшра зҭаху апроблемақәак дырзааҭгылеит.

Адгыр Агрба иколлегацәа, аиҳарак араионтә прокурорцәа, амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара иазкны асура дырӷәӷәарц рабжьигеит.

«Сынтәа, 6 мыз рыҩныҵҟа  ҳамҩақәа рҿы амҩа-транспорттә машыртә хҭыс иахҟьаны иҳацәҭахеит 20-ҩык. Уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 8-ҩык рыла еиҵоуп. Аха ари хра злоу лҵшәоуп ҳәагьы узҳәаӡом.  Ԥхынгәымзазы, игәашәҭазар, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирацәаны ауаа ҭахеит. Амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – авариақәеи егьырҭ амҩа-транспорттә хҭысқәеи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба. 

Иара араионтәи ақалақьтәи апрокурорцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахаҭарнакцәа, амҩақәа рҿы ашәарҭадаразы аҭакԥхықәра назыгӡо зегьы алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥыргаларц адгалара ҟаиҵеит. 

«Ҳара иаабоит амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Уажәы Автоҳәынҭинспекциа анапхгараҭара аҽаԥсахит, иҿыцу аусура аметодқәа аларгалоит. Игәаҳҭап, уи иаанарԥшуа алҵшәақәа зеиԥшрахо. Аха сара исҭахын шәаргьы амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аԥсахра азы аусура активла шәхы алашәырхәырц. Ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны иарбоу ахырхарҭала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира ҳҽазаҳшәароуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Апрокурор Хада дақәшаҳаҭуп амҩақәа рҿы ишышьақәыгылатәу емҳа ирацәаны афото-видео камерақәа.

«Сара еилыскаауеит акамерақәа еиҳаны ишышьақәыргылатәу. Уи атәы зегьы ирҳәоит. Уи атәы ирацәаны ирҳәахьеит аминистрцәа Реилазаара аҿы. Уи далацәажәахьеит аԥыза-министргьы. Аха еилкаатәуп уи иацу ахарџь шырацәоу, иаразнак зегьы аҟаҵара шзалмыршахо. Аха уажәы иҟоуҵашагьы ыҟоуп. Амҩақәа рҿы иахьахәҭоу аҭыԥқәа рҿы амҩатә иашамрақәа шьақәыргылатәуп.  Урҭ иаӡәымкәа-иҩыџьамкәа ауаа рыԥсы еиқәнархар алшоит», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

Уи даҽазнык иколлегацәа рахь ихы рханы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи араионқәа рнапхгараҭарақәеи алархәны, амҩақәа рҿы аҭагылазашьа азы аҭакԥхықәра зду амаҵзурақәа зегьы  аҭагылазаашьа аиӷьтәразы русура ахылаԥшра арҭаларц азы аҳәара ҟаиҵеит.

Убас ала мацара ауп ҳара џьара акахьы ҳашкылсуа», –  ҳәа иҳәеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба. 

 

 

 

 

 

 

 


Read 106 times - Ахаша, 31 Ԥхынгәы 2024 20:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.