АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

Алеқсандр Анқәаб аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар дидикылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар дидикылеит. 

Аиԥылара аҿы уаанӡа аргыларазы азин ахьыҟамыз аҵакырақәа рҿы аобиектқәа рыргылара алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Аиԥылара аҿы аҵыхәтәантәи аамҭа азы Аԥсны араионқәа рҟынтәи аминистрцәа Реилазаара ашҟа уи азы иазԥхьагәаҭам аҭыԥқәа, ахәҭакахьала Мысратәи ахәадара аҵакыраҿы, атәылауаа адгьылхәҭақәа рзоужьра азы азинҭаратә усшәҟәқәа нарышьуа иалагеит ҳәа иазгәаҭан.

Алеқсандр Анқәаб, Мысратәи ахәадақәа – ари Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы иҟоу ауникалра злоу цәырҵроуп, уи иадҳәаланы уаҟа инарыгӡало аусқәа зегьы  хымԥада аекологцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Мысратәи ахәадақәа аԥаҩ ала инҵәоит – амшын ахь ихоу иҿҟьарсҭоу аҟәарала. Уи даара анырра ӷәӷәа змоу азона аҿы иҟоуп. Араатәи аҿыбгарсҭаратә дгьылхәҭақәа рҿы – изеиԥшразаалак аргыларақәа, абна ахшьаара, адгьыл аҿыгҳара аԥхасҭа аҭара – хымԥада урҭ активла рҿыбгара, адгьылҳәазара ахь ицәырнагоит. Ари баша ԥхьаҟа иҟало азԥхьагәаҭара акәӡам, ари аргыларақәа ахьымҩаԥгаз иарбоу аҭыԥқәа рҿы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа ауп», - ҳәа иҳәеит Роман Дбар.

Иара игәаанагарала, ари аҵакыра зынӡа иарбанызаалак анхамҩатә усура азы аркреи Мысратәи ахәадақәа иҿыбгарсҭоу аҵакыра зегьы ахьамҽханакуа  аԥсабаратә абчарахырҭаны (аҳәырԥсарраны) аҟаҵареи ахәҭоуп. Алеқсандр Анқәаб аекологиа Аинститут иарбоу апроблема ала иахәҭоу аилыркаа еиқәнаршәарц азы адҵа ҟаиҵеит. 

 


Read 101 times - Ахаша, 31 Ԥхынгәы 2024 22:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.