Азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусмҩаԥгаратә ӡбамҭа адкыларазы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә Усбарҭа ахь агаҭара аматериалк дәықәныҵеит.
Апрокурорттә зхьаԥшра ауснагӡатәқәа рыла абиуџьети еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи ирзырхынҳәуп 26,2 млн. мааҭ инареиҳаны (иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы - 28,3 млн. мааҭ). Азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа иазԥхьагәаҭаз агәаҭарақәа ҩба мҩаԥнагеит. Агәаҭарақәа руакы – 2020 -2023 Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа анагӡараан абиуџьеттә хархәагақәа зауа рыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтәи абиуџьеттәи азакәанԥҵара шынарыгӡаз аилкаара иазкын. Агәаҭара Аинвестициатә программа иалагалоу аргыларатә обиектқәа ԥшьба рыҟны имҩаԥысуан.
Агәаҭараан аилагарақәак аарԥшын. Убас:
– Аинвестициатә программақәа ирылагалоу аргыларатә обиектқәа атехникатә хылаԥшра иахәҭоу аҩаӡараҿы инагӡаӡам;
– аҳәынҭқарратә программақәеи аҿаҵақәеи рынагӡара ахь аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи радыԥхьалара, иара убас аҳәынҭқарратә ҭаххрақәа рзы аагаҩцәеи аиқәыршәаҩцәеи ралкаара азҵаара ӡбамкәа иаанханы иҟоуп;
– аҳәынҭқарратә программақәеи аҿаҵақәеи рынагӡара ахь аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи радыԥхьалараан иаарту аконкурсқәеи аукционқәеи мҩаԥгахаӡом;
– анардкыларатә еиҿкаарақәа рыбжьара аконкурс амҩаԥгара апроцедура ҳәаақәызҵо анорма-зинтә шәҟәынҵақәа ыҟаӡам;
– аусурақәа рынагӡаҩцәа абиуџьети абиуџьенҭыҵтәи афондқәеи рахь ашәахтә шәатәқәа рганахьала ирықәу ауал.
Апрокурорттә зхьаԥшра ауснагӡатәқәа рыла идыршәаз ауалқәа реицҵалыҵ 441 982 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.