АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

2024-тәи ашықәс 6 мыз ирылагӡаны изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аикәыршара иадҳәалоу 93 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024-тәи ашықәс 6 мыз ирылагӡаны изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аикәыршареи зеиҭаҳара ҟамло арҩышьыгатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа  раарыхреи иадҳәалоу 93 цәгьоура  ашәҟәы иҭагалоуп.  Уи ашәҟәы иҭагалаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 32.7% рҟынӡа инаӡоит, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.  

«Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыла, уаанӡа еиԥш уажәгьы аиҳарак анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа анаҩс аҭира хақәкыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа аарԥшхоит. Ашьауӷатә ҭакԥхықәра иақәыршәахоит аиҳарак анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, ахәышәтәра зҭаху атәылауаа. Иарбоу акатегориа ала ишьақәыргылаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара азы ихацыркуп 18 ашаьусеилыргара (19,3%). Иаарԥшын зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рпатртиақәа, иаанкылан урҭ реикәыршара знапы алакыз ахаҿқәа, аха ахьырхәра иақәыршәамкәа иаанханы иҟоуп арҭ ацәгьоурақәа реиҿкааҩцәа», –  ҳәа иҳәеит Аԥсны Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба. 

Иарбоу аамҭахәҭа азы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаротикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагылареи ахылаԥшреи Русбарҭа ала анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон» апартиа ду аанкылара алыршахеит. Иаанкылаз анаркотиатә маҭәашьар Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа ииаган, уи  акапан  8 кьылаки 785,428 грамми рҟынӡа инаӡон.

2024 шықәса хәажәкырамзазы иԥхьырҟәҟәаан Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа раара аканал ду. Иаанкылан зыкапан 260,554 грамм рҟынӡа инаӡоз «мефедрон», иара убас   145,925 грамм рҟынӡа инаӡоз «метадон», иара убасҵәҟьа кокаин.

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы иара убас иҟалеит 42 ӷьычра уи ацәгьоурақәа зегьы рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи ахәҭаа 14,7% рҟынӡа инаӡоит ( иаартуп - 10).

38 (13.3%) цәгьоура иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аикәыршара иадҳәалоуп.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалоуп афеида алхра гәҭакыс иҟаҵаны мчымхарыла инагӡоу ацәгьоурақәа рахь иаҵанакуа ацәгьоурақәа ԥшьба. Иарбоу ацәгьоурақәа зегьы  – ақәыларақәа роуп.  Ацәгьоурақәа ԥшьба рҟынтәи иахьазы иаартуп хԥа.

Аимҵәаратә гәҭакы зманы инагӡаз ауаҩшьрақәа, ауаа рԥаара, аӷьычрақәа шьақәыргылаӡам.  Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ауаҩы иԥаара иадҳәалоу ацәгьоурақәа ҩба, иара убас аӷьычрақәа 9 ҟалеит.

 


Read 130 times - Аҩаша, 30 Ԥхынгәы 2024 14:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.