Аҟәа. Ԥхынгәмза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы Ареспублика Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа рахь Аԥсны азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны инашьҭын 79 инарзынаԥшуа азыҳәамҭақәеи арзаҳалқәеи. Абри азы 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
Иалагалаз азыҳәамҭақәеи арзаҳалқәеи рыхәаԥшра аихшьаалақәа рыла абарҭ апрокурорттә зхьаԥшра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа нагӡан:
Азԥхьанагарақәа - 11, ақәшаҳаҭымхарақәа - 16, ақәҽанызаарақәа - 6, административтә зинеилагарақәа рзы ирыдыркылеит 11 усԥҟа. Урҭ рыла тәылауаҩык административтә ҭакԥхықәара дақәыршәоуп (ахараԥса иршәоуп).
Апрокуратура аусбарҭақәа рахь инеиуеит имаҷымкәа атәылауаа рҟынтәи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа аубарҭақәа рмаҵурауаа рганахьала азашшрақәа.
Убас, 2024 шықәса 1-тәи азыбжа азы атәылауаа рҟынтәи апрокуратура аусбарҭақәа рахь Автоҳәынҭинспекциа аубарҭақәа рмаҵурауаа дара административтә ҭакԥхықәра рақәыршәараан руснагӡатәқәа рзакәанра аганахьала 29 инарзынаԥшуа азашшрақәа нашьҭын.
23 рзаҳал нагӡахеит, ашшԥхьыӡқәа рыхәаԥшрала Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭинспекциа Аусбарҭеи уи араионтә ҟәшақәеи рахь инашьҭын амаҵурауаа рыла административтә закәанԥҵара иаҿагыло азинтә шәҟәынҵақәа реиқәыршәара аганахьала ақәшаҳаҭымхарақәа - 15, азԥхьанагарақәа - 6, агәҽанызаарақәа - 4.