АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

2024 шықәса I азыбжа аҩныҵҟа амҩа-транспортә машәыртә хҭыс иахҟьаны 20 ҩык ауаа ҭахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 6 мыз рыҩнҵҟа иҟалаз  70 амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс рҿы 20-ҩык ауаа  ҭахеит.  Иҳаҩсыз 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иалагӡаны иҟалеит 71 амҩа-транспорттә машәыр. Уаҟа 28-ҩык ауаа  ҭахеит, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.

Амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ихадоу мзысқәаны уаанӡа еиԥш уажәгьы иҟоуп:

– амашьынарныҟәцаҩцәа рыла амҩатә ԥҟарақәа реилагара, иџьбароу арыжәтә ыжәны, мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы атранспорттә хархәага аԥсҟы акра;

– ишьақәыргылоу амашьына арццакра анормақәа реилагара;

– ахырхарҭа аԥсахра (аманиоврҟаҵара) аԥҟарақәа реилагара.


Read 143 times - Аҩаша, 30 Ԥхынгәы 2024 13:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.