АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Ԥхынгәы.2024

Ақьабзтә ҭынха иатәу аныҳәа Ацуныҳәа Кәтол ақыҭан имҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақьабзтә ҭынха Ацуныҳәа Кәтол ақыҭан имҩаԥысит.

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ақьабзтә ныҳәа Ацуныҳәа мҩаԥыргоит.

Ақыҭауаа Зегьзымчу имҵаныҳәоит раарыхреи роурақәеи бзиахарц азы.

Традициала ишаԥу еиԥш, ари ақьабзтә ныҳәа ажәҩан аҵаҟа, аԥшьаҭыԥ аҿы имҩаԥыргоит, еизоит ақыҭауаа рҭаацәа рыцны. Дара рзы Анцәа имҵаныҳәара акыр зҵазкуа хҭысуп, гәырӷьароуп. Аныҳәатә гәалаҟара иныруеит ари ақьабзтә ҭынха зҽалазырхәуа дарбанызаалак.

Ажәытә ҵасла ақыҭаҿы инхо, ҳаҭыр-пату зқәу абырг иоуп аныҳәара амҩаԥгара знапы ианырҵо. Уажәазы аныҳәара мҩаԥигон Амиран Џьопуа. 

Аныҳәаҩ, амрагыларахь ихы рханы, иарма напаҿы ашьтәа агәи-агәаҵәеи зхоу  араса амахә кны, иарӷьа напаҿы аԥсуа ҩы зҭоу аҵәца кны аныҳәара далагоит.

Аныҳәаҩ иажәа ҳәаны данаалгалак ашьҭахь ику аҵәца иҭоу аҩы ижәуеит ашьтәа агәи- агәаҵәеи ргьама ибоит.

Уи аамышьҭахь еизаз зегьы иара еиԥшҵәҟьа агәи-агәаҵәеи ргьама рбоит. Аԥсуаа ихарҵоит ашьтәа агәи-агәаҵәеи ргьама убар, усҟан Анцәа иахь ухы рханы узаҳәаз зегьы ҟалоит ҳәа.

Анаҩс, аныҳәа агәырӷьачарала иацҵахоит.

Ацуныҳәа азы анкьа амилаҭтә чыс хкқәа – акәаци, абысҭеи, аҳампали, аџьыкеи рыда акгьы адрымгалозгьы, иахьа афатә хкқәа рхыԥхьаӡара иазҳаит, уимоу арыжәтәгьы нарго иалагеит.

Ари амш аҽны аисра, ацәҳара, иара ажәемакрагьы ҟалаӡом. Уи Анцәа игәамԥхо усқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 

Кәтол ақыҭан аныҳәара хыркәшаны аишәачара рнапы адыркуаны еиԥш, ақәа аура иалагеит. Уи даҽазныкгьы иҟарҵаз аныҳәара амч амоуп, ражәақәа Анцәа иҟынӡа инаӡеит ҳәа ауп иаанаго.


Read 173 times - Амҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024 19:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.