pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атранспорттә прокуратура жәабранмза 16, 2024 шықәса рзы аԥсыӡкыгатә ӷба EMINOQULLARI 4NA341838 аҟынтәи Ҭырқәтәыла атәылауаа хҩык рыԥсреи иарбоу аӷба ԥшьҩык аекипаж алахәылацәеи ӷәӷәала акы рԥырхаганы Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь рнагареи  инамаданы апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥнагоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа ицоз аидарамҩангага машьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигарет пата ду рыԥшааит. 

Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа иаиуз аоперативтә информациа ала аҳазалхыҩцәа афура MAN TGA амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс (МИДК) ахь идәықәырҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 23 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа.  

Иахьа Асовет ар аветеранцәа ирыдныҳәаларц, иара убас Аҟәа ақалақь аҿы игылоу Идырым абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵац азы иааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы  Дмитри Федотов, Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, Аԥсны атәылахьчаа Аминистрра, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аиџьынџьуаа  Ркоординациатә еидгылара ахаҭарнакцәа.

Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳара ҳаиҳабацәа ари амш Асовет ар Амш ҳәа ауп ишырдыруа. Усҟан ҳара зегьы ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхон, ҳабацәеи ҳабдуцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра афронтқәа рҿы еицеибашьуан.  Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан еибашьуаз зегьы.

Уажәы, Донбасс ицоит иҷыдоу арратә операциа, рыжәҩахыр еибыҭа урыстәылатәи аибашьцәа ирыцеибашьуеит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Ҳара иҭахаз ҳаҭырла иаҳгәаларшәо зыԥсы ҭоу афырхацәа зегьы ҳрыдныҳәалоит, иаарласны аиааира агара рзеиӷьаҳшьоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Давид Бжьаниа  аминистр Владимир Ануа ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит.

«Иахьа ҳара гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳаиҳабацәа знысыз афырхаҵаратә мҩа… Ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанханы иҟоуп аибашьра адәаҿы иҭахаз ҳаибашьцәа рфырхаҵара, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа  ргәымшәара, рхаҵара.

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Иван-иԥа Ануеи атәылахьчара Аминистрра ахатәы еилазаареи  рыхьӡала  аветеранцәеи, иара убас уажәы зырратә маҵзура назыгӡо аруааи Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш шәыдысныҳәалоит, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, ахирра».

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара  Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит 39 цыра аус зуаз, ӡылатәи архьшәашәагақәа зцу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа  (амодел Whatsminer M30S+)            , ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гал араион ашколқәа рҵаҩцәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Екатерина Габелиа лнапхгарала аҵара аҟәша аусзуҩцәа рыцны жәабранмза  21 азы Дырмит Гәлиа Илитература-мемориалтә аҩны-амузеи иаҭааит. Ашколхәыҷқәа рзы амузеи аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит, иддырбеит, ирзеиҭарҳәеит зегьы реиҳа аинтерес зҵоу амузеитә експонатәқәа ртәы.

Ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа аԥсышәала иаԥхьеит.

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеит 150-шықәса аҵра инамаданы Галынтәи аделегациа амузеи ҳамҭас ианаҭеит 170 нызықь мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Гал-медиа».

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрреи «Актәи аҿартә инклиузивтә еиҿкаара» ҳәа хыс измоу  агәыҳалалратә Фонди  аусеицуразы аиқәшыҳаҭра рыбжьарҵеит.  Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит аиустициа аминистр Анри Барцыци актәи аҿартә инклиузивтә еиҿкаара ахантәаҩы Рада Ҳалуашьԥҳаи.

Анри Барцыц, Агәыҳалалратә Фонд «Актәи аҿартә инклиузивтә еиҿкаара» Аԥсны аиустициа Аминистрра ашәҟәы иҭагалан ԥхынҷкәынмза  14, 2023 шықәсазы ҳәа иазгәеиҭеит. Иара Афонд ахықәкқәа рынагӡараҿы ақәҿиарақәа азеиӷьаишьеит.

«Шәара активла инашәыгӡо аусура атәы рбаратәы иҟалахьеит, шәара хра злоу аганахьала ақәгылара шәахьӡахьеит, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп убасҵәҟьа ҳаԥхьаҟагьы шәусура шацышәҵо.

Ҳара проектқәак реицынагӡара азԥхьагәаҳҭеит, иалкаау ахырхарҭақәа рыла аусеицура ҳабжьаҳҵоит. Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылоит аҿар атәылауаҩратә ҭагылазаашьа азы ашәҟәынҵақәа рыԥхьаӡацтәра аҿы аиустициа Аминистрра ацхыраара аҭара иахьазхиоу.  Ҳара ари аусура анагӡаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵара ҳхахьы иаҳгоит, агәра ганы ҳаҟоуп, шәара шәыцхыраара хра злоу, акыр зҵазкуа усны ишыҟало», –  ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.

Ахәҭакахьала, Рада Ҳалуашьԥҳа напхгара зылҭо аиҿкаара иаиуз агәрагара азы иҭабуп ҳәа лҳәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Баҭал Аиба  Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнакыс дҟаҵоуп.

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Азинмчы змоу ихаҭанакыс дҟаҵазааит Аиба Баҭал Едуард-иԥа», -ҳәа иаҳәоит жәабранмза 21, 2024 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аусԥҟа атекст аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла Аминистрцәа Реилазаара «Ауааԥсыа ргәабзиара иаԥырхагахар зылшо аалыҵ Аԥсныҟа аагареи аҭиреи рганахьала ақәиҭымтәра алагалара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Ари ақәыиҭымтәра иаҵанакуеит ауаҩы игәабзиара иаԥырхагахар зылшо ҳәа иԥхьаӡахаз Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Чемпион» (ИНН: 3123375083, ОГРН: 1153123016837, Урыстәылатәи Афедерациа, Белгородтәи аобласть, ақалақь Белгород) иҭнажьуа ахәшарҭәа «Белорусское луговое».

Аҳәынҭстандарт, ареспубликатә Санитар-епидемиологиатә Станциа, иара убас Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа рҿы иҟоу Асанитар-епидемиологиатә Станциақәеи азԥхьанҵа рыҭоуп русдырра аҳәаақәа ирҭагӡаны абарҭ ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азы:

- ахәшарҭәа «Белорусское луговое» зҭиуа хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи иарбоу аалыҵ аҭира аанкылареи шьҭахьҟа аргьежьреи рзы азхьанҵа рыҭара;

-  иарбоу аалыҵ  алхра;

- иарбоу ахәшарҭәа ала ахәаахәҭра аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы анаҩстәи апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа  рымҩаԥгара.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахәшарҭәа «Белорусское луговое» атәылаҟа аагареи аҭиреи рзы иалагалоу ақәиҭымзаара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы  адҵа аҭоуп.

Аҟәа. Жәабрамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 21 – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа (21.02.1874 – 07.04.1960 шш.) иира Амш ауп.

Иахьа, Аҟәа ақалақь, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асквер аҿы ашәҟәыҩҩы иҳаҭгәын аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  

Дырмит Гәлиа дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи, арҿиаратәии анаукатәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра.

*** *** Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, арккаҩы, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы анхаҩы Урыс Гәлиа (Урыс — Дырмит иаб Иасыф аҩнытәи ихьӡ акәын — аред.) иҭаацәараҿы, Гәылрыԥшь араион, Уарча ақыҭан. Дырмит Гәлиа ихаҭа абас игәалаиршәон урҭ ахҭысқәа: «Маан зыжәлаз ҭауадк ҳгәараҿы иманы дааит аҭырқәа аскерцәа — асолдатцәа. «Абарҭ ықәҵып ҳәа ргәы иҭаӡам», - иҳәеит. Аскерцәа ҳаҩны амца нацраҵаны ирыблит, ҳара амшын агаҿахь, аҭырқәа ӷба ахьыхгылаз ҳрыманы идәықәлеит. Сара усҟан ԥшьышықәса схыҵуан. Снапаҿы искын ахәмарга-флыка, егьи снапала санду Фындық лнапы скын».

Анаҩс, арҭ ахҭысқәа ипоема «Сара схәышҭаара» аҿы дрыхцәажәоит.

Ҭырқәтәылаҟа амҩа иахьынӡақәыз Гәлиа иҭаацәара изныкымкәа аԥсра ахықә иқәгылахьан, аха егьа уадаҩра шырхыргазгьы, Трапезунд аҟәара инхықәгылеит. Ухаҿы иузаамго, иуадаҩыз аҭагылазаашьа иақәшәеит аҭаацәара: фатәы-жәтәы рымамызт усгьы, рхы ахьныҵаркышаз хыбрагьы ыҟамызт. Ирыцхраауан  аҭырқәа ԥсыӡкыҩцәа ӷарқәеи, дара раԥхьа арахь иқәнагалахьаз аԥсуааи. Дырмит иаб Ҭырқәтәыла дыҟанаҵ Аԥсныҟа ахынҳәра дазгәышьуан, уи игәҭакы дацәхьаҵуамызт зынӡаскгьы. Убас, аԥсыӡкыҩцәа рнышь хәыҷы иақәтәаны ишынҭаацәаз зегьы мшынла Рыԥсадьгыл ахь идәықәлеит. Аԥхьа Баҭымынӡа инаӡеит. Араҟа, амҩа иацыз ауадаҩрақәа рызхымгакәа иԥсуеит Дырмит иашьеи иаҳәшьеи еиҵбацәа. Аха шьҭахьҟа мҩа ыҟамызт, рымҩа иацырҵеит. Аурысцәеи аҭырқәцәеи рыӷбақәа Гәлиаа рнышь аихсра ишаҿызгьы, аҭаацәара Аԥсны аҟәаранӡа инаӡеит, Рыԥсадгьыл ршьапы ықәдыргылеит.

Урыс Гәлиа азин ирымҭеит иқыҭа гәакьаҿ анхара, убри аҟнытә Кәыдры аӡиас-нырцә —Аӡҩыбжьа ақыҭа нхарҭа ҭыԥс иалихуеит. Гәлиа шықәсқәак аҵара иҵон аҭыԥантәи апап иҟны, уи ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол, ҷыдала аԥсуа хәыҷқәа рзы 1963 шықәсазы иаадыртыз. Амала, уи иаразнак даанамхәеит, избан акәзар еиҳарак ашкол аҟны ирыдыркылоз ҭауади аамысҭеи рхәыҷқәа ракәын. Аха Дырмит иаб ари аус иҽадицалеит: иҷкәын ашкол иҭаҵаразы хышықәса инеиԥынкыланы ашәҟәқәа алаиҵон.

Аҟыбаҩ бзиа злаз аҵаҩы иаразнак илаԥш дыҵашәеит арҵаҩы Давид Аџьамов, анаҩс Дырмит дгәеиҭеит ашкол ахылаԥшҩы Константин Маҷавариани. Арҭ аҩыџьа имаҷымкәа аџьабаа рбеит Дырмит хәыҷы иажәақәа рыла ажәлар рлакәқәа ақьаад ахь риагаразы, анаҩс урҭ кьыԥхьын «Кавказ аҭыԥқәеи, урҭ ирықәынхо ажәларқәеи ирызку аматериалқәа» ҳәа хьӡыс измаз аизга аҟны.

Константин Маҷавариани иқәыԥшыз Дырмит иԥсҭазаараҿы инаигӡоз ароль даара акраҵанкуан. Иара иоуп раԥхьаӡа акәны Дырмит иизырбаз аԥсуа алфавитқәа: абызшәадырыҩ ду Пиотр Услар еиқәиршәази, иара убасгьы Бартоломеи ианбаншәҟәи. Маҷавариани иоуп Гәлиа иазҳәаз Аԥсны аҭоурых аҭҵаара иашалагатәу, иҟоу адыррақәа егьа имаҷзыргьы, ари аус шхацырктәу. Иҟалап, убасҟан акәзар Дырмит Гәлиа раԥхьаӡатәи Аԥсны аҭоурых ашәҟәы аҩразы агәҭакы анизцәырҵ. Аамҭак ашьҭахь уи аидеиа аԥсҭазаара аиуит, иара ииҩыз «Аԥсны аҭоурых» ҭыҵуеит 1925 шықәсазы.

1889 шықәсазы, 15 шықәса зхыҵуаз Дырмит Гәлиа дҭалоит Гори иҟаз Кавказнхыҵтәи арҵаҩратә семинариа. «Араҟа сара аҵара сҵон ԥшьымз, аха исыхьыз аршра (атиф) иахҟьаны асеминариа сыҭцан. Асеминариа анапхгара иҟанаҵаз адҵаҿы ианырҵеит «асеминариа аҵаҩы Дырмит Гәлиа аҭыԥантәи аҳауа, ҳәарада, инаалом» ҳәа. Абри ала сышколтә ҵара хыркәшан, анаҩс рҵаҩцәас исзыҟалеит ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи», — хәа иҩуеит иара иавтобиографиаҿы.

Аԥсны игәараз ачымазара бааԥсы «испанка» иахҟьаны иани, иаби, иандуи аниԥха ашьҭахь, Дырмит аҩны, анхамҩа аныҟәгара иадҳәалаз аџьабаа зегьы ихәда иқәҳаит, аха раԥхьаӡа иргыланы, еиҳабык иаҳасабала иара иуалын иашьеи иаҳәшьеи рааӡара. Игәы камыжькәа еиҵбацәа иааӡеит, ршьапы иқәиргылт. 17 шықәса анихыҵуаз, уи екстерн ҳасабла аԥышәарақәа иҭиуеит, иагьихырҵоит жәлар рырҵаҩы ҳәа ахьӡ. Убри инаркны иалагоит Дырмит Гәлиа иуаажәларратә, ирҵаҩра-рҿиаратә усура ду. 

Дырмит Гәлиа  акыр шықәса рҵаҩыс аус иуан еиуеиԥшым ақыҭа школқәа рыҟны. Нас Очамчыреи Аҟәеи ақалақьқәа рҿы ҭырџьманс дыҟан. Дырмит Гәлиа Ашьхарыуаа рышкрл, аҳәса ргимназиа, арҵаҩратә семинариа, уҳәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟаз аҵараиурҭақәа жәпакы рҿы аус иуан, ахәыҷқәа аԥсшәа дирҵон.  Арҭ ашықәсқәа раан, иналаршә-ааларшәны акәзаргьы, напы аиркит ажәеинраалақәа рыҩра. Иара ақыҭақәа дрылаланы еимидон, иҵон ижәлар рбызшәа, рыбзазашьа, рқьыбзқәа, рҵасқәа.

1890 шықәсазы, аԥсуа бызшәа ззымдыруаз, аха аметодика аганахьала Дырмит ацхыраара изҭоз Константин Маҷавариани иаԥшьгарала, Гәлиа напы аиркуеит аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәара. Аха уи азы, акириллицала иаԥҵаз Услари Барҭоломеи ралфавитқәа реиӷьтәразы имаҷымкәа аус рыдулатәын. Ус шакәызгьы, 1892 шықәсазы аԥсуа хәыҷқәа ироуит рхатәы бызшәала  аҵараҵаразы алшара. Убас, 17 шықәса зхыҵуаз Аӡҩыбжьатәи арԥыс Дырмит Гәлиа аԥсуа кульутра аҿиара аус аҿы хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц Аҳәынҭқарра Ахада иҿы 2023 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

«Иҳаҩсыз ашықәс алҵшәа бзиа аман. Аус рыдаҳулеит аиҿкаара-хылаԥшратә докәментқәа, урҭ зегьы аиустициа Аминистрра аусура аиӷьтәра иазкын, иара убас аппаратқәа рыҟәшақәеи, аструктуратә напхгарақәеи, анапаҵаҟа иҟоу аиҿкаарақәеи русеицзура аимадара ацхыраара анаҭон»,- ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.

Аминистр иажәақәа рыла, 2023 ш. рзы аӡбаратә уснагӡатәқәа рмаҵзурақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәразы аусурақәа ирыцҵан.

Анри Барцыц иазгәеиҭеит, хазхаҭалатәи анаплакҩцәа рхыԥхьаӡара ишацлаз. Аҳасабырба аамҭазы ашәҟәы иҭагалан 580 аиуристтә хаҿқәа (510 - 2022 ш.) 1291 хаҿы (1251 - 2022 ш.).

2023 шықәса рзы Аԥсны ашәҟәы иҭагалан амассатә информациатә хархәагақәа 2, урҭ рахьтә акы - аинтернет саит, иара убас ажурнал, адырраҭаразы алицензиақәа 3 рыҭан.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәара ҟаиҵеит инарҭбааны еиҭеиҳәарц аусбарҭаҟны иалагалоу аҿыцрақәеи, урҭ рылҵшәеи ртәы. Ахәҭакахьала, уи зызкыз Аҟәа ақалақь анотариалтә конторақәа рҟны ишьақәыргылаз атерминалқәа роуп, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә баџь ашәаразы. «Аԥсны абанкқәа руак аппаратқәа рышьақәыргылараҟны иҳацхрааит, атәылауаа анотариалтә усқәа рымҩаԥгараҟны акырӡа ацхыраара рызҭоз. Аха, ашәарҭара цәырҵит ахаҭара шьақәзыргыло ахьӡқәа рцәыӡра аус инамаданы, апрограмматә еиқәыршәара ахьынагӡам азы. Ари азҵаара аӡбаразы амҩақәа рыԥшаара ҳаҿуп», - ҳәа иҳәеит аиустициа аминистр.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.