Урыстәыла 2022 – 2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аҳәынҭқарратә программа анагӡара аҿы ацхыраара аҟаҵара азы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.
Аҳәынҭқарратә программа анагӡара ҩышықәса рыла ареспублика аҿиара ихадоу арбагақәа реизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп: Атәыла аекономика аҿиара арбага хада, даҽакала иуҳәозар атәыла аҩныҵҟа шықәсык ала иҭрыжьуа атауарқәеи амаҵзурақәеи рзеиԥш еицҵалыҵ (ВВП) – 107,1% рыла (65,4 млрд мааҭ рҟынӡа), ахатәы хашәалахәқәа рышьҭыҵра –104,5 % рыла (9,8 млрд. мааҭ рҟынӡа), аекономика ала абжьаратәи ауалафахәы ашьҭыҵра – 87,5% рыла (21,7 нызықь мааҭ рҟынӡа), абиуџьет аҟынтәи ауалафахәы зауа руалафахәы абжьаратәи арбага 73,4% рыла (27,9 нызықь мааҭ рҟынӡа).
Аганқәа 2024 – 2025 шш. аамҭахәҭа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқареи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апрограмма аетап ҿыц шьақәдырӷәӷәеит. Уи анагӡара Аԥсны аганахьала аҩ-тәылак рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра арӷәӷәара иазырхоу анорм-зинтә шәҟәынҵақәа шьаҭанкыла рыдкылара алнаршоит. «2024 шықәсазы ареспублика иаиуо афинанстә цхыраара азеиԥш хышәа-ҵышәа 5,6 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Вольвач. – Аԥаратә хархәагақәа уаанӡа ибжьаҵаз аҩганктәи анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны асоциал-економикатә ҿиареи абиуџьеттә инвестициақәа рымҩаԥгареи иазырхахоит».
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аԥыза-министри апрофильтә хылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара асоциал-економикатә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥысит. Аганқәа ибжьаҵаз анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара, ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аинвестициатә программа анагӡара азхиара, иара убас аекономика хадара злоу аусхкқәа Урыстәыла аганахьала адгылара аҭара, уҳәа егьырҭ актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
«Иахьатәи амш азы урыстәылатәи агани аԥснытәи агани русеицуразы иазԥхьагәаҭоу апланқәа анаҩстәи рынагӡараеи аҩганк ирзеиԥшу асоциал-економикатә ҵакыра арӷәӷәареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥырҵеит», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.