АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Хәажәкыр.2024

Гәдоуҭа араион ареспубликатә мҩаду аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр аҿы хаҵак дҭахеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион, Хыԥсҭа ақыҭа азааигәара иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр   иахҟьаны хаҵак дҭахеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа.

«Автотрасса «Ԥсоу – Егры» 59-тәи акилометр аҿы, Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭа иацәыхарамкәа автомашьына «Таиота» ареспубликатә трасса  ианыҵны амҩа аҿықә игылаз аҵла иаахеит.  Амҩа-транспорттә машәыр ҟалеит 10 сааҭки 30 минуҭи инарзынаԥшуа.  Амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Асҭамыр Ҭаниа.

 Иҟалаз амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс аҿы убасҵәҟьа ааха лоуит аԥҳәыс. Уи абҩаԥҵәа лыманы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа ахь днагоуп.


Read 107 times - Ашәахьа, 25 Хәажәкыр 2024 15:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.