Аҩбатәи ахара зду — Саидакрами Муродали Рачабализода ихыҵуеит 30 - шықәса, дҭаацәароуп, хшаара заҵәык димоуп. Иара дызлымгаз абжьаратәи аҵара имоуп, уаанӡа аусӡбара даҵанамкӡацызт. Уи аӡбарҭаҿы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ашәҟәы дҭагалоуп, аха уи аҭыӡҭыԥ игәалашәаӡом. Убри аан азыӡба алаҳәараан иара Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа иааиԥмырҟьаӡакәа анхарҭаҭыԥ, мамзаргьы аамҭалатәи ашәҟәҭагалара имаӡам ҳәа иазгәаҭан. Уигьы иду ахара дақәшаҳаҭхеит.
Ахԥатәи ахара зду Шамсиддин Фаридуни 25- шықәса ихыҵуеит, иара дҭаацәароуп, аамзы зхыҵуа ахәыҷы димоуп, ашәҟәы дҭагалоуп Красногорск ақалақь аҿы.
Аԥшьбатәи ахара зду Мухаммадсобиру Фаизов 19 - шықәса ихыҵуеит, дҭаацәараӡам, ахшаара имаӡам, абжьаратәи аҵара имоуп, уаанӡа аусӡбара даҵанамкӡацызт. Ахаҵа иажәақәа рыла ашәҟәы дҭагалоуп Иваново ақалақь аҿы, иара уаҟа уаанӡа аус иуан барбершоп аҿы ахцәырҟәыдҩыс, аха ԥыҭрак ашьҭахь иусура аанижьит. Зус рыӡбоз ахаҵа аӡбарҭахь днаргеит ачымазцәа рнага-аагага ала, дицын аҳақьымгьы.
Ахара зду зегьы – Ҭаџьыкьысҭан атәылауаа роуп. Аӡбаратә еилатәарақәа зегьы иарку арежим ала имҩаԥысуан.
Хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, гәыԥҩык бџьарла еибыҭаз ауаа, убри аамҭазы агәыԥ «Пикник» аконцерт алагараны иахьыҟаз аконцерттә зал ду «Крокус Сити Холл» иақәлеит. Идырым шьоукы «Крокус Сити Холл» аҿы ахысра иалагеит.
Ахысрақәа рзы адырра ашьҭахь акомплекс аҿы аҭҟәацреи уи инашьҭарххны амцакреи шыҟалаз азы аинформациа ҟалеит.
Абылра ауадаҩра иреиҳау аҩаӡара анаршьеит. Ахыбра аиҳарак, 13 нызықь ԥшьыркцатә метр амца амҽханакит, алҩақ ӷәӷәала иқәчит.
Акомплекс иблыз ахыбра аиҳарак еилабгеит. Ашырԥазы, асааҭ 0:55 аламҭалазы амца аанкылара алыршахеит.
Урыстәыла Аусеилыргаратә Комитет адыррақәа рыла, иҟалаз атеракт аҿы 137-ҩык ҭахеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп х-ҩык ахәыҷқәа. Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адыррақәа рыла 100 - ҩык инареиҳаны еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.