pressadmin-2
Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгаразы 30 инарзынаԥшуа алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи араионқәеи ақалақәқәеи рхадацәеи афымцамчтә усхк ахаҭанаркцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза–министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
Амш азҵаараҟны иҟан Урыстәыла ахада иалхразы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгараҟны УА Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭареи ареспубликаҟны афымцамч аусхк аҟны иҟоу иҭагылазаашьеи ирызку актуалра злоу азҵаарақәа.
Урыстәытәи Афедерациаҟны аҟны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзаҟаҵара азҵаара инамаданы Бадра Гәынба алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара иазку аусуратә гәыԥ аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аҟынтәи х-ҩык аԥсыӡкыҩцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аҟынтәи х-ҩык аԥсыӡкыҩцәа рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ рыԥсыбаҩқәа Гагра аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Жәабранмза 16 рзы ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аҟынтәи ԥшьҩык бааԥсыла акы рԥырхагаханы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша ахь инаргеит.
Хҩык ачымазцәа аҵәыҵәри рҿаркит, аӡәы арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппарат даҿакуп. Зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа иӷәӷәоу иҭышәантәалау ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ареанимациатә ҟәша апациентцәа ацхыраара рыҭаразы иахәҭоу ахәшәқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп.
Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгаразы 30 инарзынаԥшуа алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи араионқәеи ақалақәқәеи рхадацәеи афымцамчтә усхк ахаҭанаркцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза–министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
Амш азҵаараҟны иҟан Урыстәыла ахада иалхразы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгараҟны УА Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭареи ареспубликаҟны афымцамч аусхк аҟны иҟоу иҭагылазаашьеи ирызку актуалра злоу азҵаарақәа.
Урыстәытәи Афедерациаҟны аҟны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзаҟаҵара азҵаара инамаданы Бадра Гәынба алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара иазку аусуратә гәыԥ аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада аусмҩаԥгатә иамоу аполитикатә ҵакы азгәаҭаны, анапынҵа ҟаиҵеит араионқәа рхадацәа цуҭацыԥхьаӡа алхыҩцәа агымкәа рыҟазаара алдыршарц. Аԥыза–министр Алеқсандр Анқәаб идиҵеит аҳәынҭқарратә маҵзурауааи абиуџьетуааи иахьынӡалшо абжьыҭара ралархәра хылаԥшра аиҭарц.
Аилацәажәараҟны хшыҩзышьҭра аҭан афымцамч аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.
14 цыра амаининг-аппаратқәа Акәасқьа ақыҭан ирыԥшааит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа рыцны закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара иазку аусура аԥхьырҟәҟәаара иазкны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан Гаделиа Николаи Николаи-иԥа итәыз 14 цыра амаининг-аппаратқәа рыԥшааит.
15 цыра амаининг-аппаратқәа рыԥшааит Алада Ешыра ақыҭан.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцны заканшьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагылара иазкны Алада Ешыра имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Кьиахьба имҩала игылоу, Габниа Беслан Едик-иԥа иҩны аҿы ирыԥшааит 15 цыра амаининг-аппаратқәа.
Аиустициа Аминистрра аҿы Афганисҭантәи аибашьра аветеран аҳамҭа ианаршьеит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиустициа Аминистрра аҿы Афганисҭантәи аибашьра аветеран, Аминистрра аӡбарҭатә ӡбамҭақәа рынагӡара Амаҵзура атерриториалтә ҟәша аӡбаратә нагӡаҩы еиҳабы, I акласс аиустициа абжьгаҩ Ҵулукиа Даур Владимир-иԥа аҳамҭа ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Афганисҭан аибашьра ахыркәшареи асовет архәҭақәа атәыла ралгареи аныҟала амш 35 шықәса ахыҵра азгәаҭара иадҳәаланы, аиустициа Аминистрра анапхгараҭара адгаларала, Ҵулукиа Даур Владимир-иԥа «Аибашьратә еиҩызара азы» Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амедал ианашьахеит.
Апрокурортә уснагӡатәқәа рыла ареспублика абиуџьет иазырхынҳәын 28 млн. мааҭ инареиҳаны.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура аусбарҭақәа рыла азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара аганахьала 2023 шықәсазы 318 рҟынӡа азакәан аилагарақәа аарԥшын. (2022 ш. – 192). Аԥшьаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз Апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аилатәара аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.
Роберт Киут Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәа Игор Зубови Андреи Храпови дырԥылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16 рзы Москва ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа иҵабыргу I акласс абжьгаҩ Игор Зубови реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ахылаԥшырҭақәа анаҩстәи русеицура аперспективақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Анаҩс Роберт Киут дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, аполициа аинрал-полковник Андреи Храпов.
Аҟәа иргәаладыршәеит аибашьцәа-аинтернационалистцәа.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы асовет ар Ареспублика Афганисҭан алгара ҟалеижьҭеи 35 шықәса аҵра азгәарҭеит.
Иҭахаз аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара аҳаҭыр азы Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, ареспублика ауаажәларра, атәылахьчара Аминистрра, Ареспублика Афганисҭан еибашьуаз Реидгыла, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аҟәа иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны», Урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа, Аԥсны иҟоу абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ахаҭарнакра ахаҭарнакцәа.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҭахаз аибашьцәа-аинтернационалистцәа.
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь агәалашәаратә митинг мҩаԥысит.
«Жәабранмза 15 Аԥсны аҭоурых аҿы галашәаратә мшны иҟоуп. Ари амш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит аибашьцәа-аинтернационалистцәа. Рыԥсадгьыл анҭыҵ зинтернационалтә уалԥшьа назыгӡаз Урыстәыла аруаа рымш. Ари амш аҽны ҳара Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа рыдагьы, 30 инареиҳаны бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа ирылахәыз урыстәылатәи аруаагьы ҳгәалаҳаршәоит.
Ҩажәи хәба нызықьҩык урыстәылатәи аруаа еиуеиԥшым адунеи атәылақәа: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Кореиа, Виетнам, Шьамтәыла, Египет, Мозамбик, Ангола, уҳәа рҿы рырра-маҵуратә уалԥшьа анагӡара рхы ақәырҵеит. Иарбоу аоперациақәа иара убас рхы аладырхәуан Аԥсны атәылауаагьы.
Иахьа Афганисҭан аибашьра ахыркәшареи асовет архәҭақәа атәыла ралгареи аныҟала амш 35 шықәса ахыҵра иадҳәалоу арыцхә азгәаҳҭоит», – ҳәа агәалашәаратә митинг аҿы дықәгыло иҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа.

Давид Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистри Арбџьармчқәа ахатәы еилазаареи рыхьӡала аветеранцәа, аибашьцәа-аинтернационалистцәа зегьы дрыдныҳәалеит.
«Аибашьра зхызгаз, бџьаршьҭыхлатәи аконфликтқәа ирылахәыз , аиниаразы агәыӷреи агәрагареи змаз, згәалашәара згәаҿы иҵәахны измоу зегьы, азин сышәҭозар, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, агәҭынчра», - ҳәа иҳәеит иара.