Агәабзиарахьчара аминистр Рауль Лолуа адырра иҭеит агәабзиарахьчара Аминистрреи урыстәылатәи рколлегацәеи аԥснытәи аҳақьымцәа аԥхынтәи аамҭахәҭа азы ацхыраара рыҭара азы еилацәажәаны ишыҟоу, избан акәзар абри аамҭа азы араионтә хәышәтәырҭа иадҵаало апациентцәа рхыԥхьаӡара акыр иазҳауеит.
Едуард Быҭәба иара убас араионтә хәышәтәырҭа иҷыдоу атранспорт ала иаҭахо ацхыраара далацәажәеит. Акомпиутертә тамограф абжьысра аганахьала акәзар, агәабзиарахьчара Аминистрра ахада араион Ахадара аҟынтәи адгылара ҟалап ҳәа агәыӷра шимоу иҳәеит.
Араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа аминистр иҭабп ҳәа еиҳәеит амедусбарҭа иаиуо ацхыраара азы.
Рауль Лолуа, аҭыԥантәи абиуџьет аҿы агәабзиарахьчаразы иазԥхьагәаҭоуп 100 млн. мааҭ, атамографи егьырҭ аҭаххрақәа рынагӡареи рзы иназыцҵоу аԥаратә хархәагақәа рзоужьра азҵаара араионтә Еизара адепутатцәа алархәны алацәажәара аҭаххоит ҳәа иазгәеиҭеит.