pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Хьыбла Герзмааи Ильдар Абдразакови идикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Хьыбла Гьерзмааи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Ильдар Абдразакови идикылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» ҩажәижәаба шықәса ишрықәу шьҭа, уи амҩаԥгара ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы кыр шаҵанакуа.
Ари, уи иажәақәа рыла, аԥсуа публика иҳараку акультура радԥхьаларазы лшара дууп. «Ари азы ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ильдар Абдразаков иахь ихы рханы, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
«Издыруеит, Шәара Хьыбла Герзмаа лыдагьы егьырҭ ҳџьынџуаагьы аиҩызара шшәыбжьоу. Уи ҳара ҳзы гәахәара дууп. Аԥсны есымша шәара шәзы иаартуп, шәабара ианакәызаалак ҳаигәырӷьоит».
Хьыбла Гьерзмаа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы, аклассикатә музыка афестиваль амҩаԥгараҟны атәыла анапхгара иҟанаҵо адгыларазы.
«Сара сзы гәахәара дууп сы-Ԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар ирызнаҳго аныҳәазы алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - ҳәа илҳәеит аоператә шәаҳәаҩы.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ижәны аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа мызкы аҟынӡа рмашьынақәа рымхра азы аԥшьгара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аҿы имҩаԥысит Дамеи Аҩӡба Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵара зцыз атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусуратә еилатәара.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Чкадуеи Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы ҿыц зыԥшра ҟамҵакәа зынагӡаа алыршатәу ахыдҵақәа ирҭеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы ижәны амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа рхьырхәра иазкны иҿыцу ауснагӡатәқәа азԥхьагәаҭоуп. Ахәҭакахьала, урҭ мызкы ҳәа аҽҳәара аҭаны рмашьынақәа рымхра азы аԥшьгара ҟаҵоуп.
Лаша Ашәба зыԥсҭазаара иалҵыз Альфред Какуев иҭаацәа дрыдышшылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара –Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зыԥсҭазаара иалҵыз Ареспублика Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Леонид-иԥа Какуев иҭаацәа дрыдышшылеит.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы иаҳәоит:
«Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара– Апарламент Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент I ааԥхьара (1991–1996 шш.) адепутат – Альфред Леонид-иԥа Какуев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Аминистрцәа Реилазаара гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Витали Валериан-иԥа Шариа иҭаацәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Хада Витали Валериан-иԥа Шариа иҭаацәа.
50 шықәса инареиҳаны Витали Валериан-иԥа Шариа Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рҿы аус иуан, идуу арҿиаратә мҩа данысит. Егьырҭ аӡәырҩы инагоу аспециалистцәа реиԥш иаргьы амилаҭтә ихьыԥшым апресса ахыҵхырҭаҿы дгылан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аиааира Амш аҽнынӡа Витали Валериан-иԥа Шариа иколлегацәа дрывагыланы Гәдоуҭа ақалақь аҿы агазеҭ «Республика Абхазия» ҭижьуан, иара убри ала Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа хәызмаӡам аинформациатә дгылара риҭон. Иара икалам иҵыҵыз аповестқәеи ажабжь шьахәқәеи иԥхьагылоу урыстәылатәи ажурналқәа: «Наш современник», «Смена», «Свет», иара убас есымчыбжьа иҭыҵуаз «Литературная Россия» адаҟьақәа ирнылон.
Иаанкылоуп Гагра ақалақь аҿы аӷьычра ҟазҵаз ҩыџьа ауаа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы апарк-отель «Амра» аҵакыраҿы иҟоу аресторан «Пирс» аҟынтәи аӷьычра ҟазҵаз аадырԥшит.
Зхаҭара шьақәыргыламыз џьоукы иаҿаз апластик иалху ашә ҿыхны аресторан «Пирс» азал аҿы инеины, уаҟа игылаз акассатә аппарат аиашьықь иҭаз 300 000 мааҭ ҭыганы иргеит.
Жәҩык Аԥснытәи ашколхәыҷқәа «Артек» ахь амҩа иқәлеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ақалақьқәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда, иара убас Гиачрыԥшь ақыҭантәи жәҩык аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи алагерь «Артек» ахь амҩа иқәлеит.
Нестор Ажьиба, Ерик Каракеиан, Лаура Михаиленко, Владимир Соколов, Сергеи Стефаниди, Санта Смыри Ева Ҳагбеи Жәларбжьаратәи аконкурс «Люди Артека» аҿы аиааира ргеит, Алеқсеи Ураеви Асҭамыр Ҳагбеи – Жәларбжьаратәи атрек «Большая Перемена» аҿы аиааира ргеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Аурыс Ҩны.
Дамеи Аҩӡба Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Иара Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа ахатәы еилазаара аҿаԥхьа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Дамеи Аҩӡба идгалара мҩаԥигеит.
Анапхгаҩы ҿыц идгалара мҩаԥго, Роберт Киут амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аганахьала анорма-зинтә еиҿкаара аҭышәынтәалареи амашьынарныҟәцаҩцәеи ашьаҟауааи рыбжьара амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара азы апропаганда амҩаԥгареи, иара убас амаҵзуратә усура аиӷьтәразы ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа ралагалареи иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Абри зегьы азы акадртә еиҭакрақәа аҭахны иҟалеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ақалақьтә парк аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа ирыцҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ақалақьтә парк аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа ирыцҵоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа актәи аетап аҿы ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ирчаԥеит, арлашаратәии ариаҵәаратәи аусурақәа нарыгӡеит, имаҷу архитектуратә формақәа шьақәдыргылеит. Уажәы аӡыршә аргылара, иара убас ахәыҷтәы каҳуажәырҭеи ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыԥсшьара азы иазоужьу аҭыԥқәа реиқәыршәазаареи иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит.
«Аӡыршә ахьыргылахо аплошьадка алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Аибашьра ҟалаанӡа араҟа иазԥхьагәарҭахьан аӡыршә аргылара, уимоу, аргыларатә усурақәагьы ирылагахьан. Аамҭа цацыԥхьаӡа уи ауасхыр еиҳа-еиҳа аилыбгара иалагеит, убри аҟнытә иҿыцу аобиект аргыларазы аӡбамҭагьы рыдыркылеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.
73-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Хада Витали Шариа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 73-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Хада, Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи алахәыла, апрозаик, апублицист Витали Валериан-иԥа Шариа.
Витали Шариа диит ԥхынҷкәынмза 26, 1951 шықәса рзы Смоленск ақалақь аҿы. 1974 шықәсазы далгеит Белоруссиатәи аҳәынҭқарратә Унверситет ажурналистика афакультет.
1975 шықәса инаркны Аԥсны аус иуан – агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс, аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. 1984 шықәсазы аамҭаказ - Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны алитературатә абжьгаҩс. 1991 шықәса цәыббрамза инаркны агазеҭ «Республика Абхазия» аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронт ажурналистс дыҟан.
Витали Шариа инапы иҵыҵыз аматериалқәа Аԥсны апериодикатә кьыԥхь аҿы мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы Асовет Еидгыла, анаҩс Урыстәыла апериодикатә кьыхь: ажурналақәа «Наш современник», «Юность», «Смена», «Свет», агазеҭқәа «Комсомольская правда», «Правда», «Известия», «Литературная газета», «Независимая газета», уҳәа рҿы ирнылон.
Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Какуев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ачымазаара бааԥсы иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Ареспублика Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Леонид-иԥа Какуев иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
А. Л. Какуев Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь далхын. Уи ианакузаалакгьы активра злаз ауаажәларратәии аполитикатәи усзуҩны дыҟан. Иара хьаҳәхьачарада иаарԥшуаз итәылауаҩратә позициеи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра аидеиа гәыкԥсыкала изнеишьеи ирыбзораны иуаажәлар рыҩныҵҟа акыр аҳаҭыри апатуи ирҳаит.








