Аԥснытәи аделегациа иара убас иаҭааит апартиа «Ауаа ҿыцқәа» аҟынтәи Аҳәынҭқарратә Дума адепутатс иҟоу Владислав Даванков иалхраԥхьатәи аштаб. Араҟа аԥснытәи аделегациаеи ауаажәларратә дгылара аштаб ахантәаҩы, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Сардана Авксентиевеи ауаажәларратә дгылара аштаб ацхантәаҩы Станислав Дружинини апартиа «Ауаа ҿыцқәа» Москватәи аҟәша анапхгаҩы Евгени Исакоми реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппаат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа иҟаиҵо адыррақәа рыла, Аԥсны Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анапшыҩцәа рделегациа алхраԥхьатәи аштабқәа русура, алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеонаԥшра асистема, Урыстәыла алхрақәа рҿы анаԥшыҩцәа русура апринципқәа, уҳәа ртәы еилыркааит.
Аԥснытәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа реиҿкаара ахәшьара ҳаракы арҭеит.
Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рымҩаԥысра ауаажәларратә хылаԥшра азы УА Ауаажәларратә Палата Аҭагылазаашьатә Центр иаҭааит.