17.Хәажәкыр.2024
Лаша Ашәба: «Ари абжьыҭира Урыстәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазкуп, Аԥсны аԥеиԥш иадҳәалоуп».
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиаҳабы Лаша Ашәба аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ Nº 8003 аҿы ибжьы иҭиит.
«Ари абжьыҭира Урыстәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазкуп, Аԥсны аԥеиԥш иадҳәалоуп». Агәра ганы сыҟоуп алхрақәа ибзианы ишымҩаԥысуа. Аԥсны жәлари Урыстәыла ажәлари ирзеиӷьасшьоит аганқәа зегьы рыла аиааирақәеи аихьӡарақәеи – иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараҿы еиԥш, аҭынч ԥсҭазаара иадҳәалоу акциақәеи аусмҩаԥгатәқәеи зегьы рҿы», - ҳәа ибжьы анаиҭа ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Лаша Ашәба.