Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа Москва инеит Урыстәыла Ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рахылаԥшразы. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиа – аделегациа анапхгаҩы, Ахра Ԥачлиа, Бадрик Ԥлиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа алахәцәа алхратә кампаниа амҩаԥысшьа жәларбжьаратәи ахылаԥшраҟны иалахәхоит УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини иҟарҵаз ааԥхьарала.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Москва ианнеи УА Алхратә комиссиа хадаҟны атәымтәылауаҩратә акредитациа рыҭан.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟнытә атәымтәылатә анаԥшыҩцәа алхратә комиссиа аусура, алхырҭатә ҭыԥқәа рбараны иҟоуп, иара убас жәларбжьаратәи ахылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны азин рымоуп егьырҭ акандидатцәеи зыгәрагоу урҭ рхаҿқәеи, аполитикатә партиақәа рзинмч змоу ахаҭарнакцәеи, алхыҩцәа ргәыԥқәеи ирԥылар.
«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы» Афедералтә закәан инақәыршәаны, атәымтәылатә анаԥшҩы азин имоуп Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҵакыра зегьы аҟны иусура амҩаԥгара.
Иазгәаҳҭаԥ, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ҩынтәуп Урыстәыла Ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы жәларбжьаратәи ахылаԥшра иалахәхоижьҭои, аԥышәагьы амоуп даҽа ҳәынҭқаррақәак рҿы имҩаԥысуа алхрақәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыҟны жәларбжьаратәи ахылаԥшра аҽалархәраҿы.
Алхрақәа мҩаԥысуеит 2024 шықәса хәажәкырамза 17 рзы. Ахада имаҵурахьы алхрақәа рыҟны иқәгылоуп: аус зуа УА Ахада Владимир Путин, (ахалақәыргылара), Владислав Даванков (апартиа «Ауаа ҿыцқәа»), Леонид Слуцки (ЛДПР), Николаи Харитонов (КПРФ). Алхрақәа мҩаԥыслоит хымш рыҩныҵҟа хәажәкырамза 15 инаркны 17-нӡа.